pressadmin-2
Хәажәкырамза 4 рзы Аԥсны ажәҩанаҿ ирбеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 30
Атәылахьчара Аминистрраҿы иацы Аԥсны аҵакыра зегьы аҿы ирбаз аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ирызку ахҳәаа ҟарҵеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит
Иахьа Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба игәалашәара иамшуп. Уи иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса, хәажәкырамза 4 рзы.
Бадра Гәынба: Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаԥшьи ргәалашәара абиԥарақәа еиднакылоит
Амаҭәар ҿыцқәа ԥшаауп археологиатә жрақәа ахьымҩаԥысуа Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы, акаҳуажәырҭа «Пингвин» инаркны абааш аҟынӡа археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥысуеижьҭеи абар мчыбжьык ҵит.
Аԥсны амчрақәа џьарак реизакра ҳажәлар рҭоурыхтә ԥышәа иаҿагылоуп, ҳәа иԥхьаӡоит Виачеслав Чрыгба
Аԥсны Аконституциа иаларгалахьоу аԥсахрақәа аполитикатә шьақәгылашьа иадҳәаламызт
Аԥсны Аконституциа иаларгалахьоу аԥсахрақәа, уи аполитикатә шьақәгылашьа иадҳәаламызт, иҳәеит Ауаажәларратә Палата алахәыла, азиндырыҩ Ҭамаз Қьецба, Аҟәа имҩаԥысуа «Аполитикатә система ареформа – иҭышәынтәалоу аҳәынҭқарра иашьаҭоуп» ҳәа хыс измоу астол гьежь аҿы.
Ауаажәларратә Палатаҿы иаатит «Аполитикатә система ареформа – иҭышәынтәалоу аҳәынҭқарра иашьаҭоуп» ҳәа хыс измоу астол гьежь
Аԥыза-министр Владимир Делба Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы Михаил Мишустин имшира идиныҳәалеит
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа!
Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгара ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи шәымш иира шәыдысныҳәалоит!
Гәдоуҭа араион анапхгара адгылара рырҭоит агәыҳалалратә еиҿкаара «Ахәыҷра адунеи» апроектқәа
Абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит араион ахада Асҭамыр Аргәын ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа алархәны имҩаԥысыз аусуратә еиԥылара алҵшәақәа инарықәыршәаны.








