pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  384 млн. мааҭ аҳазалхратә шәатәқәа цәыббрамзазы иахыԥхьаӡалахеит аҳәынҭқарратә биуџьет ахь. Аплантә рбагақәа 102% рыла инагӡоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылараан, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара 2026-2027 шықәсқәа рзтәи Аконсультациақәа рыплан рнапы аҵарҩит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҽыбӷаҟазаратә спорт азы ареспубликатә еицлабрақәа «Аҳәынҭқарра Ахада Ихраҿа» мҩаԥгахоит жьҭаарамза 4 рзы Бзыԥтәи аипподром аҿы. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмза 2025 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы рааԥхьареи ааԥхьара инақәыршәаны арратә маҵзура иахысуаз арратә маҵзураҟынтә рхы рақәиҭтәразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Азанааҭхырхарҭатә усмҩаԥгатә «Уаҵәтәи амш аԥхьагылаҩцәа, мамзаргьы ақәҿиарақәа уоурц азы иҟаҵатәузеи, дыррақәас иумазар ахәҭои» жьҭаарамза 2 – 3 рзы жәларбжьаратәи апроект «Урыстәылатәи анџьныртә школ» аҳәаақәа ирҭагӡаны Гал ақалақь аҿы иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра иаанартыз иназыцҵоу аҵарадырра Ацентр аҿы имҩаԥыслоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут 100-шықәса ахыҵра аламҭалазы атәыла анаукатә усбарҭа Хада даҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба. Уи аинститут аколлектив дырԥылеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Д. Гәлиа ихьӡ зху Агумаитартә ҭҵаарақәа рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Институт XII Аҭоурыхдырҩцәа-кавказҭҵааҩцәа жәларбжьаратәи рфорум «Кавказ ажәларқәа XVIII–XXI ашә.-қәа рзы: аҭоурых, аполитика, акультура» аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла аҭҵаара-дырратә центрқәа хәба аус рыцуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥнагеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои ҳаамҭазтәи ахәытәы хәмарырҭа ашҭа аартра иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын.

Аобиект ргыланы аҳҭнықалақь ҳамҭас ианаҭеит урыстәылатәи Атомтә енергиа иазку аҳәынҭқарратә корпорациа «Урысатом» асоциалтә аԥшьгарақәа рынагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны. 

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аҟәа Аҳабла ҿыц аҟны апарк хәыҷы комплексла аиҿкаара иазку аусурақәа рымҩаԥысшьа гәарҭеит. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсны даҭааит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа аҽрылархәразы.

Авизит аҳәаа иҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аԥхьаҟа иазгәаҭоу жәларбжьаратәи апроект «Аԥснытәи аҳәаа» ашҭа иахәаԥшны ирбеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.