pressadmin-2
Амҳаџьырцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Аҟәа аԥшаҳәаҿы
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаладыршәарц инеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа, ауаажәларра, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.
Аҟәа иазгәаҭан Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа реиҳәеит аполитикатә мчрақәа Рконсультативтә хеилак аԥҵаразы аиԥылара иалахәыз зегьы
«Ас еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара иахьа акырӡа аҵанакуеит. Аполитикатә кризисқәеи амитингқәеи рныррала акәымкәа, иҭынчу аҭагылазаашьаҿы аицәажәареи аиԥылареи рзы алшара ҳамоуп. Ҳара жәларык ҳауп, еицаҳзеиԥшу ҩнык ҳамоуп. Хықәкы хадас иҳамоуп ихьыԥшым Аҳәынҭқарра астатус аиқәырхара, асуверенитет ахьчара, ҳтәылауаа рыԥсҭазааразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара», - иҳәеит Гәынба.
Беслан Бигәаа: «Ҳара иаҳуалуп аизыӡырҩреи аицәажәареи»
Абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Беслан Бигәаа аполитикатә мчрақәа Рконсультативтә хеилак аԥҵара иазкыз Бадра Гәынба иԥылараан.
Аслан Барцыц: «Ҳаидгыланы ауадаҩрақәа риааира ҳалагароуп»
Аполитикатә мчрақәа Рконсультативтә хеилак аԥҵара иазкыз Аԥсны Ахада Бадра Гәынба имҩаԥигоз аиԥылараан апартиа «Жәлар ракзаара афорум» ахантәаҩы Аслан Барцыц иҳәеит:
Ҭемыр Гәлиа: «Ҳажәлар агәыӷра рымоуп, аиҿыхарақәа рҭыԥан, абри аҩыза аформат ала ҳаизаны иаартны ацәажәара ҳалшап ҳәа»
Аполитикатә мчрақәа Рконсультативтә хеилак аԥҵара иазкыз Аԥсны Ахада Бадра Гәынба имҩаԥигоз аиԥылараан Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» анапхгаҩы Ҭемыр Гәлиа иазгәеиҭеит аҿиара иаԥырхагоу аԥынгылақәа шыҟоу, аха урҭ ӡбазар шауа.
Апартиа «Амцахара» ахантәаҩы Алықьса Цыгәба: «Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа хымԥадатәиуп азеиԥш гәаанагарахь анеиразы»
«Сара даара ахә ҳаракны исшьоит ас еиԥш аиԥыларақәа рымҩаԥгара. Уажәтәи апроцессқәа рҿы шьаҭанкыла сзықәшаҳаҭым ҳәа акгьы ыҟаӡам. Иҟоуп сзыргәырӷьо, аха иҟоуп макьана иӡбатәу азҵаарақәагьы, уи зегьы ибзианы еилыркаауеит. Сара еснагь аиқәшәареи адиалог амҩаԥгареи садгылоит.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба ааԥхьара ҟаиҵеит атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы аполитикатә мчрақәа Рконсультативтә хеилак аԥҵазарц
Аҳәынҭқарра Ахада иҟны Ахеилак аԥҵара хықәкы хадас иамоуп атәыла аҿиаразы аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи зегьы рымчқәа реидкылара.
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин дырԥылеит Олег Барцыци Константин Кочиеви
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин дырԥылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иабжьагаҩ Константин Кочиеви, урҭ Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы ртәылақәа рделегациақәа напхгара рырҭоит.
Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев усутә визитла Цхинвал инеиз Аԥсны амчратә усбарҭақәа рделегациа идикылеит
Абри атәы аанацҳауеит Уаԥстәыла аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, Аԥсны Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Сергеи Голенков, Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа еицырзеиԥшу аинформациа-координациатә центр адиректор Иури Марышев.








