pressadmin-2
«Амедиашкол 2025» аусура иалагеит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Абҵарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Москва Аҩны амедиашкол абҵарамза 13–14 рзы Аҟәа ақалақь аҿы аус аулоит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи ажурналистцәеи аблогерцәеи, иара убас ААУ астудентцәа ажурналистика аҿы ҳаамҭазтәи атенденциақәеи ацифратә медиақәеи ирызку алекциақәа ирзыӡырҩуеит, иара убас Урыстәыла иԥхьагылоу аспециалистцәа имҩаԥырго аҟазара-аклассқәа рхы аладырхәуеит. «Амедиашкол» аҿы аҵара рҵоит рзанааҭтә дырра аҩаӡарагьы шьҭырхуеит 30 - ҩык инарзынаԥшуа.
Дамеи Аҩӡба: «Амҩақәа рҿы ашәарҭадара — ари зегьы иаҳзеиԥшу ҭакԥхықәроуп».
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Амҩақәа рҿы ашәарҭадара – ари зегьы иаҳзеиԥшу ҭакԥхықәроуп, уи зегьы ирыцку ҳауаажәлар рыԥсҭазаареи ргәабзиареи иахьадҳәалоу ауп», - ҳәа иазгәеиҭоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Дамеи Аҩӡба:
Аԥсни Псковтәи аобласти рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Владимир Делбеи Михаил Ведерникови.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Псковтәи аобласт Анапхгареи Ареспублика Аԥсны Анапхгареи ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, асоциал-культуратә усхкқәа рҿы жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатәи аимадарақәа рыбжьаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапаҵыҩра мҩаԥыргеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Псковтәи аинформациатә Агентра. Аусшәҟәқәа рнапы аҵарҩит Псковтәи аобласт агубернатор Михаил Ведерникови Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи.
Аиԥылара аламҭалаз Михаил Ведерников аԥснытәи иколлегацәа Псковтәи аобласт аҿы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо аделегациа инарҭбаау аусуратә мшы рзыԥшуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара ареспублика Аԥсны ҳанаҭаа инаркны хымз ҵит, аха сара гәахәарыла иазгәасҭоит ҳаиқәшаҳаҭрақәа зегьы анагӡара иаҿуп, ҳара ирацәаны апроектқәа ҳамоуп – еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы жәаба инареиҳаны. Аҿартә проектқәа, аекономикеи егьырҭ ахырхарҭақәа рыла жәпаки», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит агубернатор.
Акциа «Ақьиара аллеиа» мҩаԥыргеит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Жәларбжьаратәи ақьиара Амш иазкны «Ақьиара аллеиа» ҳәа хыс измоу ақалақьзегьтәи акциа мҩаԥысит.
Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба Псковтәи аобласт даҭааит.
Аҟәа. Абҵарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Владимир Делба зхадараҿы дыҟоу Ареспублика Аԥсны аделегациа Псковтәи аобласт иаҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи инхо рзы Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахреи ма раиуреи апроцедура армариоит.
Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Анапхгара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи иааԥмырҟьаӡакәа инхо, урыстәылауаҩра змоу рзы Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахреи ма раиуреи апроцедура армариоит.
Азинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа ақалақь Абазаа рымҩала иҟалаз аинцидент аилыргара иаҿуп.
Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә еилаки аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә еилаки инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит иахьа, абҵарамза 12 рзы. Аилатәара рхы аладырхәит Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭырнак Дмитри Шамба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар, апрокурор Хада Адгәыр Агрба.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут адепутатцәа заанаҵтәи абаллистикатә дыррақәа рыла, абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь, Гәымаа рымҩала иҟалаз ахысра аӡәы иоуп иалахәыз ҳәа адырра риҭеит.
Ҳазҭоу ашықәс 10 мыз рзы Аԥсны ахатәы хашәалахәқәа реицҵалыҵ 16,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса 10 мыз рыла Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәытә хәҭа 16 млрд. 235,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 2 млрд 958,5 млн. мааҭ рыла еиҳауп, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.
Дмитри Осиа Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩыс далырхит.
Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара VIII ааԥхьара актәи аилатәара мҩаԥысит абҵарамза 12 рзы.
Аҟәатәи ақалақьтә алхратә комиссиа ахантәаҩы Алмас Џьапуа аҳҭнықалақьтә Еизара ахь алхрақәа реихшьаалақәа ҟаиҵеит.
Уи иазгәеиҭеит алхрақәа бзианы, иҭышәынтәаланы ишымҩаԥысыз. Алхрақәа рахь иааз алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 39,6% рҟынӡа инаӡеит. Хазы игоу алхырҭатә ҭыԥхадақәа рҿы уи 60-70% рҟынӡагьы инаӡеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Аҟәа иҟалаз аиҿахысра азы ихацыркыз ашьаусеилыргара амҩаԥысшьазы аоперативтә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз аиҿахысра азы ихацыркыз ашьаусеилыргара амҩаԥысшьа изкын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аоперативтәи аексперттәи амаҵзурақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥигаз аусуратә еилатәара.








