pressadmin-2
Бадра Гәынба: афорум алахәылацәа Аԥсны аекономика ахырхарҭа хадақәеи апроектқәа рынагӡареи ирылацәажәеит
«Урҭ аҿиаразы алшара ду змоу ақыҭанхамҩа, атуризм, аинфраструктура, аенергетика реиԥш иҟоу хырхарҭақәоуп. Иарбоу ахырхарҭақәа ҳара ҳзы актуалра рыманы иаанхоит, уи ҳара аус адаҳулоит», – иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Ареспубликатә шьадатә центри Аҟәа идыргыло ахәыҷтәы хәышәтәырҭеи ирҭааит
Агәаҭара иара убасгьы ихы алаирхәит Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.
Аԥснытәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум зымҽхак ҭбаау хҭысны иҟалеит иҳәеит Бадра Гәынба
«Шәара ижәдыруеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи ас еиԥш зымҽхак ҭбаау афорумқәа шымҩаԥымсыцыз.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит ашықәс зегьы иааиԥмырҟьаӡакәа атуристцәа Аԥсны радыԥхьаларазы аҭагылазаашьа бзиақәа шҳамоу
Аԥсны аԥсабара ҳасаб азаҳуазар иаҳнарбоит атуристтә сезон ашықәс зегьы иааиԥмырҟьаӡакәа иҟазар шауа.
Владислав Арӡынба игәалашәара иазку иаарту ареспубликатә турнир хацыркхеит Аҟәа
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазку аинваспорт азы иаарту ареспубликатә турнир хацыркхеит Аҟәа ҳәа аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭқарратә еилакы.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Адыгеиа Ареспублика ахада Мураҭ Кумпилов диԥылеит
Бадра Гәынба: Ҟабарда-Балкариеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рыхә ҳаракны иаҳшьоит
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба диԥылеит жәларбжьаратәи аекономикатә форум ахь иааз Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика ахада Казбек Коков.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Донецктәи жәлар рреспублика ахада Денис Пушилин диԥылеит
Урҭ рылацәажәеит аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара, агуманитартәи асоциал-економикатәи усхкқәа рҿы аусеицура, иара убас ҩ-республикак рыжәларқәа рҿаԥхьа иқәгылоу азеиԥш зҵаарақәа.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аҭыԥантәи аарыхыҩцәа рцәыргақәҵа иаҭааит
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи
Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аҳҭнықалақь аҿы аҭыԥантәи аарыхыҩцәа реихьӡарақәа рекспозициа иаҭааит.
Краснодартәи атәылаҿацә ацхыраарала аҵарадырратә усхкы арҿыцра иаҿуп
Краснодартәи атәылаҿацә ацхыраарала аҵарадырратә усхкы арҿыцра иацнаҵоит ҳәа азгәеиҭеит урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еилакы «Иқәыԥшу Урыстәыла» Краснодартәи арегионалтә ҟәша ахеилак ахантәаҩы Роман Марченко.








