pressadmin-2
Муҳаммад Алии Алеқсандр Ефимови Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Урыстәылеи рыцҳаражәҳәарҭақәа русеицура аперспективақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Ефимови реиԥылара мҩаԥысит абҵарамза 22 рзы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедицентр.
Аиԥылараҿы Шьамтәыла иҟоу Аԥсни Урыстәылеи рыцҳаражәҳәарҭақәа русеицура аперспективақәа ирылацәажәеит, иара убас ирзааҭгылеит аҩганк рзы аинтерес зҵоу егьырҭ азҵаарақәа жәпакы.
Муҳаммад Али аҩ-тәылак ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа астратегиатә партниорреи аиҩызареи рышьаҭала хра злоу аҿиара рымоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Иара азҵаарақәа жәпакы рыла аусеицура дшазхиоу, насгьы аринахысгьы уи шацҵахо азы агәыӷра шимоу ааирԥшит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны Женеватәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 22, 2023 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рделегациа –Аахыҵ Кавказ азы Еропатәи атәылақәа Реидгыла ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаари Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахаҭарнак Џьихан Султаноглу, Жәларбжьаратәи Женеватәи Аилацәажәарақәа рҿы Европатәи атәылақәа Реидгыла Ашәарҭадаразы Ахеилак аҟынтәи ацхантәаҩы Виорел Мошану идикылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аминистрра Амедиацентр.
Аиԥылараҿы ишьҭыхыз атема хадақәа ируакхеит Женеватәи аилацәажәарақәа изаамҭанытәиу 59-тәи араунд амҩаԥгара азҵаара.
Зыкапан 32 грамм рҟынӡа инаӡо «каннабис» ҳәа изышьҭоу арҩышьыгатә ҵиаа хкы Мгәыӡырхәа ақыҭан инхо ахаҵа идырбалеит.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Зыкапан 32 грамм иреиҳаз «каннабис» ҳәа изышьҭоу арҩышьыгатә ҵиаа хкы идырбалеит иагьимырхит Гәдоуҭа араион, Мгәыӡырхәа ақыҭан инхо, 1992 шықәсазы ииз Игорь Арӡынба, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан анаркотикатә маҭәашьар зыҩны иҵәахны измаз Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа анхаҩы Игорь Арӡынба дааныркылеит.
Игәҩароу иҩны имҩаԥгаз аԥшаарақәа раан ирбеит аҵиаа иалху амаҭәашьар. Анаҩс аекспертцәа, уи зыкапан 32 грамм рҟынӡа инаӡо «каннабис» ҳәа изышьҭоу арҩышьыгатә ҵиаа хкы ауп ҳәа ишьақәдыргылеит.
Абҵарамза 24 рзы ажурналисттә конкурс «Взгляд – 2023» аихшьаалақәа рыҟаҵара иазку ацеремониа мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, абҵарамза 24, 11:00 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр азал маҷ аҿы Аԥсны ажурналисттә еилазаара аҩныҵҟа II аконкурс «Взгляд – 2023» аихшьаалақәа рыҟаҵареи аиааира згаз аҳамҭақәа ранашьареи иазку ацеремониа мҩаԥысуеит.
Аконкурс 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵра аназгәаҭо ашықәс азы иахьымҩаԥысуа инамаданы, аконкурс аиҿкааҩцәа уи цәыббрамза 27, 1993 шықәсазы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы игылоу аминистрцәа Реилазаара ахыбра ахақәиҭтәраан ақырҭуа снаипер ихымца иагаз Аинформациатә Агентра ТАСС афотокорресспондент, Аԥсны Афырхаҵа Андреи Соловиев изкхарц азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аконкурсантцәа аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа ихы алаирхәраны дыҟоуп Аинформациатә агентра ТАСС адиректор Хада Андреи Кондрашов.
Апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Реидгыла Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи адепутат Алхас Џьынџьал иаԥшьгара иадгылеит.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апартиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Реидгыла Жәлар Реизара-Апарламент ԥыхьатәи адепутат Алхас Џьынџьал аҳәынҭқарреи абизнеси рыбжьара амазаратә еизыҟазаашьақәа рганахьала ахылаԥшра арӷәӷәара азы ауаажәларратә комиссиа аԥҵара азы иаԥшьгара иадгылеит.
Ԥыхьатәи адепутат Алхас Џьынџьал Аԥсны аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә Еиҿкаарақәеи Реидгылеи аполитиатә партиа «Амцахареи» рышҟа аҳәынҭқарреи абизнеси рыбжьара амазаратә еизыҟазаашьақәа рганахьала ахылаԥшра арӷәӷәара иацхрааша ауаажәларратә комиссиа аԥҵара азы ажәалагала ҟаиҵеит.
Иарбоу атема иаҵоу актуалтә ҵакы ҳасаб азуны, Аидгыла иалоу аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа ари аидеиа иалацәажәеит, анаҩс уи аопозициатә политикатә партиақәеи аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа рыҿцәажәара аиҿкаара аформала ари аԥшьгара адгылара аҭаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аҟәа ақалақь, Ҷанба имҩала игылоу ахатәы ҩны амца акит.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амца дырцәон Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони рыхьчара азы аԥшаара-еиқәырхаратә отриад амцарцәаратә гәыԥқәа хԥа, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Амцакра иахҟьаны уадак блит. Амца арцәара алыршахеит. Аӡәгьы ааха имоуӡеит.
Роберт Киут: азакәанԥҵара еилазго иарбанызаалак ауснагӡатәқәа зегьы ӷәӷәала аҿагылара роуеит.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут аҩаша ахәылбыҽха, абҵарамза 21 рзы Афон Ҿыц ақалақь аҿы иҟалаз ахҭысқәа инарымаданы Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Аминистр абҵарамза 21, 2023 шықәсазы Афон Ҿыц ақалақь аҿы, гәыԥҩык ауаа Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә дачақәа Русбарҭа аструктура иалоу аҳәынҭқарратә дача «Афон Ҿыц» аихабетонтә хкаара рбганы аҵакыра аҩныҵҟа рҭалара иадҳәалоу ахҭыс азы агәҭынчымра ааирԥшит.
«Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аганахьала азаканԥҵара еилазго иарбанызаалак ауснагӡатәқәа зегьы ӷәӷәала аҿагылара роуеит.
Роберт Киут: азакәанԥҵара еилазго иарбанызаалак ауснагӡатәқәа зегьы ӷәӷәала аҿагылара роуеит.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут аҩаша ахәылбыҽха, абҵарамза 21 рзы Афон Ҿыц ақалақь аҿы иҟалаз ахҭысқәа инарымаданы Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Аминистр абҵарамза 21, 2023 шықәсазы Афон Ҿыц ақалақь аҿы, гәыԥҩык ауаа Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә дачақәа Русбарҭа аструктура иалоу аҳәынҭқарратә дача «Афон Ҿыц» аихабетонтә хкаара рбганы аҵакыра аҩныҵҟа рҭалара иадҳәалоу ахҭыс азы агәҭынчымра ааирԥшит.
«Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аганахьала азаканԥҵара еилазго иарбанызаалак ауснагӡатәқәа зегьы ӷәӷәала аҿагылара роуеит.
Ареспублиа Аԥсны атәылауаа аконституциатә зин рымоуп ауаажәларатә ҵакы змоу азҵаарақәа рышьҭыхреи рыӡбареи. Аха уи ас еиԥш аҟазшьа аманы иҟамлароуп. Иумбар залшом, араҟа ауаажәларра реизҳазыӷьареи ринтересқәа рыхьчареи гәхьаас иҟаҵаны акәушәа аус аҿы зынӡа даҽа интересқәак ирышьҭоу џьоукы ауаа шалаху. Убарҭ роуп афонҿыцтәи аинцидент аԥшьгаҩыс иҟоугьы», - ҳәа иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.
Алеқсандр Анқәаб изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы Ареспубликатә штаб аилатәара мҩаԥгеит.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы Ареспубликатә штаб изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥгеит.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ареспублика аҿы афымцамч ала аиқәыршәара иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу азгәалҭеит. Убас, ицәырҵыз адефициат ахарҭәаара азы аҳәынҭқарра иазоунажьхьеит 335 миллион мааҭ. Зынӡа Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иаашьҭхо афымцамч азы ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза азы даҽа 600 млн. мааҭ инареиҳаны иԥшаатәуп. Убри аан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ 2023 шықәса 11 мзы рыла афымцамч ахархәара алаҟәра 330 млн кВт/с. рҟынӡа инаӡеит, урҭ рахьынтә 205 млн кВт/с. изакәанымкәа афымцамч ахархәара аԥхьырҟәҟәаара азы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа ирылҵшәахеит ҳәа иазгәалҭеит.
Аԥсны амаининг ақәиҭымтәразы Ақәҵара ареспублика аиҳабыра ирыдыркылеит 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. 2021 шықәса ԥхынҷкәын 31 рзы ари ақәиҭымтәра иацҵан 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа, анаҩс 2023 шықәса анҵәамҭанӡа. Иара убасҵәҟьа атәылахь акриптовалиута арҳаразы амаругақәа ралагаразгьы аԥкрақәа ирыцҵан.
Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы иҟанаҵо адыррақәа рыла, 2016 шықәса инаркны цәыббрамза, 2020 шықәсанӡа ареспублика ахь иааган 66 857 цыра амаининг-еиқәыршәагақәа. Убри аан 2020 шықәса инаркны Аԥснынтә иалганы иган 27 152 цыра акриптовалиута арҳара иазку амаругақәа.
Азинхьчаратә усбарҭақәа рыла 2020 шықәса инаркны ирымхуп, анаҩс аамҭалатәи ашьҭаҵарҭақәа рахь инагоуп 6 415 аппарат, 2023 шықәса, жәабранмза инаркны атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ала иаарԥшхеит 3 431 аппарат.
Аха, Кристина Озган лажәақәа рыла, уи изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы иқәыргылоу ахықәкқәа зегьы рынагӡара алнаршеит ҳәа уҳәаратәы иҟам. Акриптовалиута арҳара иазку аиқәыршәагақәеи амаругақәеи рымхра азԥхьагәазҭо афымцамч изакәанымкәа ахархәара аҿагылара иазку азакәан апроект Аԥсны Жәлар Реизара-Апарлаент ахь ашьақәырӷәӷәаразы инагоуп.
Афон Ҿыц ауааԥсыра еиҿыркааз акциа атәыла анапхгара ахаҭарнакцәеи дареи реиҿцәажәарақәа рышьҭахь ихыркәшахеит.
Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, абҵарамза 21 ауха аҳәынҭқарратә дача «Афон Ҿыц» иахьаҵанакуаз еизаз Афон Ҿыц ауааԥсыра еиҿыркааз акциа атәыла анапхгара ахаҭарнакцәеи дареи реиҿцәажәарақәа рышьҭахь ихыркәшахеит. Абри азы ажурналистцәа адырра риҭеит аҳәынҭқарратә дачақәа Русбарҭа анапхгаҩы Беслан Кәыҵниа.
«Афон Ҿыц иҟоу аҳәынҭқарратә дача қьырала аҭара, мамзагьы априватизациа азура азы изеиԥшразаалак ацәажәарақәеи агәҭакқәеи ыҟаӡамызт, уи аҩыза ҟалашьагьы аманы иҟам», – ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Кәыҵниа.








