pressadmin-2

pressadmin-2

Ашәҟәы ианылеит Игор Ушаков, Владимир Фиодоров, Дмитри Мизгулин, Сергеи Соловиов уҳәа авторцәа рырҿиамҭақәа реиҭагақәа.  Асахьа ҭихит Р.Габлиа.

Аиԥылараҿы зҵаара хаданы иҟалеит аҽаҩра аҭагалара аамҭазы аҭыԥантәи аалыҵ аҭира аан уадаҩрақәас ицәырҵуа ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

«Ҳаҭыр зқәу Пицундаа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ақалақь Амш!

Амшхәаԥштә иалан хә-зҵаарак.

Аилатәара иалахәыз раԥхьа иахәаԥшит Аԥсны ақыҭақәа афинанстә цхыраара рыҭара азҵаара.

Џьансыхә Нанба ақыҭа ахадарақәа рхадацәа ари аус рхы ахьаладмыхәуа азы агәҭынчымзаара ааирԥшит.

«Даҽазныкгьы ақыҭақәа рхадацәа рахь аҳәара ҟасҵар сҭахуп ақыҭанхамҩа аминистррахь азыҳәарақәа рынашьҭра дырццакырц. Акомиссиа ианаамҭоу урҭ ирыхәаԥшырц азы. Иахьазы зыҳәамҭак ауп иааз — Абӷархықә ақыҭа аҟынтәи. Даара исҭахын активра еиҳазарц».

2026 шықәса ақыҭа иашықәсны иахьрылаҳәаз инамаданы апрограмма «Ақыҭақәа рыҿиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ақыҭақәа зегьы миллионк-миллионк мааҭ рзоужьхоит.

Аилатәара алахәылацәа иара убасгьы ирыхәаԥшит акомиссиа уаанӡатәи аилатәарақәа рҿы аус адуларазы иахырԥаз апроектқәа. Ақыҭанхамҩа аминистрра ирҿыцу абизнес-планқәа ӡырнагеит.

Иара убас, акомиссиа алахәылацәа ааӡарҭақәеи аԥсыӡааӡареи рыҿиаразы аматериалқәеи амыругақәеи раахәаразы адокументқәа гәарҭеит.

«Иҳаҩсыз аилатәараҿы арҭ ахырхарҭақәа рыла азыҳәарақәа ҳрыхәаԥшит, ҳәа азгәеиҭеит Нанба. - Изықәшаҳаҭу апроектқәа анаҩстәи аетап ахь ииасуеит: урҭ рынагӡаразы иаҭаху зегьы раахәаразы атендер рылаҳәахоит».

Амш аԥшьбатәи азҵаара, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭыжьреи аус адулареи рзы анаплакқәа раԥҵареи рырҿиареи зыгәҭаку аграрицәа рҟынтәи раԥхьатәи азыҳәарақәа ирызкын.

Аиԥылара алахәылацәа апрограмма «Ақыҭанхамҩа аҿиара – 2026» анагӡаразы ицәырҵуа азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Абӷархықә ақыҭа аҟынтәи иаарышьҭыз аныҳәара ақыҭанхамҩа аминистр ицхырааҩ Инал Аргәын далацәажәеит.

«Ақыҭа актив аӡбрала аԥара Абгархықәтәи абжьаратә школ аҿаԥшылара аиҭашьақәыргылара  иазырхахоит.  Адокументқәа апрограмма аҭахрақәа инагӡаны ирықәшәоит. Уи аус адуланы афинансқәа рминистррахь инарышьҭхьеит ақәшаҳаҭхареи анагӡареи рзы. Зегьы гәаҭоуп, зҵаара ыҟаӡам, апроект анагӡаразы иҳадаҳкылоит», - ҳәа иажәа хиркәшеит Аргәын.

Аиԥылараан аганқәа алацәажәеит аԥсуа-аурыс усеицура аҿиара иазку азҵаарақәа жәпакы, агуманитартә еимадарақәа рырҭбаара, ауаажәларратәи аҵаратәи аԥшьгарақәа реицынагӡара, иара убас жәлар рдипломатиа апроектқәа рҳәаа иҭагӡаны аинырра арӷәӷәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи  аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

«Афырхаҵа имҩа» захьӡу апроект аҭааҩцәа ирыднагалоит аԥсуааи аурысцәеи ирзеиԥшу  аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхареи аларҵәареи иазырхоу аинтерактивтә експозициа — Аџьынџьтәылатә еибашьра ду инаркны ҳаамҭазтәи ахҭысқәа рҟынӡа.

Ашәахьаҽны Асҭамыр Гәниа диԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Плутницки.

Анзор Мықәба. Анатолиатәи ажәабжьқәа. (Ароманқәа, аочеркқәа).

Владимир Делба. Ауахәамеи, астадиони, апарки рыбжьара. (Ажәабжьқәа).

Геннади Аламиа. Анцәеи ауааи. (Ажәеинраалақәа).

Нугзар Логәуа. 2023-2025-зтәи ашықәсқәа рзы иблахкыгоу аусумҭақәа.

Руслан Ҳашыг. Агәырҩа иаиааиз анацәа. (Адокументалтә фильм).

Зураб Џьапуа, Наала Барцыц. Нарҭаа. Аԥсуа фырхаҵаратә епос. Жәа-томкны.

Асҭанда Қьецба. Згәы аарту аԥсуа. (Адокументалтә фильм).

Асасцәеи ақалақь ауааԥсыреи амш зегьы иалагӡаны  игәылҭәаау апрограмма рзыԥшуп. Астадион хадаҿы аҭыԥантәи атауарқәеи ақыҭанхамҩатә аалыҵи ахьырҭиуа аџьармыкьа еиҿкаахоит, еиуеиԥшым атематикатә ҭыԥқәа аатуеит.

Аицлабрақәа ирылахәын ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи 60-ҩык аспортсменцәа.

Ачемпионат аӡбаҩ хадас дыҟан Руслан Сариан.

Аҳәса рыбжьара аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла ахьтәы медал ланашьахеит Ерика Кәарҷиа (Аҟәа), араӡны медал – Кама Адлеиба (Аҟәа), аџьаз медал - Хана Малиа (Аҟәа).

Ахацәа рыбжьара аиааира игеит Леон Габлиа (Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Ренат Карчаа (Аҟәа), ахԥатәи - Милор Аԥхазаа (Тҟәарчал).

Ачемпионат аҿы аиааира згази аԥхьахәгаҩцәеи аԥаратә ҳамҭақәа ранашьан.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.