pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны аҳәынҭқарратә статистика аусхкы аҿы аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭа хада – Аҳәынҭқарратә статистика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахь астатистикатә згәаҭарақәа рынашьҭра зыхәҭоу аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рсиа шьақәнарӷәӷәеит.

Атәыла Анапхгара алахәылацәа иара убас ареспублика аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рнапхгаратә (аусхкытә) статистикатә згәаҭарақәа Аҳәынстандарт ахь рынашьҭра аԥҟара шьақәдырӷәӷәеит.  

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара 2025 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы Аиндикативтә план шьақәнарӷәӷәеит.

Убас, атауарқәа рҭыжьра рымҽхаки, аусурақәеи амаҵзурақәеи рымҽхаки 2025 шықәсазы иартәоит 196 миллиард 283 млн. 984,7 нызықь мааҭ. Убри аан 11 миллиарди 591 млн.  914 нызықь мааҭ ақыҭанхамҩа иазырхахоит, 59 миллиард 351 млн. 000 нызықь мааҭ – адәныҟаекономикатә усура.

Иҟоу азгәаҭарақәа рыла, 2025 шықәсазы ақыҭанхамҩа аалхны ааглыхреи адәныҟа-економикатә усура арбагақәеи идыртәоит 125 млрд. 341 млн. 070,3 нызықь мааҭ. Уи 2024 шықәсазы иазԥхьагәаҭаз аиԥш-зеиԥшу арбагақәа раасҭа 34,4% рыла еиҳауп,  2023 шықәсазы фактла иҟаз арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшазар – 30,2% рыла еиҳауп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса актәи азыбжазы зықәра наӡам рыла иҟаҵаз ацәгьоурақәа хԥа ашәҟәы иҭагалоуп, ҳәа 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит Апрокуратура Хада Аӡбаратә Усбарҭа аиҳабы, атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба. 

Ацәгьоурақәа ҩба Аҟәа ақалақь аҿы иҟалеит, акы – Гәдоуҭа араион аҿы. Цәгьоурак гәыԥҩык алархәны иҟалеит.

2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы 19 цәгьоура ҟалеит, урҭ рахьынтә 10 – зықәра наӡам рыла иҟалеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭа иҟанаҵо адыррақәа рыла, ашәҟәы иҭагалоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара 12 рҟынӡа инаӡоит, урҭ рҿы зықәра наӡам ааха роуит. Урҭ рахьынтә ԥшьҩык амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс аҿы ааха роуит.

Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аҟынтәи иҟоу адыррақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс фымз рыҩныҵҟа Ареспублика Аԥсны административтә закәанԥҵара анормақәа реилагара азы административтә ҭакԥхықәра иақәыршәан хҩык зықәра наӡам атәылауаа. 

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 1 азы, апроект «Урыстәылеи Аԥсни реимадаратә акультуратә усмҩаԥгатәқәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Р.Гәыба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асцена аҿы, Ерик Сапаев ихьӡ зху Мариитәи аҳәынҭқарратә академиатә аопереи абалети ртеатр аспектакль «Ромеои Џьулиеттеи» ахәаԥшра мҩаԥгахоит.  

Атеатр асахьаркыратә напхгаҩы, абалетмеистр Константин Иванови асахьаҭыхҩы Борис Голодницкии еицны абалет рхатәы версиа аԥырҵеит. Дара зегьы еицырдыруа аҭоурых иҿыцу аганахьала адгалара мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭан иҟоу абылрацәыхьчара-еиқәырхаратә Ԥыԥшырҭа ахатәы еилазаара рԥылараҿы Лев Кәыҵниа  изаамҭанытәиу аусқәа рцашьеи иҟоу аҭагылазаашьеи рзы адырра ирҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

«Ақыҭа агеографиатә ҭагылазаашьеи, уи иадҳәаланы иҷыдоу аҭагылазаашьақәа  аоперативра рызхьаԥшра аганахьала иҟоу аҷыдарақәеи ҳасаб азуны, Лев Кәыҵниа  Ԥсҳәытәи абылрацәыхьчара-еиқәырхаратә Ԥыԥшырҭа аҿы амедицинатә маҵзура аҩаӡара ашьҭыхра азы аӡбамҭа идикылеит», – ҳәа иазгәаҭоуп ацҳамҭа аҿы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион аҿы иажәыз абзазартә црыҵқәа рҭаԥсарҭақәа иҿыцу рыла аԥсахра мҩаԥысуеит.  Раԥхьатәи аетап аҿы иаахәан ҳаамҭа иақәшәо 40 цыра кубометрак зҭагӡо, иара убас  10 цырак аа-кубометрак зҭагӡо аконтеинерқәа.  Иҿыцу агәамҭрақәа раахәара хымԥадатәны иҟалеит аргыларатә маҭәахәқәеи аргыларатә гәам-сами иахьаарықәшәаз акажьра иахьалагаз инамаданы.

Шәагаала идуу, иаарту агәамҭаԥсарҭақәа иара убас арахә аднаԥхьалоит, урҭ ацрыҵқәа ԥсаҟьаны икарыԥсоит. Иҿыцу агәамҭаԥсарҭақәа ахҩақәа рымоуп. Ҳақәгәыӷуеит, урҭ рышьақәыргылара ашьҭахь ас еиԥш иҟоу апроблемақәа ҟалаӡом ҳәа.  Иаҭаххоны иҟалар иргылахоит ахыб змоу аконтеинерқәа рзы аплошьадкақәа. Кубометрак иҟоу аконтеинерқәа ажәытәқәа рмыцхәрас еиԥш, иҿыцу аҭыԥқәа рыҿгьы ишьақәыргылахоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар дидикылеит. 

Аиԥылара аҿы уаанӡа аргыларазы азин ахьыҟамыз аҵакырақәа рҿы аобиектқәа рыргылара алыршара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.  

Аиԥылара аҿы аҵыхәтәантәи аамҭа азы Аԥсны араионқәа рҟынтәи аминистрцәа Реилазаара ашҟа уи азы иазԥхьагәаҭам аҭыԥқәа, ахәҭакахьала Мысратәи ахәадара аҵакыраҿы, атәылауаа адгьылхәҭақәа рзоужьра азы азинҭаратә усшәҟәқәа нарышьуа иалагеит ҳәа иазгәаҭан.

Алеқсандр Анқәаб, Мысратәи ахәадақәа – ари Амшын Еиқәа аԥшаҳәа аҿы иҟоу ауникалра злоу цәырҵроуп, уи иадҳәаланы уаҟа инарыгӡало аусқәа зегьы  хымԥада аекологцәа рақәыршаҳаҭрала имҩаԥысуазароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба апрокуратура аусбарҭақәа русзуҩцәа рахь  азакәанреи азинеиҿкаареи рырӷәӷәара азы аусура дырӷәӷәарц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.

2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы иқәгылара иара иҵоуроу аинформациа ала  далагеит.

«Уамеигәырӷьар залшом сынтәа ҳара ауаа рԥаара иадҳәалоу ацәгьоурақәа ахьҳамам, ареспублика аҿы аӷьычра иадҳәалоу афакт аарԥшӡам,  агәҭакы анагӡара иадҳәаланы ауаҩшьрақәа ыҟам. Абри ауп, сара сгәаанагарала алҵшәа бзиа аарԥшрагьы захьӡу.  Уи зыбзоуроу уажәы ҳалацәажәарым. Сара сгәаанагарала, зегьы рлагала алоуп ари аус, азинхьчаратә система зегьы, аха ҳхала ҳхы арҽхәара ҳалагарым уажәы», –  ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.

Убри аан иара апрокуратура аусбарҭақәа рызхьаԥшра зҭаху апроблемақәак дырзааҭгылеит.

Адгыр Агрба иколлегацәа, аиҳарак араионтә прокурорцәа, амҩақәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылара иазкны асура дырӷәӷәарц рабжьигеит.

«Сынтәа, 6 мыз рыҩныҵҟа  ҳамҩақәа рҿы амҩа-транспорттә машыртә хҭыс иахҟьаны иҳацәҭахеит 20-ҩык. Уи иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 8-ҩык рыла еиҵоуп. Аха ари хра злоу лҵшәоуп ҳәагьы узҳәаӡом.  Ԥхынгәымзазы, игәашәҭазар, аамҭа кьаҿ иалагӡаны ирацәаны ауаа ҭахеит. Амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа – авариақәеи егьырҭ амҩа-транспорттә хҭысқәеи ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭатәуп», – ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба. 

Иара араионтәи ақалақьтәи апрокурорцәа иааиԥмырҟьаӡакәа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахаҭарнакцәа, амҩақәа рҿы ашәарҭадаразы аҭакԥхықәра назыгӡо зегьы алархәны аилацәажәарақәа мҩаԥыргаларц адгалара ҟаиҵеит. 

«Ҳара иаабоит амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Уажәы Автоҳәынҭинспекциа анапхгараҭара аҽаԥсахит, иҿыцу аусура аметодқәа аларгалоит. Игәаҳҭап, уи иаанарԥшуа алҵшәақәа зеиԥшрахо. Аха сара исҭахын шәаргьы амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аԥсахра азы аусура активла шәхы алашәырхәырц. Ҳара зегьы ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны иарбоу ахырхарҭала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа арҽеира ҳҽазаҳшәароуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса актәи азыбжазы 324 шьаус хацыркны аусеиҿкаарахь ирыдыркылеит. Урҭ рахьынтә  221 шьаус (68,2%) хыркәшоуп. Абри азы адырра ҟаҵан 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы.

Аӡбарҭа ахь идәықәҵоуп 215 шьаус, ашьаусқәа 6 реилыргара аанкылоуп.

Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ихацыркын 330 шьаус, русеилыргара хыркәшахеит 235 шьаус, урҭ рахьынтә  227 шьаус аӡбарҭахь идәықәҵоуп.  

2024 шықәса актәи азыбжазы ихацыркыз ашьаусеилыргарақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи апрокуратура аусеилыргаҩцәа ирыдҵоуп 48, иҳаҩсыз 2023-тәи ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы – 58. Аусеилыргара хыркәшоуп  37 ашьусеилыргара. Урҭ рахьынтә 36 аӡбарҭахь идәықәҵоуп, 1 аусеилыргара аанкылоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса 6 мыз рыла азинхьчаратә усбарҭақәа  284 цәгьоура ашәҟәы иҭаргалеит, уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар,  38 рыла  еиҵоуп, ҳәа 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит Апрокуратура Хада Аӡбаратә Усбарҭа аиҳабы, атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.  

«Уи Аԥсны иахьаҵанакуа ашәҟәы иҭагалоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра азы иҳаҩсыз ашықәсқәа ртенденциа шыҟоу шақәнарӷәӷәоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Даур Амҷба. 

Ашәҟәы иҭагалоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара акыр агхара убаратәы иҟоуп Аҟәа ақалақь аҿы –  77 цәгьоура, убри аан 2023 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 115, Очамчыра араион аҿы – 18, убри аан 2023 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 28 цәгьоура.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.