pressadmin-2
Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәеит Ахьӡ-аԥша апарк аҿы
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара Амш азы ааԥхьара ҟаиҵеит
«Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа!
Аԥсны ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы зегь реиҳа итрагедиатәу арыцхәқәа иреиуоуп нанҳәамза 14. Ари амш аҽны 1992 шықәсазы Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит. Аибашьра ҳажәлар агәаҟра ду иҭанаргылеит, ақәхра ахықә иқәнаргылеит, ахақәиҭреи, Аԥсадгьыли, аԥеиԥши рцәыӡра ашәарҭара иҭанаргылеит.
Нанҳәамза 14 рзы 34 шықәса ҵит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи
34 шықәса раԥхьа, нанҳәамза 14, 1992 рзы, аԥсшьаратә аамҭа аилашымҭаз, Ҭенгиз Китовани напхгара зиҭоз Қырҭтәыла Амилаҭтә гвардиа агәыԥқәа аихамҩа ахьчара ҽыҵгас иҟаҵаны Аԥсны аҳәаа иахысит.
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада инапынҵақәа назыгӡо Марат Камболови Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлари рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла иаҿагыланы имҩаԥнагоз аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш аҽны
Ҭырқәтәыла апарламент апартиақәа ааба рдепутатцәа Аԥсны аиҟәыҭхара аԥыхра адгыларазы аҳәамҭа ҟарҵеит
Ҭырқәтәыла амилаҭтә еизара ду аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны аа-партиак рдепутатцәа апарламент аҭӡамцқәа рҿы Аԥсны аиҟәыҭхара аԥыхразы аҳәамҭа еицыҟарҵеит. Ари атема аполитикатә мчқәеи еиуеиԥшым агәаанагарақәеи еиднакылеит.
Аҟәатәи аԥшаҳәа Адирекциа аусмҩаԥгатәқәа рыплан Ҭемыр Агрба идыргалеит
Ԥхынгәымзазы аԥшаҳәа аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә аан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба ирыдыркылеит астратегиатә ӡбара Аҟәатәи аԥшаҳәеи апаркқәеи Рдирекциа аԥҵаразы.
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрраҟны имҩаԥысит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниеи Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои реиԥылара
Акоррупциа аҿагылара арӷәӷәаразы ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит Апрокуратура хадаҿы
Аоперативтә еилацәажәара мҩаԥылгеит акоррупциа аҿагыларазы азакәанԥҵара анагӡара азини ахылаԥшреи русбарҭа аиҳабы Зарина Соблирова.
Шәачеи Аҟәеи еимаздо аӡаҵаҟатәи амҵәыжәҩақәа змоу аӷба «Комета120М» нанҳәамза 10 инаркны аихшанҵа ҿыц ахь ииасуеит
Аекономика аминистрра ишаанацҳауа ала, ареисқәа бжьазаауеит мчыбжьык ахь хынтә — ахашеи, ахәашеи, амҽышеи. Шәачантәи идәықәлоит асааҭ 09:00 рзы (аҭалара иалагоит асааҭ 08:00 инаркны), Аҟәантәи — асааҭ 17:00 рзы (аҭалара иалагоит асааҭ 16:00 инаркны).
Иазгәарҭеит Пицунда ақалақь амш
Агәырӷьарақәа ирҭыԥ хаданы иҟалеит аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра, уаҟа акурорт ауааԥсыреи асасцәеи рзы аџьырмыкьа, агастрономиатә ҩны хәыҷқәа, ахәыҷқәа рзы ахәмарырҭақәа еиҿкаан.








