pressadmin-2
Израиль Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ааигәара игылаз аиланхарҭаҩны аракетатә ааха анаҭеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа ашьыжьымҭан израильтәи ар х-ракетак рыла Шьамтәыла аҳҭнықалақь Дамаск, Меззе аҳаблаҿы игылоу ԥшь-еихагылакны иҟоу аиланхарҭаҩны иалахысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Иазгәаҭатәуп, аиланхарҭаҩны зырбгаз Израиль аганахьала аракетатә агрессиа ахьыҟалаз аҭыԥи Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахьыҟоу ахыбреи 150 метра рыбжьоуп.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Маҳаммад Али Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа рҟынтәи аӡәгьы ааха имоуӡеит ҳәа адырра ҟаиҵоит.
Инал Арӡынба: Шьамтәыла аҭынчра ашьақәгылареи иҭышәынтәаланы аҿиареи жәларбжьаратәи аренаҟны иҟоу зегьы ирҭахым, аиҳарак Мраҭашәаратәи атәылақәа.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынӡба Сириа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа иазааигәоу Дамаск анхарҭа ҩны иахьеихсыз дақәыӡбеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.
«Хамеигӡара ҟамҵаӡакәа зус назыгӡо ҳдипломатцәа ашәарҭара иҭагылеит. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа аҵак ду змоу агуманитартәи жәларбжьаратәи азинқәеи реиԥҟьара ашҟа икылнагоит, жәларбжьаратәи ашәарҭадареи аизыҟазаашьақәеи рышьаҭа шьақәнарҟьоит. Ҳара уи даараӡа ҳақәыӡбоит», - ҳәа иҳәеит иара.
Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» Аԥсны зехьынџьара ҩаха аамҭа-аамҭала алашара арцәара аланагалоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Афымцалашараҟны иҟоу адефицит иахҟьаны Аԥсны зехьынџьара ҩаха, ажьырныҳәа 21, 2024 шықәса 0.00 сааҭ инаркны ажьырныҳәамза 23,2024 шықәса 0.00 сааҭ рҟынӡа алашара аамҭа-аамҭала идырцәалоит Абри атәы аанацҳауеит «Амшынеиқәафымцамч» апресс-маҵзура.
Бзыԥҭа ацҳаҟны иҟалаз амашәыр иахҟьаны автомашьына «Волга» аԥсҟы зкыз ахаҵа дҭахеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Бзыԥҭа ацҳаҟны иҟалаз амашәыр иахҟьаны автомашьына «Волга» аԥсҟы зкыз ахаҵа дҭахеит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент адырра ирҭеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә ҟәша аҿы.
«Иҟоу адыррақәа рыла, иасуаз аԥшацәгьа иахҟьаны аидарарҳәазага автомашьына ду иақәгылаз аконтеинер хышәҭны автомашьына «Волга» иақәҳаит.
Лыԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа аветеран Екатерина Синиавскаиа.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 102-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡа аветеран, Аԥснытәи АССР Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, аџьа аветеран Синиавскаиа Екатерина Уасил-иԥҳа.
Екатерина Синиавскаиа диит жьҭаарамза 10, 1922 шықәса рзы Красноиарсктәи атәылаҿацә Хомутовка ақыҭан.
1937 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥсны дынхон.
1941 шықәсазы далгеит Гагра ақалақь аҿы Ермоловтәи абжьаратәи ашкол.
Едуард Быҭәба Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко диԥылеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москваҟа иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Едуард Быҭәбеи Михаил Мурашкои Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчаратә усбарҭақәа реинырра атәы иалацәажәеит, ахәҭакахьала 2024 шықәсазтәи атуристтә сезон аҽазыҟаҵара, иара убас амедицинатәии афармацевттәии аусзуҩцәа рзанааҭтә зыҟаҵареи рҟазара аҩаӡара ашьҭыхреи, иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа урыстәылатәи амедусҳәарҭақәа рҿы рыхәшәтәра, уҳәа хадара злоу азҵаарақәа ирзааҭгылеит.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 артҟәацга аҵоуп ҳәа адырра ҟарҵеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи абжьаратәи ашкол N2 артҟәацга аҵоуп ҳәа Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә ҟәша ахь адырра ҟарҵеит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит атәыла аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа ахада Лев Кәыҵниа.
Аҭыԥ аҿы аус руеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәеи егьырҭ иҷыдоу амаҵзурақәа русзуҩцәеи. Ашкол арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи ахыбра идәылгоуп.
Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 артҟәацга аҵоуп ҳәа иҟаҵаз адырра иашамхаӡеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 аҿы арҭҟәацгақәа рзымԥшааӡеит, ҳәа ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит атәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа.
«Ҳара азыҟаҵарақәа мҩаԥаагалоит ас еиԥш ахҭысқәа рыԥхьырҟәҟәааразы», - ҳәа иҳәеит иара.
Иаса Қьырса аӡы иӡаахра амш иазкны Каман иҟоу Ацқьа Василиск иӡыхь аҿы аҽӡаашьра мҩаԥысит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа аӡыԥшьара аныҳәара рхы аладырхәит. Уи мҩаԥигеит Ацқьа Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху аберҭыԥ аигумен Игнати (Киут), Иара еизаз зегьы аҭынчреи ахирреи рзеиӷьаишьеит.
Анцәа имҵаныҳәара ашьҭахь аԥшьаҩы аџьар аӡы иӡааиргылеит. Убри инаркны аӡы ԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, адин ныҟәызго зегьы хынтә-хынтә аӡы рыҽӡааршьит.
Аб Виссарион аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа зегьы Иаса Қьырса аӡы иӡаахра амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама аиҳабы аиереи Виссарион (Аплиаа) аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа зегьы Анцәа иӡаахра амш рыдиныҳәалеит.
«Гәыкала ишәзеиӷьасшьоит зегьы, иԥшьоу аӡы ацәыкәбарқәа цәеижьыла агәабзиара, агәамч, доуҳала ацқьара шәзаанагааит. Ари амш аҽны шәымҩақәа зегьы аатааит, шәыԥсҭазаараҿы иҟамлааит алахьеиқәҵара, агәкаҳара, абзиабареи агәыӷреи шәыгәқәа ԥхараны иҭалааит», – ҳәа ари аӡаахра аныҳәа аҵакы азгәаҭо иҳәеит аԥшьаҩы.








