pressadmin-2
Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит КВН иреиҳаӡоу алига ахәмарра, уаҟа еиԥылеит Аԥсни Урыстәылеи еизгоу ркомандақәа
Аԥыза-министр Владимир Делба аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра анапхгареи хаҭалатәи аилазаареи аусбарҭа аԥҵоижьҭеи 20 шықәса аҵра рыдиныҳәалеит
«Ҩажәа шықәса – ари ахамеигӡареи аџьабаа дуи зцу, шәзанааҭдырра ҳаракы аазырԥшуа ҳәаауп. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны зегь реиҳа иуадаҩу, ишәарҭоу аамҭақәа рзы еснагь ацхыраара шәазыхианы, узықәгәыӷша маҵзураны шәхы аашәырԥшит.
Рашәарамза 3 рзы Аԥсны имҩаԥысит аҭаҭар милаҭтә ныҳәа Сабантуи
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Ҭаҭарсҭан араис Русҭам Минниханови Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥысуаз аҭаҭартә ныҳәа Сабантуи рхы аладырхәит. Аиҿкааҩцәа асасцәа ҳамҭас ирырҭеит аныҳәа асимвол ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ареспублика Ҭаҭарсҭан араис Рустам Минниханов «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианашьоуп
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны усутә визитла иҟоу Ҭаҭарсҭан Ареспублика араис Рустам Минниханов диԥылеит.
Ҭаҭарсҭани ҳареи ҳаимадареи аиашьаратә жәлар иҟарҵо ацхыраареи даара ахә ҳаракны иршьоит аԥсуа жәлар
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны усутә визитла иҟоу Ареспублика Ҭаҭарсҭан араис Рустам Минниханов диԥылеит.
Аҟәатәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара Аԥсни Урыстәылеи реимадара арӷәӷәара арҵабыргуеит иҳәеит Сергеи Кириенко
«Аҳҭнықалақь аԥшаҳәа ауаа аднаԥхьалоит, уи аекономика аҿиаразы лагала дууп, аусурҭатә ҭыԥқәа аԥнаҵоит, абиуџьет ахашәалахәқәа еизҳауеит», – иҳәеит Кириенко.
Аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара, хымԥада, ҭоурыхтә хҭысуп иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба
«Аханатә иҟан акритикагьы агәыҩбарагьы, аха иахьа ҳара иаабоит алҵшәа. Зегьы ҟаҵоуп ишахәҭоу еиԥш хаҭабзиара ҳаракыла, шәышықәсала аҟалақьа ауааԥсыра аргәырӷьалартә еиԥш.
Башкортосҭан ацхыраара иабзоураны зыхәҭак еиҭашьақәыргылоу Диоскураа рыԥшаҳәаҿы аҭаӡҩыра шьақәдыргылеит
«Аҟәа ақалақь ауааԥсыра Ареспублика Башкортосҭан (Урыстәылатәи Афедерациа) аԥшаҳәа ахәҭа аиҭашьақәыргыларазы иҭабуп ҳәа рарҳәоит»,- аҳәоит аҭаӡҩыраҿы иану аҩыра.
Аԥсны аҳҭнықалақь Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы иаадыртит Нижни Новгород ахьӡала агәалашәаратә ҭаӡҩыра
Аартра ацеремониа иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Аԥшаҳәа аартра иазкыз аныҳәатә церемониеи «Аамҭа акапсула» ашьҭаҵареи мҩаԥысит Диоскураа рыԥшаҳәаҿы
Аԥшаҳәа аартра рнапы ианырҵеит Аҟәа ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа. Ахәыҷқәа аԥшаҳәа ианысит ԥшытәы рацәала еилоу апы́шҭақәеи, Аԥсны, Урыстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа рбираҟқәеи рыманы.








