pressadmin-2
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц диԥылеит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс иҟаҵаз Виачеслав Гладков
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ апрофессор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Екатерина Бебиа лышәҟә ҿыц «Иҳаҩсхьоу аҵабырг» аӡыргара мҩаԥысит ААУ аҿы
Урысшәалеи аԥсышәалеи иҭыжьу ашәҟәы зымҽхак ҭбаау аҭоурых-документалтә автортә сериа «Аԥсны аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз» иахәҭакуп, аԥшьбатәи томуп. Арецензентцәа ишазгәарҭо ала, ари аусумҭа харада-барада ааха зауз ҳџьынџьуаа рыхьӡқәа рыриашаразы автор 45 шықәса иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥылгоз лыҭҵааратә усура аихшьаала ҟанаҵоит.
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла алахәылацәа «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьо, ареспублика зҽаԥсазтәыз ажурналист Владимир Никонов 65 шықәса ихыҵра идырныҳәалоит
Владимир Никонов-Москватәи аҳәынҭқарратә акультура аинститут доушьҭымҭоуп. Иара Калугантәи Аԥсныҟа дааит 1980-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭазы, аусура далагеит ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр аҿы (уажәы Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр).
Амахҽқәа рахь сасра: азооферма аатит Гагра араион аҿы
Азооферма «Амахҽқәа рахь сасра» аартра иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысит Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблан. Аартра иалахәын Гагра араион асасцәеи ауааԥсыреи, Ахадара ахаҭарнакцәеи.
Гәыма ақыҭан иаадыртит 1993 шықәсазы Иультәи ажәылараан Пицундеи Лӡааи рҟынтә иҭахаз аибашьцәа ирызку абаҟа
Уи ашьақәыргылара алыршахеит Камани Шьромеи рхақәиҭтәраан иҭахаз аибашьцәа рашьцәа Адгәыр Ҳагәышьи Нодар Ҵышәбеи ирыбзоураны. Абаҟа аргылара хацлыркхьан зыҷкәыни зыԥшәмеи ҭахаз, иахьатәи амш иахаанымхаз Зинаида Папцаа.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Жәлар Реизарахь иалырхуа атәылауаа рзы аҳәынҭқарратә аԥсшәеи аурыс бызшәеи рдырразы аԥҟарақәа рыԥсахра азԥхьагәазҭо Аконституциатә закәан иалеигалеит апроект
Азакәан апроект ала иарбоу анорма амчра аиуеит еихшаны. Аԥсуа милаҭ иатәу Аԥсны атәылауаа рзы аҳәынҭқарратә аԥсшәеи аурыс бызшәеи рдырра иазырхоу адҵа аусура иалагоит 2027 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны, егьырҭ амилаҭқәа ирыҵаркуа Аԥсны атәылауаа рзы — 2032 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Апарламент ахәаԥшырц азы «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутат истатус азы» «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект алеигалеит
Азакәанԥҵаратә аԥшьгара адепутат истатус азинтә ҭышәныртәалара аиӷьтәреи атәыла иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә усбарҭа аусура аконституциатә шьаҭақәа рырӷәӷәареи иазырхоуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Очамчыра ақалақь ауааԥсыра рықалақь 2526 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит
Аԥсны адгыдара азҭо Кавказтәи аилакы Анкара ахь ааԥхьара ҟанаҵеит ареспублика аганахьала иҟоу аԥкрақәа мап рыцәнакырц
Аԥсны адгыдара азҭо Кавказтәи аилакы Ҭырқәтәылатәи ауаажәларреи аԥсуа диаспореи рахь аофициалтә ааԥхьара ҟанаҵеит. Аиҿкаара адҵа ҟанаҵоит аԥсуа жәлар рнеи-ааирҿы ахақәиҭра рзаԥҵазарц, ареспубликеи дареи ишиашоу атранспорттә еимадара аадыртырц.
«Ауарӷан аиқәшәо абжьы» захьӡу раԥхьатәи аконцерт қәҿиарала имҩаԥысит Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал аҿы
Апрограмма иалахәуп жәларбжьаратәи аицлабрақәа рлауреатцәа Валери Барганџьиа (ауарӷан), Елена Ҳагба, Нана Черқьезиа (асопрано), Мариа Иамакова (афортепиано), иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр асолистцәа Мариа-Емилиа Терзиан-Ҳагба (аскрипка), Николаи Ружавински (альт).








