pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза  8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Ацитустә шәырқәа рыҟалареи реизгара аамҭахәҭеи аламҭалазы атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ  Вараздат Миносиани ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи Гәылрыԥшь раион аҿы иҟоу ашәыруҭраҭыхтә шьҭаҵарҭа иаҭааит.

Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Цәыббрамза 6-7 рзы Аԥсны атуристтә центрны иҟоу Гагра ақалақь аҿы имҩаԥысуеит VI Жәларбжьаратәи атуристтә форуми Visit Apsny, III иҷыдалкаатәу ацәыргақәҵеи Apsny horeca.

Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа ҩымш рыҩныҵҟа Ахақәиҭра Ашҭаҿы аилазаара «Гаруда-Экспресс» амашьынарныҟәцаҩцәа аусура иҭымҵкәа амигрантцәа аус ахьыруа азы агәынамӡара аадырԥшуеит. Урҭ ауаа рҟынтәи аҿаҵарақәа рыдкылара мап ацәыркит, амигрантцәа атаксиныҟәцаҩцәас аус рымуроуп ҳәа адҵа ықәдыргылеит, избанзар урҭ дара рԥарарҳара иаԥырхагоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 07, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иусԥҟала Гьаргь Гәлиа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, ҳаҭыр зқәу Аԥсны атәылауаҩ Константин Затулин иира Амш инамаданы ҭелла дидныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа.  Цәыббрамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа, Лакоба имҩаҟны иҟоу Сергеи Кириенко иҩны ҳамҭас иаҭахоит Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлартә инструментқәа роркестр.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы иҟоу Аминистрцәа Рсовет ахыбра аиҭарҿыцра иазку апроект азы аицлабра рылаҳәахоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба нанҳәамза 27, 2025 шықәсазы аминистрцәа Реилазаара иаиҭаз анапынҵақәа рынагӡаразы, аԥыза-министр Владимир Делба цәыббрамза 2, 2025 шықәса рзы ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Аусшәҟәы аекономика, асоциалтә усхкы, агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аҿартә политика, иара убас ауаажәларратә шәарҭадара аиқәыршәареи иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчареи рзы ауснагӡатәқәа ркомплекс арбахоит.

Аекономикеи аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи

Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы жьҭаарамза 31, 2025 шықәса иахымгакәа:

 а) аҳәынҭқарратә мазара, аамҭала ирымпыҵаку, мамзаргьы ахԥатәи ахаҿқәа рхархәараҿы иҟоу уахь иналаҵаны, ахархәара аеффективра ашьҭыхразы ажәалагалақәа реиқәыршәара алыршазароуп;

б) «Ареспублика Аԥсны астратегиатә обиектқәа рзы» Ареспублика Аԥсны Азакәан анагӡара алзыршо азакәан иацу анорма-зинтә актқәа рыпроектқәа еиқәыршәаны ахәаԥшразы аминистрцәа Реилазаара ахь инашьҭызароуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа Аминистрра аӡбаратә нагӡаҩцәа рмаҵзура иҷыдоу аҟәшеиҵақәеи ирласны азхьаԥшра агәыԥқәеи, Урыстәылатәи Афедерациа аӡбаратә қәҵарақәа рынагӡара аиҿкааҩцәа рмаҵзуреи Аахыҵ Уаԥстәыла Аиустициа Аминистрра аӡбаратә қәҵарақәа рынагӡара аиҿкааҩцәа рмаҵзуреи I Жәларбжьаратәи рҽазыҟаҵарақәа Аԥсны, цәыббрамза  4 - 7 рзы имҩаԥысуеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аиустициа Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥнагоит Аԥсны аиустициа Аминистрра. Урҭ ажәлар рԥыза атәыла Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба  (1945 - 2010 шш.) игәалашәара иазкуп.

Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы хада – аусеицура арӷәӷәареи иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан иаку азнеишьа ашьақәыргылареи. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит аԥышәеимадара, атактикатә зыҟаҵара аиӷьтәра, акомандатә ҳәоуеиқәшәареи абжьааԥнытәи амаҵзура еиԥшым аҭагылазаашьақәа раан аусеицуратә лшареи рыҩаӡара ашьҭыхра.

Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 3 рзы ироуз аоперативтә дырра ахархәарала Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәеи Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи Аҟәа ақалақь, Наӡаӡе лымҩа, аҩны № 1 аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргеит. Аҩны аԥшәымас дамоуп Инга Гаделиаԥҳа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.