pressadmin-2
Ԥхынгәымза 19 рзы ихыркәшахеит Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аҟәа Open 2026» (ақәрақәа зегьы рзы)
Итрадициатәу ахыци ахәымпали рыла ахысразы жәларбжьаратәи аицлабра «Абаӡех ихраҿа» мҩаԥысуеит Пицунда
Аицлабрақәа Аԥсни Адыгеиеи рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара, иара убас амилаҭтә спорт хкқәа рӡыргареи рырҿиареи хықәкыс иамоуп ҳәа аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭеилакы.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иаԥшьгарала имҩаԥысит атәыла Ахада иҟны иҟоу Аконсультативтә хеилак алахәылацәеи Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Виачеслав Гладкови реиԥылара
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа ралхрақәа ирыдҳәалоу азакәан апроектқәа ирыхәаԥшит Дауҭ Хәытаба ихантәаҩрала имҩаԥысуаз аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә еилакы аилатәараҿы
«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхразы "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан аԥсахрақәа ралагаларазы" азакәан апроект азырхоуп алхратә процессқәа адәныҟатәи анырра иахьыԥшымкәа рыҟаҵара алыршара. Иарбоу азакәан апроект авторцәа ргәаанагарала, аус зуа азакәанԥҵара аҳәаанырцәтәи атәылауаа, атәылауаҩра змам ахаҿқәа, аҳәаанырцәтәии жәларбжьаратәии аиҿкаарақәа алхрақәа рылахәхара азин рымхра иахьынӡахәҭоу аус адулаӡам.
Џьансыхә Нанба ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсны анаплакыҩцәа рҟынтәи азыҳәақәа рыхәаԥшра дырццакырц
Аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаԥысит аҳәынҭқарратә программа «2026-2028 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра адгылара аҭара» анагӡаразы акомиссиа аилатәара.
К.Шь. Чачхалиа ихьӡ зху Ԥақәашьтәи абжьаратә школ №2 автобус ҿыц ҳамҭас иарҭеит
Аԥсны аԥсыӡааӡаратә нхамҩақәа гәарҭоит
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Перцхьелиеи Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рахь аусуратә ныҟәара мҩаԥыргеит, уи хықәкыс иамоуп 2026 шықәсазы ақыҭақәа рыҿиара иазку Аҳәынҭпрограмма алахәхара иашьҭоу аԥсыӡааӡаратә фермақәа рҭагылазаашьа хаҭала ахәшьара аҭара.
Аԥсны иҟоу Алада Уаԥстәыла Аҷыдалкаатәи Азинмчнаӡеи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра агәраргагатә шәҟәқәа инапы иаиркит
Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Алада Уаԥстәылеи ҭоурыхла аиашьаратә еизыҟазаашьақәа шрыбжьоу, азеиԥш лахьынҵеи, аҳаҭыреиқәҵареи, акыршықәсатәи аидгылареи шьаҭас ишрымоу.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчнаӡеи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра агәраргагатә шәҟәқәа инапы иаиркит
Ԥхынгәымза 17 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчнаӡеи змоу Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра агәраргагатә шәҟәқәа инапы иаиркит.
Аԥсны аомбудсмен: шықәсыбжак аҩнуҵҟа аппарат ахь 50 ааԥхьара нашьҭын
Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Анас Кьышьмариа аппарат аусура аихшьаалақәа ҟалҵеит АГТРК аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҟны.








