pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа Қырҭтәыла азы ашпионтә уснагӡатәқәа мҩаԥигоит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны Шьашьыкәара ақыҭан дааныркылеит Қырҭтәыла атәылауаҩ Хизанишвили Шьалуа Давид-иԥа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны аиашахаҵаратә уахәамақәа зегьы рҿы иҷыдоу мшуп – Аԥсуа дгьыл ахылаԥшҩы, Ақьырсиантә уахәама ала зыԥсыцқьара азхаҵаз раԥхьатәи аԥсуа, Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәи игәалашәара амш азгәарҭоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аԥшьаша, жьҭаарамза 2 рзы аконцерт ду ала асозон ҿыц аанартит.

Атәыла асцена хада аҿы иқәгылеит афилармониа асолистцәа Нана Черқьезиа, Алхас Ферзба, Альдона Ҵкәуа, Ныгәзар Какалиеи Елена Анқәабԥҳаи.

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭоу ашықәс инаркны А.Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы аҽазыҟаҵаратә усурақәа ирылагоит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Урыстәыла акультура Аминистрра аофициалтә саит аҿы. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагоит 2026 шықәсазы.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко  цәыббрамза 30 рзы Аԥсны иҟазараан адырра ҟаиҵеит Урыстәыла акультура Аминистрра  во время своего визита в Абхазию сентября сообщил, что Минкультуры России берет на себя обязательство провести капитальный ремонт Сухумского музыкального училища имени А.Ч.Чычба амузыкантцәа, адерижиорцәа, авокалистцәа ахьазыҟарҵо ареспублика ихадоу амузыкатә ҵараиурҭақәа иреиуоу – А.Ч.Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара ахахьы ишаго азы адырра ҟаиҵеит.  Ари аҵараиурҭа иоушьҭымҭацәоуп  – Урыстәылеи Аԥсни жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмаа, Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка Алиса Гыцба. Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа ыҟоуп аҭуџьар С. Д. Нинуа иҩны аҿы.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 3 рзы иԥсы ҭазҭгьы 80 шықәса ихыҵуан асовет атлетика лас аспортсмен, аҭоурых аҿы уаҳа здаҟам аԥара аҿы хынттә аолимпиатә чемпион, Асовет Еидгыла Зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза Виктор Санеев (03.10.1945 – 02.01.2022 шш.)

Виктор Данил-иԥа Санеев диит жьҭаарамза 3, 1945 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы.

Атлетика лас ала Виктор Санеев аҽазыҟаҵара далагеит 1956 шықәсазы Ганҭиади (уажәы Цандрыԥшь) аҳабла аҿы аушәақә аԥаҩ иаҳасабала, аха  1963 шықәсазы хынттәи аԥарахь иквалификациа иԥсахит. Аҟәа ақалақь аҿы дынхон, иҽазыҟаиҵон Акоп Самвел-иԥа Керселиан инапхгарала. Анаҩс  Виктор Санеев дазыҟаиҵон, аолимпиатә чампион иҟынӡагьы диааӡеит Асовет Еидгыла Зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ  Витольд Анатоли-иԥа Креер.

Виктор Санеев – хынттәи аԥараҿы хынтә аолимпиатә чемпионын (1968, 1972, 1976 шш.), 1980 шықәсазы имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы араӡнытә аԥхьахә агара иҽаԥсаитәит, ҩынтә Европа ачемпион (1969, 1974 шш.), ахыбрақәа рыҵаҟа фынтә Европа ачемпион (1970-72шш., 1975-77шш.),  Асовет Еидгыла аантәы ачемпион (1968—1971шш., 1973-75, 1978шш.).

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа Ахадараҿы ақалақь ахада Ҭемыр Агрба ихантәаҩрала имҩаԥысыз аусуратә еилатәара аҿы иааиуа амчыбжь азы амш ацәгьахара аҽазыҟаҵара азҵаарақәа ирылацәажәеит, ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.   

Аҟәа. Жьҭаарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Москватәи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Аҳәынҭқарратә Институт  аҟны иҟоу жәларбжьаратәи аҭҵаарақәа Ринститут иԥхьагылоу анаукатә усзуҩ, аполитолог, ажурнал «Международная аналитика» аредактор хада Сергеи Маркедонови реиԥылара мҩаԥысит жьҭаарамза 3 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны.

Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. XII-тәи Аҭоурыхдырҩцәа-кавказҭҵааҩцәа жәларбжьаратәи рфорум: «Кавказ ажәларқәа XVIII–XXI ашә.-қәа рзы аҭоурых, аполитика, акультура» аартра мҩаԥысит Аҟәа Аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҿы.

Афорум Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Актәи Ахада, академик Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 80-шықәса аҵреи Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут  100-шықәса ахыҵреи иазкхеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба XII-тәи Аҭоурыхдырҩцәа-кавказҭҵааҩцәа жәларбжьаратәи рфорум далахәын. Уи афорум алахәылацәа дрыдныҳәалеит:

Ҳаҭыр зқәу Афорум иалахәу зегьы!

Акыр иаԥсоу асасцәа!

Сара сзы аҵак ду амоуп иахьатәи XII-тәи Аҭоурыхдырҩцәа-кавказҭҵааҩцәа жәларбжьаратәи рфорум алахәра.

Жәларбжьаратәи афорум Аԥсны иеизнагеит иналукааша аҭҵааҩцәа, Аԥсни Урыстәылеи рыҭҵаарадырратә уаажәларра ахаҭарнакцәа.

Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп афорум амҩаԥгара зызку акрызҵазкуа х-иубилеитә рыцхәк реиқәшәара иамоу асимволтә ҵакы.

Сынтәа ҳара иазгәаҳҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра. Асовет Еидгыла егьырҭ ажәларқәа реиԥш, ари аибашьраҟны Аиааира агараҿы рлагаламҭа дуӡӡоуп иара убас Аԥсны жәлар.

Иаацқьаны 80 шықәса раԥхьа, Аиааира Ду ашықәсан диит зыхьӡ наунагӡа Аԥсны аҭоурых ианылаз, – Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада, иналукааша аҵарауаҩ, ҳмилаҭ рԥыза ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Аиааира иалиааз, анаҩс Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира иасимволхаз!

Ахԥатәи иубилеитә рыцхәуп Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт 100 шықәса ахыҵра. Ари ҳмилаҭтә культура, ҳбызшәа, ҳҭоурых реиқәырхареи рырҿиареи рыҟны ароль дуӡӡа назыгӡо ижәытәӡоу ҭҵаарадырратә усҳәарҭоуп. Абри аинститут ҳажәлар рзы иуадаҩыз аамҭақәа раан напхгара аиҭон Владислав Григори-иԥа Арӡынба.

Ҷыдала аҵак ду амоуп ҳара ҳзы ҳфорум иахьалахәу Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Мрагылараҭҵаара аинститут ахаҭарнакцәа-аҵарауаа. Иҳәатәуп, ари аинститут аҟны акыр шықәса аус шиухьаз Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Абра иагьышьақәгылеит Мрагылареи Кавкази рҭоурыхи ркультуреи рыҭҵааҩы иаҳасабала ихьӡ ҳаракы.

Аԥсни Урыстәылеи рыҭҵаарадырратә усбарҭақәа русеицура ҳара ҳахәаԥшуеит акрызҵазкуа астратегиатә хырхарҭа аҳасабала. Уи аҵак дуӡӡа амоуп аҭоурых аиқәырхареи кавказҭҵаараҟны азеиԥш знеишьақәа рзы, ажәларқәа рыҿиаразы хәы змаӡам апринципқәа абиԥара ҿыцқәа рымадаразы.

Сгәы иаанагоит, ари Афорум Кавказ ажәларқәа рҭоурых, ркультура, рполитика иадҳәалоу акрызҵазкуа атемақәа инарҵауланы рыҭҵаара ахьымҩаԥысуа ҭыԥхоит ҳәа. Иҟалааит уи аусура ҳтәыла акультуратә ҭынха ду аиқәырхареи арҿиареи рзы лагаламҭа дуны.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа!

Ишәзеиӷьасшьоит лыҵшәа змоу аусура, аартра ҿыцқәа, аихьӡарақәа», – ҳәа иқәгылараҿы иҳәеит Бадра Гәынба.

Афорум алахәылацәа дрыдныҳәало дықәгылеит Агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут адиректор, афилологиатә наукақәа ркандидат Арда Ашәба.

Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба дырԥылеит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәыз Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аԥыза-министр Константин Џьуссоев зхадараҟны дыҟоу аделегациа ахаҭарнакцәа. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада иахьа 24-ҩык арепатриантцәа ауада ҿыцқәа рзы ацаԥхақәа рнапы иаиркит.Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.