pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Иреиҳаӡоу амилициа ашкол акурсантцәа аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩ иҭоуба шьҭарҵеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш иазку аныҳәатә еизара мҩаԥысит атәылахьчара Аминистрра аҿы цәыббрамза 28 рзы.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы атуризм аусхкы аҿы аусеицуразы агәҭакқәа рзы амеморандум рнапы аҵарҩит Аԥсны атуризм Аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа Нижегородтәи аобласт атуризми анаплакрақәеи Рминистрреи.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр  Владимир Делба Аконцерн «Росэнергоатом»  ҳаамҭазтәи аспорттә технологиақәа Рцентр адиректор Хада Сергеи Фомин диԥылеит.

Аиԥылара ихы алаирхәит Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациа апрезидент Ераст Агәмаа.

Владимир Делбеи Сергеи Фомини «Росэнергоатоми» ареспублика ахылаԥшырҭақәеи русеицура аплан иалацәажәеит.  

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аҟәаҟа иааз Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәыла Анапхгара ахантәаҩы Константин Џьуссоев зхадараҿы дыҟоу аделегациа идикылеит.  

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рфырхаҵареи ргәымшәареи иазку адокументалтә фильм «30 шықәса ааҵуаны» аԥхьарбара ихы алаирхәит.

Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш иазку Ареспубликатә  турнир мҩаԥысит цәыббрамза 27 рзы Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҿы. Аицлабрақәа зынӡа рхы аладырхәит еиуиеԥшым ақәратә категориақәа ирыҵанакуа Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи 40-ҩык ашахматистцәа, иара убас Урыстәылантәи асасцәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь адепутатцәа ркандидатурақәа рықәыргылара иалагеит иахьа, цәыббрамза 29 рзы.  

«Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы» Азакәан ахәҭаҷ 18 инақәыршәаны, апроцедура алхрақәа рымш 40 мшы шагу иалагароуп, абжьыҭара амш 20 мшы шагу ихыркәшахароуп: цәыббрамза  29  инаркны жьҭаарамза 19 аҟынӡа.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы аиааира агара Амш иазку астендтә хысразы Иаарту  атурнир аҿы аиааира згази аԥхьахәгаҩцәеи рыхьӡқәа  еилкаахеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр  Агрба Жәлар Реизара-Апарламент ашҟа –аҳәынҭқарратә аиустициа 3 акласс абжьгаҩ Кәыҵниа Дамир Ганнади-иԥа апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵара азы адгалара наишьҭит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.