
pressadmin-2
Аслан Бжьаниеи Алеқсандр Анқәаби ақәыршҩы ӷәӷәа иахҟьаны ааха зауз Гагра араион иаҭааит.
Гагра. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион ақәыршҩы ӷәӷәа иахҟьаны ааха аиуит. Ԥхынгәымза 10 рзы, ашәахьа, араион иаҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби.
Абарҭ аминуҭқәа рзы аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа ирызкны Гагра араион Ахадараҟны аилацәажәара мҩаԥысит.
Араион Ахада Иури Хагәышь Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара инамаданы аусурақәа шцо азы. Иури Хагәышь излаиҳәо ала, Гагра араион иҟалаз ақәаршҩы иахҟьаны ԥхынгәымза 9 рзы еилкаахеит аԥхасҭа ӷәӷәа шроуыз ақыҭақәа хԥа: Ԥсахара, Лӡаа, Алаҳаӡы, Бзыԥҭа ҳаблак, Гагра ақалақь ахәҭақәак.
«Ааха роуит 1100 нхарҭа, иара убас 250 цыра инарзынаԥшуа автомашьынақәа», - ҳәа иҳәеит Иури Ҳагәышь.
Аслан Бжьаниа ақәыршҩы ӷәӷәа иахҟьаны ааха зауз Гагра араион ақыҭақәа дырҭааит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа ԥхынгәымза 8 – 9 рзы иауз ақәыршҩы ӷәӷәа иахҟьаны ааха зауз Гагра араион ақыҭақәа дырҭааит.
Алаҳаӡы ақыҭан 250 инареиҳаны ахатәы ҩнқәа аӡы рыҩналеит, иара убас аҩақәа ирныз акаҭран ҵнаӡәӡәааит.
Убасҵәҟьа иҟоуп Лӡаа ақыҭангьы аҭагылазаашьа. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ахатәы ҩнқәеи асасааирҭаҩнқәеи амҩақәеи ӷәӷәала аԥхасҭа роуит.
Аԥслымӡ, ахаҳәқәа, иҵнажәаз аҵлақәа рымахәқәа, уҳәа амҩа иҿықәнагалаз агәам-сам автотранспорт аныҟәара акыр иаԥырхагоуп. Аԥсыӡзауад ахь инагоу амҩа ахәҭак ыҵнаӡәӡәааит.
Атуристцәа аӡрыжәтәи ачеи рыла реиқәыршәара аиҿкаара алыршаразы Аҳәынҭқарра Ахада иахь аҳәара ҟарҵеит. Иара убас ахәыҷыфатә анагаразгьы аҳәара ҟаҵан.
Аԥсшьаҩцәа иара убас дара рцара ауртә еиԥш амҩақәа ррыцқьара анбазалыршахо ҳәа иазҵаауан.
Аҟәа ақалақь аҿы апластик аизгареи ҩныда иҟоу аԥстәқәа крырҿаҵареи рзы аппаратқәа цәырҵит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә еиҿкаара «Абхаз Деск» аекологиатә проект «Адунеи агәам-сам аҟынтәи еиқәҳархап» ( «Don't litter it makes the world bitter», «Спасем мир от мусора») аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ақалақь аҿы ишьақәнаргылеит апластик аизгареи ҩныда иҟоу аԥстәқәа крырҿаҵареи рзы смарт-аппаратқәа ҩба. Урҭ апластик иалху аԥатлыка ҭаужьцыԥхьаӡа ԥсаатәк азы азынчара ахәы аарышьҭуеит. Аппаратқәа руак Аҳабла Ҿыц аҿы идыргылеит, егьи Алашарбага Аҳабла Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут иахьаҵанакуа ишьақәыргылоуп.
Убас ала ауаажәларратә активистцәа хылаԥшрада иаанхаз аԥстәқәа ррыцҳашьареи ацхыраара рыҭареи агәамсам-еиҟәыҭханы аизгареи ацрыҵқәа аус рыдулареи иадҳәалоу атрадициа шьахә ашьақәыргылара шалыршахо азы агәыӷра шрымоу аадырԥшуеит.
Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҩбаны иҟоу атәылауаҩра азы ирыбжьарҵыз аиқәшаҳаҭра аратификациа азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҩбаны иҟоу атәылауаҩра азы ирыбжьарҵыз аиқәшаҳаҭра аратификациа азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Зыӡбахә ҳәоу цәыббрамза 27, 2022 шықәсазы Москва ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз аиқәшаҳаҭра ауп. Иарбоу аусшәҟәы, ганк атәылауаа ирымоу атәылауаҩра мап ацәкрада егьи аган атәылауаҩра адкылара азԥхьагәанаҭоит. Атәылауаҩра адкылареи ацәыӡреи рзы аиқәшаҳаҭра иарбам ахәҭа аганахьала, аӡбамҭа адкылара мҩаԥысуеит атәылақәа доусы рзакәанԥҵара инақәыршәаны. Иара убас, нанҳәамза 26, 2008 шықәса аламҭалазы Аԥсны атәылауаҩра змаз, иахьа уажәраанӡа еиқәырханы измоу ахаҿқәа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмариоу апроцедура ала аиура рылшоит ҳәа иазԥхьагәаҭоуп.
Атуризм аминстр Ҭеимураз Хышба аамҭак иалагӡаны атәыла аплиажкәа раркразы ажәалагала ҟаиҵеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминстр Ҭеимураз Хышба аамҭак иалагӡаны атәыла аплиажкәа зегьы раркразы ажәалагала ҟаиҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.
«Амшцәгьақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа инарымаданы аамҭак иалагӡаны атәыла аплиажқәа зегьы раркра хымԥадатәиуп ҳәа исыԥхьаӡоит», - ҳәа иҳәеит Ҭеимураз Хышба.
Аминистр атәыла ари ауааԥсыреи асасцәеи ршәарҭадара аиқәыршәара азы акыр ихымԥадатәиу усмҩаԥгатәуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Уи ишазгәеиҭаз ала уажәы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҿы агәаҭара хымԥадатәиуп.
Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны иҟалаз азарал ашәага-зага аилкааразы акомиссиа Гагра араион аҿы аусура иалагеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны иҟалаз азарал ашәага-зага аилкааразы акомиссиа Гагра араион аҿы аусура иалагеит. Азарал ахарҭәааразы арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥыслоит ааха зауз ахьынхо аҭыԥқәа ирыҵанакуа араионтә, ақыҭатә, аҳаблатә хадарақәа рҿы, ҳәа иаанацҳауеит Гагра араион Ахадара аофициалтә саит.
«Ҳара зегьы ҳзы иуадаҩу ари аамҭа азы ачҳареи ахачҳареи аашәырԥшырц азы аҳәара ҟасҵоит. Аҳ́әынҭқарра иалшо ала зегьы ацхыраара рынаҭоит. Агәра ганы сыҟоуп ҳара зегьы ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны лыԥхала ари аҭагылазаашьа алҵра шҳалшо», - ҳәа араион ауааԥсыра рахь ихы рханы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Лӡаа ақыҭа ауааԥсыреи асасцәеи рзы зда ихәарҭам афатә аалыҵқәеи аӡрыжәтәи рызнагара еиҿкаауп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵа ала Гагра араион Ахадара ала Лӡаа ақыҭа ауааԥсыреи асасцәеи рзы зда ихәарҭам афатә аалыҵқәеи аӡрыжәтәи рызнагара еиҿкаахеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны аԥхасҭа зауыз ауааԥсырагьы атуристцәагьы зегьы иақәнагоу зегьы рыла ишеиқәыршәахо азы ажәа риҭеит.
Аҟәа. Ԥхынгымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақәыршҩы иахҟьаны ааха ӷәӷәа зауз ақыҭақәа Алаҳаӡы, Лӡаа, Аԥсыӡзауад араион, Бзыԥҭа аҳаблаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит.
Ақәыршҩы бааԥсқәа ирыхҟьаны Лӡаа акыҭа аԥхасҭа ӷәӷәа аиуит: аӡхыҵра иахҟьаны аҩнқәеи асасааирҭақәеи рыҟны актәи аихагыла аӡы ыҵалеит, амҩақәа, иара убас 250 метра рҟынӡа инаӡо аихамҩа ахәҭак ҵнаӡӡәааит.
Аҳәынҭқарра Ахада аҳабла ауааԥсыра дырԥылеит, урҭ ацхыраара иаҳәеит.
Аҳабла аҿы инхо аԥҳәыс Саида Еныкь ари аҩыза ахҭыс зынӡа ишазыԥшымыз, иаалырҟьаны ишыҟалаз лҳәеит.
Аслан Бжьаниа Гагра араион Ахадараҿы аоперативтә еилатәара мҩаԥигоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ԥхынгәымза 8 ауха инаркны ԥхынгәымза – 9-нӡа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа ирызкны Гагра араион Администрациаҟны аилацәажәара мҩаԥигоит.
Араион Ахада Иури Хагәышь Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара инамаданы аусурақәа шцо азы. Иури Хагәышь излаиҳәо ала, Гагра араион иҟалаз ақәаршҩы иахҟьаны ԥхынгәымза 9 рзы еилкаахеит аԥхасҭа ӷәӷәа шроуыз ақыҭақәа хԥа: Ԥсахара, Лӡаа, Алаҳаӡы, Бзыԥҭа ҳаблак, Гагра ақалақь ахәҭақәак.
Инықәырԥшны еилкаахеит, Лӡаа ақыҭан аԥхасҭа шроуыз 300-ҩны инарзынаԥшуа, иара убас ацҳақәа ҩба. Алаҳаӡы 250 ҩны аӡы ҩналеит, Ԥсахара ақыҭан - 200 ҩны. Бзыԥҭа аҳаблан аԥхасҭа ӷәӷәа роуит Аҭыӡҭа аҳабла маҷ аҟны 100 нхарҭа ҩны, Гагра ақалақь аҟны 200-ҩны рҟынӡа. Араион аҟны амшцәгьа иахҟьаны иара убас аԥхасҭа роуит асоциалтә инфраструктура аусбарҭақәа.
Аҟәа ақалақь адәқьан «Аҵыбра» аҿы афермертә шәқәа ргьамабара мҩаԥысит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 6 рзы Аҟәа ақалақь адәқьан «Аҵыбра» аҿы афермертә шәқәа ргьамабара мҩаԥысит. Еидгылоу амилаҭқәа Реиҿкаара-Аҳәса реиҿкаареи Еидгылоу амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Афатәи ақыҭанхамҩатә аалыҵи рзы аиҿкаареи рыпроекттә офиси инарыгӡо апроект «Аҩнытә ахшхарҵә аалыҵ аҭыжьраҿы аҳәса ацхыраара рыҭара» алахәылацәа раалыҵ адгалара мҩаԥыргеит.
«Ари аусмҩаԥгатә ахшхарҵә аалыҵ аҭыжьра маҷ знапы алаку аҭыԥантәи аҳәса-афермерцәа рзы хра злоу плошьадканы иҟалоит. Ихадоу ҷыдараны иҟалеит араҟа зыдгалара мҩаԥгоу ашәқәа рыхкырацәара. Урҭ иреиуоуп сулугун ҳәа изышьҭоу ашәеилаҵа, халлуми, скаморца, монтерреи Џьек, чеддер, виндзор, камблиу, фета, брынза, уҳәа убас ирацәаны. Урҭ зегьы рхатәы, акы еиԥшым, даҽа хкы иаламҩашьо агьама рымоуп», - ҳәа адырра ҟаҵоуп Еидгылоу амилаҭқәа Реиҿкаара-Аҳәса реиҿкаареи Еидгылоу амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Афатәи ақыҭанхамҩатә аалыҵи рзы аиҿкаареи рыпроекттә офис апост-релиз аҿы.