pressadmin-2
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко имшира идиныҳәалеит
«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Владилен-иԥа!
Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәымшира!
Аԥсны азы шәара Урыстәылатәи Афедерациаҿы зегь реиҳа авторитет змоу аҳәынҭқарратә усзуҩцәа шәреиуоуп, аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы хәы змаӡам хаҭалатәи шәлагала дууп, гәык-ԥсыкала ҳтәыла шәшазыҟоу иҟашәҵо зегьы ианыԥшуеит.
Аԥсны иқәынхо дарбанызаалак ибоит шәахьиз адгьыл шаҟа шәыхшыҩ азышәышьҭуа, шәахӡыӡаауа. Убри азоуп араҟа гәык-ԥсыкала бзиа шәзырбо, пату зшәықәырҵо, ирызгәакьоу уаҩны шәзырыԥхьаӡо.
Иахьа Аԥсны ҿиоит, абзиарахь аҽаԥсахуеит. Арҭ аиҭакрақәа рҿы ауаа ирбоит шәџьабааи, шәалахәреи. Уи азы даара иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит.
Ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа среиҷаҳауеит, Аԥсны гәык-ԥсыкала шәахьазыҟоу ахә ҳаракны исшьоит.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, иара убас Урыстәыла аизҳазыӷьаразы шәҳәынҭқарратә маҵзураҿы ԥхьаҟатәи ақәҿиарақәа».
Очамчыра иҟоу аҳәаахьчаратә катерқәа рдивизион арра-мшынтә флот амш азгәанаҭоит
Ԥхынгәымза аҵыхәтәантәи амҽышазы Урыстәыла арра-мшынтә флот амш азгәарҭоит. Сынтәа арратә мшынуаа рзанааҭтә ныҳәа ԥхынгәымза 26 иақәшәоит. Арра-мшынтә флот амш азгәанаҭоит Очамчыра ақалақь абаӷәазаҿы иҟоу аҳәаахьчаратә ҷаԥшьаратә катерқәа рдивизионгьы.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иусԥҟала Аҩӡба Алиас Витали-иԥа аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы министрс дҟаҵоуп
Кәыҵниа Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп
Лев Кәыҵниа имаҵураҟынтәи ихы иақәиҭтәразы ииҩыз арзаҳал шьаҭас иҟаҵаны Бадра Гәынба инапы аҵаиҩит аусԥҟа.
«Изҩыдоу абиԥара»: Шәачатәи аҳақьымцәа Аԥсны 20-ҩык ахәыҷқәа гәарҭеит
Апроект «Изҩыдоу абиԥара» аҳәаақәа ирҭагӡаны Акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» ааԥхьарала Аԥсны ҩаԥхьа иаҭааит ахәыҷтәы неирореабилитациатә центр «Импульс» (Шәача) аспециалистцәа ркоманда.
Бадра Гәынба: араионқәа рыҿиареи ақыҭа адгылареи аҳәынҭқарратә политика ахырхарҭа хадақәа ируакны иҟан, иагьаанхоит
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба 2026 шықәса актәи азыбжазы Гәылрыԥшь араион асоциал-економикатә ҿиара аихшьаалақәа рыла имҩаԥгаз аилацәажәара ихы алаирхәит.
Гәылрыԥшь араион ахада Саид Ҳаразиа 2026 шықәса актәи азыбжазы аусура алҵшәақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит
Гәылрыԥшь араион Ахадараҿы асоциал-економикатә ҿиара, иара убас 2026 шықәса актәи азыбжазы аҵареи, амедицинеи, акультуреи, аспорти русхк аҟны аихьӡарақәа реихшьаалақәа ҟарҵеит
Гәылрыԥшь араион ахатәы хашәалахәқәа зегьы рыла аплан нанагӡеит. Аҭыԥантәи абиуџьет аныхратә хәҭа 94% рыла инагӡоуп: иазԥхьагәаҭоу 217 млн мааҭ раан фактла ахарџьқәа идыртәеит 205 млн 569 нызықь мааҭ. 2025 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа арбагақәа раасҭа 18% рыла еиҳауп. Абри атәы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба дызлахәыз араион актив аҳасабырбатә еилатәараҿы иҳәеит ахадара аиҳабы Саид Ҳаразиа.
Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт аминистр Андреи Никитин автомашьынатә аушьҭырҭатә ҭыԥ Адлер аиҭашьақәыргылара амҩаԥысшьа гәеиҭеит
Амилаҭтә проект «Хра злоу атранспорттә система» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥырго аҳәаахьчаратә ҭыԥ аиҭашьақәыргылара иалнаршоит уи аушьҭратә лшара акыр аизырҳара.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәыла атранспорт аминистр Андреи Никитини диԥылеит
Аганқәа атранспорт аусхк аҟны аусеицура ахырхарҭа хадақәа ирылацәажәеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.








