pressadmin-2
6,4 млрд. мааҭ ашәахтә шәатәқәа 2024 шықәсазы Аԥсны абиуџьет иалагалан.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәсазы Аԥсны абикуџьет иалагалаз ашәахтә шәатәқәа реицҵалыҵ 6 млрд. 421 млн. 466,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, убри аан планла иазԥхьагәаҭан 5 млрд. 722 млн. 814,9 нызықь мааҭ. Анагӡара 112% рҟынӡа инаӡоит.
Ашәахтә шәатәқәа ралагалара араионқәа рҿы 2024 шықәсазы абас ала ишьақәгылеит:
– Аҟәа ақалақь аҿы – планла иазԥхьагәаҭаз 2 млрд. 730 млн. 027,5 нызықь мааҭ аан, иалагалахеит 3 млрд. 051 млн. 417,9 нызықь мааҭ, мамзаргьы, даҽакала иуҳәозар - 112%.
– Гагра араион аҿы – планла иазԥхьагәаҭаз 1 млрд. 826 млн. 376,7 нызықь мааҭ аан, иалагалахеит 1 млрд. 893 млн. 602,1 нызықь мааҭ, мамзаргьы, даҽакала иуҳәозар - 104%.
Гал ажьырныҳәамза 5 рзы иҭахаз хә-ҩык ахәыҷқәа ргәалашәаразы акциа мҩаԥысит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гал ақалақь аҿы ажьырныҳәамза 5 рзы Папанырхәа ақыҭан иҟалаз абылра иахҟьаны иҭахаз хә-ҩык ахәыҷқәа ргәалашәаразы акциа мҩаԥысит.
Акциа рхы аладырхәит Галтәи абжьаратәи ашкол №1 аҵаҩцәеи урҭ рҭаацәеи рырҵаҩцәеи.
Адгәыр Хәырхәмал – Аԥсны Ахадарахь ахәбатәи акандидат.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, ажьырныҳәамза 16 рзы имҩаԥысит Алхратә комиссиа Хада аилатәара.
Алхратә комиссиа Хада акоммерциатә Банк «Черноморский банк развития» ахантәаҩы Хәырхәмар Адгәыр Владимир-иԥа Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат иаҳасабала ишәҟәҭагалара мҩаԥнагеит.
284 административтә зинеилагарақәа аадырԥшит Аҳәынҭқарратә Автоинспекциа аусзуҩцәа.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә Автоинспекциа аусзуҩцәа амҩаҿы аныҟәара иадҳәалоу 284 административтә зинеилагарақәа аадырԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. Ф-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы ркын. Урҭ шықәсыбжак ҳәа амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа рымхуп.
Ареид ҷыдала аҳҭнықалақь Аҟәа алхны, ареспублика зегьы иахьҵанакуа имҩаԥысуан. Аусмҩаԥгатәқәа раан аҩныҵҟатәи аусқәа араионтә ҟәшақәа ркадртә еилазаара аротациа мҩаԥысуан.
Автоҳәынҭинспекциа аинспекторцәа ауааԥсыра рахь амҩатә ԥҟарақәа еиларымгаларц азы ааԥхьара ҟарҵоит, ирабжьыргоит ашәрҭадара амаҟақәа ныҟәыргаларц. Ари аԥҟара аиҳарак ахәыҷқәа рзы ихымԥадатәины иҟоуп. Ахәыҷқәа рыиагара ҟалоит уи азы ҷыдала иҟаҵоу атәарҭақәа рыла.
Аԥсны афымцамч азы ахәԥҵәақәа 2025 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны ирыцлеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны Аԥсны афымцамч азы ахәԥҵәақәа ирыцлеит ҳәа ажырра ҟаиҵеит Аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба.
Иҿыцу ахәԥҵәақәа абас ала ишьақәгылеит:
- Абзазаратә хықәкқәа рзы афымцамч зхы иазырхәо, х-фазак зызнеиуа хазхаҭалатәи ахаҿқәа шьҭарнахыс иршәалароуп – 2 мааҭки 20 коп.;
- Абзазаратә хықәкқәа рзы афымцамч зхы иазырхәо, фазак зызнеиуа хазхаҭалатәи ахаҿқәа шьҭарнахыс иршәалароуп – 1 мааҭки 70 коп.;
- Агәабзиарахьчареи аҵарадырреи русхкы иадҳәалоу икоммерциатәым аиҿкаарақәа – 2 мааҭки 20 коп.;
Аԥсны иҟоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмы змоу Анас Кьышьмариаԥҳаи Алхратә Комиссиа Хада ахантәаҩи ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Анас Кьышьмариаԥҳа ажьырныҳәамза 9 рзы Алхратә Комиссиа Хада ахантәаҩы, уаанӡа Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змаз Дмитри Маршьан диԥылеит.
Аиԥылараҿы ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа, акандидатцәа рышәҟәҭагалара апроцедура, иара убас алхыҩцәа рзинқәа рыхьчареи аилагарақәа раԥырҟәҟәаареи рганахь ала Алхратә комиссиа хадеи алхырҭатә ҭыԥхадақәеи араионтә комиссиақәеи русура аспектқәа, ирылацәажәеит.
Дмитри Маршьан Анас Кьышьмариа, хаҭала иара, Акомиссиа Хада ахантәаҩы иаҳасабала, иара убас Акомиссиа аилазаареи аппарати русура аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи Аконституциа рыла иҳәаақәҵахоит ҳәа агәра лиргеит.
«Шәара шусдырра, шәԥышәа, шәҭакԥхықәра Алхратә Комиссиа Хада имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа иахәҭоу аҩаӡара аҿы, ареспублика азакәанԥҵара инақәыршәаны аиҿкаареи амҩаԥгареи шалнаршо азы аӡәгьы агәыҩбара изцәырнагом», – ҳәа иазгәалҭеит аомбудсмен.
Ажьырныҳәамза 1 инаркны Аԥсныҟа атауарқәа ралагалара азы аҳазалхратә баџь иҿыцу ақәҵақәа шьақәырӷәӷәоуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 24, 2014 шықәса рзы знапаҵыҩра мҩаԥысыз Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә еидгылареи рзы Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 11, ахәҭа 1 инақәыршәаны, Аԥсны иарбоу Аиқәшаҳаҭра азакәанмчы аиура инаркны хы-шықәса иахымгакәа аҳазалхратә ус аганахьала азакәанԥҵара Евразиатәи аекономикатә Еидгылара (ЕАЭС) актқәеи Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵареи рышьашәалара алыршаразы аҭакԥхықәра ахахьы иагеит.
Азакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма хацыркын 2021 шықәсазы, уи иара убас аҳазалхратә ус аҿы – Аҳазалхратә Закәанеидкыла аиқәыршәара, аҳазалхра-тарифтә политика аиҭакра, уҳәа реиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәак ахԥхьагәанаҭон.
Аԥсны Супер Лига иҳаҩсыз асезон аихшьаалақәа рыла Аԥсны иреиӷьу ашьапылампыласыҩцәа алкаахеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа Аԥсны Супер Лига иҳаҩсыз асезон аихшьаалақәа рыла Аԥсны иреиӷьу ашьапылампыласыҩцәа рыхьӡқәа алнакааит.
Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы иҟанаҵо адыррақәа рыла, иреиӷьу амбахьчаҩ ҳәа далкаахеит очамчыратәи акоманда «Ерцахә» аголкипер Леон Кәытелиа, иреиӷьу ахьчаҩ ҳәа далкаахеит аҟәатәи акоманда «Нарҭ» ахәмарҩы Алиас Асланӡиа, иреиӷьу абжахьчаҩ – акоманда «Нарҭ» ахәмарҩы Наур Ҵнариа, акоманда «Нарҭ» даҽа ахәмарҩык Емир Џьопуа иреиӷьу ажәылаҩыси иреиӷьу асезон ахәмарҩы қәыԥши ҳәа далкаахеит.
Аҟәа ақалақь Ахадара ахьӡала ҳазҭалаз ашықәс ҿыц азы раԥхьа ииз ақалақь ауаҩԥсы 100 нызықь мааҭ рзы асертификат ианашьахеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭалаз 2025-тәи ашықәс ҿыц азы раԥхьа ииз ақалақь ауаҩԥсы – Алиса Инаԥшьбеи Гәыдиса Ҵкәуеи рҭаацәараҿы ииз аҷкәын иоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.
Уи ҽынла, ажьырныҳәамза 4 рзы диит. Иара икапануеит 4 кьылаки 100 грамми, иоура - 53 сантиметр рҟынӡа инаӡоит. Ахәыҷы иаб Шамиль ҳәа ахьӡ изалихит.
2025-тәи ашықәс ҿыц азы раԥхьа ииз Аҟәа ауаҩԥсы хәыҷы Аҟәа ақалақь Ахадара аҟынтәи 100 нызықь мааҭ рзы асертификат ианашьахеит.
Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба ихьӡала асаби иан длыдныҳәалеит аҳамҭагьы ланеишьеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе.
Аминистрцәа реилазаара акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа рхархәара азинҟамҵара аҿҳәара ажьырныҳәамза 1, 2027 шықәсанӡа инахеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы акриптовалиута арҳара иадҳәалоу анапхгаратә қәҵарақәа ҩба аиҭакрақәа аларгалеит.
Ԥхынҷкәынмза 8, 2020 шықәсазы ирыдыркылаз «Афымцамч ахархәареи акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа атәыла ралагалареи рзы аԥкрақәа рышьақәыргыларазы» Ақәҵара №137 инақәыршәаны, азинҟамҵара аҿҳәара 2026 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа инахахоит.
Аиҭакрақәа алагалоуп иара убас 2022 шықәса ԥхынҷкәынмза 27 рзы ирыдыркылаз «Акриптовалиута арҳара азы аусура аҭышәынтәалара иазку ауснагӡатәқәа рзы» Ақәҵара. Аминистрцәа Реилазаара аӡбарала, ақәҵара амчра аиура аамҭа 2027 шықәса ԥхынҷкәынмза 1 аҟынӡа иацҵоуп.








