pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҩаша, ахәылбыҽха, абҵарамза 21 рзы Афон Ҿыц ақалақь аҿы иҟалаз ахҭысқәа рганахьала аҳәамҭа ҟанаҵеит.

«Абҵарамза 21, 2023 шықәса,  21 сааҭ инарзынаԥшуа, Афон Ҿыц ақалақь аҿы, гәыԥҩык ауаа  Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә дачақәа Русбарҭа аструктура иалоу аҳәынҭқарратә дача аихабетонтә хкаара рбганы аҵакыра аҩныҵҟа иҭалеит.  Иара убри ала аҳәынҭқарратә мазара азарал ду аиуит», - ҳәа иаҳәоит аҳәамҭа аҿы.

Акциа иалахәыз изларҳәаз ала, аихабетонтә хкаара арбгара аҳәынҭқарратә дача аҵакыра аҭиразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит ҳәа ацәажәарақәа ирыхҟьеит. Арҭ ацәажәарақәа акала ишьақәырӷәӷәам ҳәа иазгәаҳҭоит.  Акциа иалахәыз иара убас Афон Ҿыц аҿиара аҭаххрақәа рзы, ахәҭакахьала, асоциалтә инфраструктура аобиектқәа рыргыларазы адгьыл азоужьра хымԥадатәны иҟоуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит.

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәии урыстәылатәии азакәанԥҵаҩцәа Москва аусуратә еиԥылара мҩаԥыргеит.  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лашеи Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак аҟны Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Константин Косачиови, Афедерациа Ахеилак атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак ахантәаҩы  Владимир Булавини, Афедерациа Ахеилак атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак ахантәаҩы  актәи ихаҭыԥуаҩ Владимир Чижови еиԥылеит. Аиԥылара далахәын Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Мадина Аҩӡба.

Жәлар Реизара-Апарламент асаит аҿы иҟоу адыррақа рыла, Апарламент ахаҭарнакцәа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа Москва ианыҟаз аахыс шықәсык аҩныҵҟала аусура аихшьалақәа рзы ргәаанагара рҳәеит. Убри аан Константин Косачиов ҵыԥхтәи ашықәс жьҭаарамзазы имҩаԥысыз аиԥылараан апарламентбжьаратә усеицура арццакразы аиқәшаҳаҭра шалыршаз азгәеиҭеит. Уи иаҵшьны иҳәеит: «Уажәы алҵшәақәа ҳрылацәажәартә аҭагылазаашьа ҳамоуп ари аамҭа иалагӡаны имҩаԥгаз аусура аҩ-тәылак рыжәларқәа ринтересқәа ирызку аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара ианаҭаз анырразы». 

Константин Косачиов иҳәеит 2023-тәи ашықәс Урыстәылеи Аԥсни рзы акрызҵазкуа ахҭысқәа рыла ишҭәыз. Убарҭ ируакуп цәыббрамза анҵәамҭазы имҩаԥысыз Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламенти русеицуразы Акомиссиа аилатәара. 

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва усуратә визитла дыҟоуп.

Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарратә еилазаарақәа рыҟны аиԥыларақәа мҩаԥысуеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иныҟәарақәа раан дицуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь, Оҭырба имҩала игылоу аҩны амца шакыз азы адырра ареспублика Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь иҟалеит асааҭ 15:35 рзы.

Амца дырцәон Гәдоуҭеи Афон Ҿыци рҟынтәи амцарцәара-еиқәырхаратә бригадақәа хԥа, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Амцарцәаҩцәа аҭыҵ аҿы ианнеи аамҭазы аҩны ӷәӷәала амца амҽханакхьан.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ашықәсҿыцтәи аԥсаҵла официалла аартра азԥхьагәаҭоуп ԥхынҷкәынмза 20 рзы, ҳәа аҳҭнықалақь Ахадара Анхара-коммуналтә Нхамҩа аиқәыршәазаара азы Адепартамент анџьныр-специалист  Кама Кәыҭелиа лажәақәа рахь азхьарԥш ҟаҵо  иаанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Лара ишеиҭалҳәаз ала, ашықәсҿыцтәи аԥсаҵла Аҟәа ақалақь Ахақәиҭра Ашҭаҿы ашьақәыргылара иалагоит абҵарамза 25 инаркны.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» адиректор Мактина Џьынџьали иреиҳаӡоу аквалификациатә ҩаӡара змоу аҳақьым-апсихиатр, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рҳақьым-психиатр, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра иатәу Иреиҳаӡоу аҵарадырразы Афедералтә ҳәынҭқарратә биуџьеттә ҵарадырратә Усбарҭа (ФГБОУ ВО) Ростовтәи аҳәынҭқарратә медицинатә Университет апсихиатриеи анаркологиеи ркафедра аусзуҩ Оксана Мельниковеи алархәны аусуратә еилацәажара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аиԥылара иара убас лхы алалырхәит аҳақьым-психиатр Гванҵа Маҷавариани.

Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра адгыларала Акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» еиҿнакааз апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Оксана Мельникова ҩымчыбжь ирылагӡаны ахәыҷқәа лыдылкылалоит. Акциа атәыла араионқәа зегьы рыҟны имҩаԥыслоит, аҳақьым идкыларақәа хәыда-ԥсада, аконфиденциалтә ҟазшьа аманы имҩаԥыслоит.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә хәышәтәырҭа инагӡаны автономтә фымцатә еиқәыршәагала еиқәыршәоуп. Амшцәгьақәеи иуадаҩу аҭагылазаашьақәеи ирыхҟьаны иҟалар зылшо афымцала аиқәыршәара аиԥҟьарақәа инарымаданы,  амедицинатә усбарҭақәа аӡынтәи аамҭахәҭа ишазхиоу агәаҭара мҩаԥигеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәа министр ишизеиҭеиҳәаз ала, ахышәтәырҭаҿы иахьа иҟоуп адизельтә генераторқәа хԥа, ҩба-астацтонартә, акы – амобилтә.  Агенератор хада амчхара – 530 киловатт рҟынӡа инаӡоит, аҩбатәи астационартә  – 380 кВт,  амобилтә генератор амчхара –  80 кВт. рҟынӡа инаӡоит.

«Ҳгенераторқәа зегьы ртехникатә ҭагылазаашьа бзианы иҟоуп, аныхтә-ԥсахгатә материалқәа зегьы ԥсақәуп. Агенератор хада автономтә режим ала аус ауеит. Аиқәыршәагақәа зегьы ртехникатә ҭагылазаашьа бзиоуп, уи аӡынра иазырхиоуп», – ҳәа иҳәеит Ерик Ҳаҭхәа.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи акаратистцәа косики карате азы Урыстәылазегьтәи атурнир аҿы аԥхьахәқәа ргеит. Альберт Кирокосиан аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит, Сандро Киут – ахԥатәи аҭыԥ, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир мҩаԥысуан абҵарамза 18 – 19 рзы Москватәи аобласт Ногинск ақалақь аҿы.  Аицлабрақәа иралыхәын Урыстәыла арегионқәа зегьы рҟынтәи 500-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Есышықәса имҩаԥысуа Урыстәылазегьтәи атурнир «Кавказ амшын Еиқәа аԥшаҳәа Ахраҿа» аҿы еиуеиԥшым аҩаӡара змоу 13 медал ранашьахеит аԥснытәи атхеквондо аиқәԥаҩцәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир мҩаԥысит абҵарамза 19 рзы Шәача ақалақь аҿы. Уи рхы аладырхәит урыстәылатәи арегионқәа еиуеиԥшым афедерациақәеи аклубқәеи  рҟынтәи  аспортсменцәа, иара убас Гагра ақалақь  мрагыларатәи аиқәԥарақәа рзы Ахәыҷтәы-қәԥштә спорттә школ аҟынтәи 16-ҩык рыла еилоу акоманда.

Атурнир аихшьаалақәа рыла аԥснытәи аспортменцәа актәи быжь ҭыԥки аҩбатәи х-ҭыԥки ахԥатәи х-ҭыԥки ааныркылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭа аузуҩцәа Аҟәа ақалақь дааныркылеит 2000 шықәсазы ииз Ҭаџьыкьысҭан атәылауаҩ Бобоназаров Шухраҭ Комил-иԥа.

Иаанкылаз иазҵаара аан идырбалеит 17 еилаҳәара, урҭ иргәылан ишкәакәоу, аххыраԥшра змоу «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар, ҳәа иаанацҳауеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апрес-маҵзура.

Иаанкылаз Шухраҭ Бобоназаров ишиҳәаз ала, иара Аԥсныҟа дааит анаркотикқәа аҵәах-ҭыԥқәа рхархәарала аҭиларазы, иара убри ала аԥара арҳаразы.

Ашаҳаҭцәа адгаланы Ҷанба имҩала иҟоу аҭыԥ аҿы имҩаԥгаз аԥшаарақәа раан Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭа аусзуҩцәа ирбеит аҭиразы ирхиаз, анаркотикатә маҭәашьар згәылаз даҽа 8 еилаҳәара.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.