pressadmin-2

pressadmin-2

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа   апрезидент Зураб Џьапуа аҭоурыхҭҵааҩ иҭахара атәылазы харҭәаашьа змам цәыӡуп ҳәа ахиҳәааит. Академиа апрезидент актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа Станислав Лакоба игәалашәара иазку апарк ҿыц аартызарц ажәалагала ҟаиҵеит. Аҵыхәтәаны апрезидиум академик Виачеслав Чрыгба ирыдигалаз авариант иақәшаҳаҭхеит.

Аиԥылара иалахәын атәылахьчара аминистр Беслан Ҵәыџьбеи Арбџьармчқәа рыштаб хада аиҳабы Владимир Савченкои.

Асахьаҭыхҩы игәалашәара анаунагӡатәра аԥшьигеит жәашықәса инареиҳаны Чачба-Шервашиӡе иҭынха аҭҵаара иаҿыз, зхатә архив аҟынтәи зыхә ҳараку аекспонатқәа амузеи ҿыц аҭара иазхиоу аҵарауаҩ, аҭҵааҩы Виачеслав Чрыгба. Апроект Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба дақәшаҳаҭхеит.

Аиҿкааҩцәа ишырҳәаз ала, Искандер игәалашәара амш аҽны, асааҭ 12:00 рзы ашәҟәыҩҩы дахьжу Новодевичие аԥсыжырҭаҿы иҭынхацәа, алитературатә еилазаара ахаҭарнакцәа, акультура аусзуҩцәа, ашәҟәыҩҩы ирҿиара ҳаҭыр ақәызҵо зегьы злахәу агәалашәаратә церемониа мҩаԥгахоит.

Уи аминистрра ахыбра актәи аихагылаҿы иҟоуп. Ауаажәларратә дкыларҭа анапхгаҩы, атәылахьчара аминистр ицхырааҩ, аполковникеиҵбы Ҭемыр Кәпалба ишазгәеиҭаз ала, адкыларҭа хықәкы хадас иамоуп атәылахьчара аминистрреи атәылауааи рыбжьара аимадара аиҿкаара.

Аҟәа иҟоу К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә лицеи-интернат ашьаҭала официалла аусура иалагеит С. П. Дбар ихьӡ зху арра-патриоттә лагер.

Акомиссиа алахәылацәа адгылара арҭеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу астратегиатә ҭҵаарақәеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи ринститут адиректор Виачеслав Чрыгба «Синоп» апарк аҿы иҟоу аллеиақәа руак Станислав Лакоба ихьӡ ахҵаразы иҟаиҵаз ажәалагала. Абри азы ааԥхьара рзынашьҭхоит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа анапхгара.

Атәыла ахада аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, инаҵшьны иазгәеиҭеит урҭ рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь раара аҵакы ду шамоу.

Аԥсны аенергетика аминистрра ишаанацҳауа ала, астанциа маҷ аҿы актәи асекциа шьақәыргылоуп (110 кВ), иара убас 25 МВА зымчхара ыҟоу атрансформатор шьақәыргылоуп.

IV Пицундатәи афестиваль атәыла ахада Бадра Гәынба ицхыраарала еиҿкаауп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.