pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 31, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа  аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Ареспублика Аԥсны иҟаз Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.

Алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба,  Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, атәыла аԥыза-министр Владимир Делба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, атәыла Анапхгара алахәылацәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ихантәаҩрала имҩаԥысит амонументалтә ҟазаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.  

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза, 2025 шықәса рзы аҳазалхратә усбарҭақәа рыла аплан иарбаз 408,2 миллион мааҭ ацынхәрас аҳәынҭқарратә биуџьет ахь 415 миллион мааҭ алагалахеит, нанҳәамзазы аплан 102% рыла инагӡоуп. Абри азы адыррақәа ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь Ахадара адепартаментқәеи аусбарҭақәеи зегьы русура азҵаара  хадақәа ирызкын ақалақь ахада Ҭемыр Агрба иарбоу аҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥигаз аилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.  

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба ихантәаҩрала амшын аԥшаҳәа аҿы имҩаԥысит ақалақь аиқәыршәазааразы акомиссиа анҭыҵтәи аилацәажәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.  Уи рхы аладырхәит аҳҭнықалақь архитектор хада Бислан Багаҭелиа, Анхара-коммуналтә Нхамҩа аусзуҩцәа, ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа  аусзуҩцәа, аекологиа азы Аҳәынҭқарратә Еилакы, аботаника Аинститут ахаҭарнакцәа, иара убас апроектҟаҵаҩцәа, Москвантәи иааны иҟоу аландшафтә дизаинерцәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризми аимиџьтә политикеи иазку ақьаад цырыцла еиқәыршәоу,  зформат нагӡоу ажурнал «Аԥснытәи аԥсшьарамшқәа» («Абхазские каникулы») актәи аномер ҭыҵит.

Аҟәа. Нанҳәамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Қырҭтәыла амедиаҵакыра аҿы Очамчыра ақалақь, еицырдыруа ашьапылампыласҩы Витали Дараселиа дахьиз, аспорт аҽазыҟаҵара дахьалагаз Очамчыра ақалақь аҿы ихьӡ зху амузеи дырбгеит ҳәа имцырку аинформациа аладырҵәоит.

Убри инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит Очамчыра араион Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аҟәша аиҳабы Ҭемыр Ԥачлиа:

«Ахаан иҟамыз узырбгаӡом. Дараселиаа рҭаацәара уаанӡа иахьынхоз аҩны, – ари ахатәы нхарҭоуп, уаҟа иҟарҵо зегьы аԥшәма ихатәы ус ауп. Ари аҩны аҿы ахаангьы амузеи ыҟаӡамызт. Ҳаԥхьаҟа еицырдыруаз ҳџьынџьуаҩ ихьӡала амузеи аартра азы агәҭакқәа шҳамоу – уи ииашоуп».

Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа Адыррақәа рымш азы адныҳәалара ҟалҵеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иҳәоуп:

«Цәыббрамза 1 — ари агәыӷреи агәҭак бзиеи зцу ныҳәоуп. Сынтәа раԥхьаӡа акәны ршьаҿа еихыргоит абжьаратә ҵараиурҭақәа рахь 2500-ҩык рҿынӡа ахәыҷқәа. Раԥхьаӡа акәны ашкол ахь зшьаҿа еихызгаз ахәыҷқәа ишәзеиӷьасшьар сҭахуп ақәҿиара дуқәа, аҵарамш шәҵааит!» — ҳәа илҳәеит Хана Гәынԥҳа.

Аҟәа. Цәыббрамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика ажәлар ареспублика ашьақәгылара 35-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит. Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика иахьа иазгәанаҭоит ареспублика аԥҵара 35-шықәса ахыҵра.

Аҟәа. Цәыббрамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Владимир Делба аҵарашықәс ҿыц алагара инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иҳәоуп: 

«Ҳаҭыр зқәу ахәыҷқәа, ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәеи аҭаацәеи!

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.