pressadmin-2
Азинхьчаратә усбарҭақәа алхрақәа рымҩаԥгара амш аҽны алхырҭатә ҭыԥқәа рыхьчара еиҿыркаауеит.
Аҟәа. Жәабранмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Алхратә комиссиа Хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи апрокуратура Хадеи рахь «Ареспублика Аԥсны Ахада иалхра азы» Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 15 инақәыршәаны, алхратә кампаниа амҩаԥгара аамҭа зегьы иалагӡаны, иара убас жәабранмза 15, 2025 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раан Ареспублика Аԥсны аӡбарҭақәеи апрокуратура аусбарҭақәеи русура аиҿкааразы аҳәара ҟанаҵеит.
Валери Бганба амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Жәабранмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аилатәара иалахәыз ирылацәажәеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы» Азакәан ақәныҟәара ахылаԥшра.
Амимоза раԥхьатәи апартиақәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргеит.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы амимоза асезон алагеит. 2025 шықәсазы раԥхьатәи «ашәҭқәа рпартиақәа» рзы адекларациақәа аларгалеит ҳазҭалаз ашықәс, ажьырныҳәамза анҵәамҭазы 600 кьыла инарзынаԥшуа амимоза, мамзаргьы араӡнытә қәыҵла (акациа) ҳәа изышьҭоу аҵиаа ахкы азы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университети Москватәи Аҳәынҭқарратә Университети анаукатә експедициа еицымҩаԥыргоит.
Аҟәа. Жәабранмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ламоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет анаукеи аҵарадырреи Рцентр аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥысуеит ҳаамҭазтәи аԥсабаратә процессқәа рыҭҵаара, аклимат аҽаԥсахра ахҟьаԥҟьақәа ахәшьара рыҭара, арекреациатә инфраструктура аҽарҭбаара апотенциал анализ азура, уҳәа иазку анаукатә конференциа, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААУ а-телеграмм канал.
ААУ агеографиеи атуризми рфакультет Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет хә-факультет арҵаҩцәеи аҵарауааи рыцырхырааны амшынтәии аӡиастәи аҟәарақәа рықәыӡәӡәаара, аӡхыҵрақәа, адгьылҳәазарақәа, аӡымҭҟьар алеира, уҳәа аԥсабаратә цәырҵрақәа рыҭҵаара мҩаԥнагоит.
Ауаажәларратә Палата аҩынтәраан абжьыҭиразы абиуллетень аҟынтәи «Акандидатцәа зегьы рҿагылара» иазку ацәаҳәа алгаразы ажәалагала ҟанаҵоит.
Аҟәа. Жәабранмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Ареспублика Аԥсны Ауааажәларратә Палата атәыла аҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа инарымаданы ишьақәгылаз имариам, аибарххара зныԥшуа ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа инамаданы агәҭынчымра аарԥшуа, Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы аҩынтәраан абжьыҭира алҵшәақәа рыҟаҵара ҳәаақәызҵо «Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы» Ареспублика Аԥсны Аконституциатә Закәан ахәҭаҷ 19 аилкаара аҵакызаҵәрадара, анаҩс ауаажәларра рыбжьара еиҳагьы аибарххара цәырнагар алшоит ҳәа агәаанагара аанарԥшуеит». Абри атәы аҳәоит Ауаажәларратә Палата алахәылацәа Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы иахь иҟарҵаз ааԥхьара аҿы.
Уаанӡа имҩаԥгаз алхрақәа рҟынтәи, аиҭабжьыҭира аан «Акандидатцәа зегьы рҿагылара» атәы зҳәоз ацәаҳәа зныз абиуллитеньқәа рхархәара инамаданы хра злам аԥышәа аиҭаҟалара алмыршара азы, Ареспублика Аԥсны Ауаажәларратә Палата Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы аконституциатә закәан ахәҭаҷқәа 16, 19 абарҭ аиҭакрақәа ралагалара азы ажәалагала ҟанаҵоит:
- аҩынтәраан абжьыҭиразы абиуллетень аҟынтәи «Акандидатцәа зегьы рҿагылара» иазку ацәаҳәа алгара.
Аҟәа ақалақь аҿы афымцатә ҳақәа закәаншьаҭада аҽрыԥшьра аҿагыларзы аоперативтә штаб аԥҵоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Алхас Лагәлаа «Аҟәа ақалақь аҿы Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» иаҵанакуа афымцатә ҳақәа закәаншьаҭада аҽрыԥшьра аҿагыларзы аоперативтә штаб аԥҵаразы ақәҵара» инапы аҵаиҩит.
Аоперативтә штаб анапхгаҩыс дҟаҵоуп – Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.
Лаша Ашәба Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатцәа жәабран 15 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу атәыла Ахада иалхрақәа рҿы анаԥшыҩцәас иҟаларц азы ааԥхьара риҭеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 14 рзы Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы аусуратә еиԥыдара мҩаԥысит. Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Александр Коршунов Приднестровие иҟоу азинмчы змоу Аԥсны ахаҭарнак Александр Ватаман дидикылеит.
Аиԥылара атема хаданы иҟалеит жәабранмза 15, 2025 шықәса рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа. Александр Ватаман Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ихьӡала Александр Коршунов ааԥхьара ииҭеит жәабран 15 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу атәыла Ахада иалхрақәа рҿы анаԥшҩыс дҟаларцаз.
Акаҳуажәырҭа «Бисквит» аҟны ахысра ҟазҵаз Аслан Дочиа аӡбарҭа аҭакра иқәнаҵеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныресс. Аҟәатәи акаҳуажәырҭа «Бисквит» аҟны хҩык ауаа иреихсны изшьыз Аслан Дочиа аӡбарҭа аҭакра иқәнаҵеит.
Апрокуратура Хада иҟанаҵо адыррақәа рыла, ажьырныҳәамза 11, 2025 шықәса, 13 сааҭи 50 минуҭи инарзынаԥшуа, Дочиа Аслан Виачеслав-иԥа Кәыҵниа Лашарела Заур-иԥеи Жьиба Ешсоу Даҭикәа-иԥеи дрыцны акаҳуажәырҭа «Бисквит» хазы ауадаҿы дшыҟаз, ирыбжьалаз аимак-аиҿак иахҟьаны, изакәанымкәа иныҟәигоз абџьар «Glock» ала бжьынтә иреиҵамкәа дреихсит. Куҵниа Лашарелеи Жьиба Ешсоуи ироуз ахәрақәа ирыхҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит.
Ажьырныҳәамза 13-14 ауха Аԥсны адунеи аԥҵара Амш азгәарҭоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәа, мамзаргьы Адунеи ацәырҵра Амш – аԥсуаа рҿы традициала жәытә-натә аахыс ишьақәгылахьоу аныҳәақәа иреиуоуп. Уи ажьырныҳамза 13- 14 ауха ауп ианазгәарҭо.
Зқьышықәса уажәаԥхьа аԥсуаа зыгәра ргоз рынцәахәқәа дыруаӡәкуп Шьашәы. Аԥсуаа ажәытәан ишхарҵоз ала, Шьашәы ажьирақәеи ажьицәеи рынцәахәы иакәын. Убри аҟнытә дара
ажьира анцәахәы Шьашәы иҳәон дрыцхраарц азы. Ажьира – жәытә-натә аахыс аԥсуаа рҿы иԥшьоу ҭыԥны иԥхьаӡоуп, ажәытәын уи ҩнаҭацыԥхьаӡа игылан, араҟа аныҳәарақәа ҟарҵон, иара убас ажьаҳәа, аԥсынгьери, арыҭәа уҳәа рнапы ақәҵаны аҭоубагьы шьҭарҵон. Ажәытәӡан аԥсуаа ажьира ажәҩанмца амацәыс иахәҭакны ирыԥхьаӡон. Амацәыси ажьиреи амагиатә еимадара рыман, уи ауааи иреиҳаӡоу амчқәеи рыбжьаҟаза аҳасабала иахәаԥшуан.
Ажьырныҳәа аҽны аҭаацәа зегьы еизоит, ашьтәа ршьуеит, ажьира иадгыланы иныҳәоит.
Ашьыжь шаанӡа аҭаацәа рҿы еиҳабу ашҭа дықәланы наунагӡа аԥсҭазаара символра азызуа ашәшьи ажәла аизҳазыӷьара иазку араса махәқәеи еизганы аҩны - агәара иахьиигӡоит. Анаҩс ахәыҷқәа ахьыцәо ауада дааҩналаны аԥараҿырпи аџьықәреи арыцқәеи араса амахәқәеи ҩнеиԥсоит. Уи Зегь Зымчу иахь аҭаацәа реизҳазыӷьара азы аҳәара символра ауеит. Убри аан иара иҳәоит: «Ахьи араӡны ҷах-ҷах».
Раԥхьатәи ажәақәа ҩба иаанагоит «ахьы», «араӡны», «ҷах-ҷах»- иаанаго аиха абжьы ауп. Уи абжьы анго ахәыҷқәа ирдыруеит урҭ аҳамҭақәа рыҭаразы ишааиуа, ахаамыхаақәа шроуа.
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа зегьы рзы еиԥшу аинформациатә лшарақәа аԥҵазарц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа инарымаданы ааԥхьара ҟанаҵеит.
Ареспублика Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг инапы зҵаиҩыз ааԥхьара атекст, ахәҭакахьала иаҳәоит:
«Ҳаҭыр зқәу ажурналистцәа, амассатә информациа ахархәагақәа рнапхгаҩцәа!
Ҳтәылаҿы ауаажәларратәии аполитикатәи активра цәырызго акыр зҵазкуа аполитикатә процесс мҩаԥысуеит – Ареспублика Аԥсны Ахада иалхратә кампаниа.
Ари акампаниа ихадоу аетапқәа иреиуоуп амассатә информациа ахархәагақәа рҿы алхранӡатәи агитациа.
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәеи ажурналистцәеи русураҿы иҟоу алхратә закәанԥҵареи амассатә информациа ахархәагақәа рзы Азакәани ирықәныҟәаларц, апрофессионалтә етика анормақәа нарыгӡаларц, Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа зегьы рзы еиҟароу аинформациатә ҭагылазаашьақәа аԥырҵаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.








