pressadmin-2
Абгархықә ақыҭа абжьаратәи ашкол иааиуа амчыбжь азы иҿыцу ашколтә автобус азааргоит.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион Абгархықә ақыҭа абжьаратәи ашкол даҭааит имҩаԥысуа арҿыцратә усурақәа ргәаҭаразы. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала Шьаҭанкылатәи аргыларатә усбарҭа 1900 ԥшьыркца метра рҟынӡа ахыб аԥсахразы аусурақәа мҩаԥнагоит. Ҳазҭагылоу аамҭазы иԥсахуп 1400 ԥшьыркца метра рҟынӡа.
Ҟәланырхәа ақыҭан адгьылҳәазара иахҟьаны иҿыбгаз амҩа еиҭашьақәыргылахоит.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Гәдоуҭа араион аҟны Ҟәланырхәа ақыҭа даҭааит.
Аҳәынҭқарра Ахада Даур Ахьиба ихьӡ зху аҩбатәи абжьаратәи ашкол ахыб арҿыцразы имҩаԥгоу аусурақәа дрыхәаԥшны ибеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада Цандрыԥшь ашкол арҿыцратә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Цандрыԥшь ашкол арҿыцратә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит. Уи аԥхьа ашкол ахыбра закәандарала априватизациа азуын. Гагра араион администрациа иабзоураны аҳәынҭқарратә хатәтәрахьы ирхынҳәын.
Апроект «Аԥсныҟа аеконыҟәара» арҿиара азԥхаьагәаҭоуп – ҳәа еиҭалҳәеит Вера Емелианова.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Псковтәи аобласт агубернатор ихаҭыԥуаҩ Вера Емелианова Псковтәи аобласти Ареспублика Аԥсни рыбжьара аусеицура аҿиара иазку инарҭбаау аилатәара аҿы аҵарадырра аусхкы аҿы иҟоу аусеицура атәы еиҭалҳәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Псковтәи аинформациатә агентра.
Раԥхьатәи ахәмарратә цҵа «Анбан» аӡыргара мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «А-мобаил» Аҟәа ақалақь аҿы аӡыргара мҩаԥнагеит аԥсуа бызшәа аҵара алагарҭатә етап азы еиқәыршәоу раԥхьатәи ахәмарратә амобилтә цҵа «Анбан».
Ахәмарра шьақәгылоуп аԥсышәала еиқәыршәоуп ахәмарра-маҷқәа жәаба рыла, урҭ аԥсуа нбанқәа, ашьҭыбжьқәа ажәақәеи ахыԥхьаӡарақәеи хәмаррала рҵаразы алдыршоит. Ацҵа ашьаҭа 500 жәа рыла ишьақәгылоуп.
Еиҭашьақәыргылаз аспорттә зал аатит Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №14 аҿы.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. А.П. Чехов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №14 аҿы еиҭашьақәыргылаз аспорттә зал ҿыц аартра иадҳәалоу аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.
Ашкол адиректор Рита Бениа еизаз ари агәырӷьаратә хҭыс – 30 шықәса иреиҳаны иззыԥшыз аспортә зал ҿыц аартра рыдылныҳәалеит. Иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рҿы абаҩарҵәыра аурокқәа рымҩаԥгара азы алшара рамамкәа ашколтә дәы аҿы рҽазыҟарҵон, аха уеизгьы аҵаҩцәа ақалақьтә еицлабрақәа рхы аладырхәуан, аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылон, амедалқәеи ахраҿақәеи ргон, ҳәа илҳәеит Рита Бениа. Арҭ ахраҿақәа ацеремониа ахьымҩаԥысуаз азал ахь инаргеит.
Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа раан псковтәи ашколхәыҷқәа Аԥсныҟа аҭоурыхтә лагерь ахь иаауеит.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥхынтәи аԥсшьарамшқәа раан псковтәи ашколхәыҷқәа Аԥсныҟа аҭоурыхтә лагерь ахь иаауеит, ҳәа Псковтәи аобласти Аԥсни русеицура азы инарҭбаау аилатәараҿы дықәгыло иазгәалҭеит Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа Абри азы адырра ҟанаҵоит Псковтәи аинформациатә Агентра.
Аилатәара мҩаԥысуан Псковтәи аобласт агубернатор Михаил Ведерникови Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делбеи алархәны.
Хана Гәынба ԥсковтәии аԥснытәи ашколхәыҷқәа рыбжьара хра злоу аимадара ашьаҭа шьақәгылахьеит ҳәа иазгәалҭеит.
Владимир Делба Псков имҩаԥысуа V Жәларбжьаратәи апатриоттә форум «Ҳара иаҳгәалашәоит» ихы алаирхәит.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба абҵарамза 17 - 19 рзы Псков ақалақь аҿы имҩаԥысуа V Жәларбжьаратәи апатриоттә форум «Ҳара иаҳгәалашәоит» ихы алаирхәуеит.
Иара Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала афорум алахәылацәа рахь адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.
«Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра ашықәсан имҩаԥысуа V Жәларбжьаратәи апатриоттә форум «Ҳара иаҳгәалашәоит» аартра шәыдысныҳәалоит зегьы. Афорум иаҵоу аҵакы арегионалтә ҳәаақәа ирҭыҵуеит. Уи ирзеиԥшу аҭоурыхи ирзеиԥшу Аиааиреи рыла еимадоу ажәларқәа рыбжьара адоуҳатәи акультуратәи аимадара арӷәӷәара акыр иацхраауеит. Уажәы имҩаԥысуа афорум аҵакы ҷыда амоуп Ареспублика Аԥсны азы. Раԥхьаӡа акәны ҳҿар ари зымҽхак ҭбаау аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит. Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа аилибакаареи агәреибагареи рыла ишьаҭарку аиҩызаратә ҟазшьа амоуп. Ҳара ҳтәыла активла Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәа рыҽрыманадоит, аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара мҩаԥысуеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Псковтәи аобласти Аԥсни рыбжьара хра злоу апартниортә еизыҟазаашьақәа аҿиара иаҿуп», – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.
Бадра Гәынба: Гагра ақалақь аҿы ӡыла аиқәыршәара аобиектқәа иааиуа аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭа аҟынӡа еиҭашьақәыргылазароуп.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Гагра ақалақь аҟны ӡыла аиқәыршәара иазку аобиектқәа рырҽеиратә усурақәа дырҭааны ибеит. «Гагра ақалақь аҿы ӡыла аиқәыршәара аобиектқәа иааиуа аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭа аҟынӡа еиҭашьақәыргылазароуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Гагра ақалақь аҟны ӡыла аиқәыршәара иазку аобиектқәа реиҭашьақәыргыларазы арҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит. Арҿыцратә усура 2000-и 4000-и кубтә метра зкуа аӡымҩангагатә мкьаҭқәа ҩба рыҟны имҩаԥысуеит.
Дамеи Кәыҵниа данҭаха ашьҭахь ианашьахеит «Афырхаҵара аорден».
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Иусԥҟала Урыстәылатәи Афедерациа Донецктәи Жәлартә Республика аҵакырадгьыл аҟны имҩаԥысуа Иҷыдоу арратә операциаҟны ихәыз ахәцәа ралгараан иааирԥшыз афырхаҵареи ахамеигӡареи рзы аиҵаполковник Кәыҵниа Дамеи данҭаха ашьҭахь ианашьоуп «Афырхаҵаразы оорден».








