pressadmin-2
Аибашьра аветеран Ипполит Гаделиа иҩны аԥенџьыр ҿыцқәеи ашәқәеи аҿарҵеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа Гал араион аҿы инхо Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Ипполит Гаделиа иҩны аԥенџьыр ҿыцқәеи ашәқәеи рҿаҵара иадҳәалоу аусура хнаркәшеит.
Бадра Гәынба гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол №1 аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпрессс. 25-ҩык Н. Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол №1 аушьҭымҭацәа рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит.
Ашкол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәаларц арахь дымҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра Ахада ашкол аушьҭымҭацәа ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаишьеит.
Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 иалгеит 120-ҩык аушьҭымҭацәа.
Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол аҿы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. Сынтәа 11-тәи акласс иалгоит 120-ҩык ахәыҷқәа.
Аныҳәатә цәаҳәақәгылара традициала ишаԥу еиԥш Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ ашьҭыхрала иалагеит.
Ашкол аушьҭымҭацәа ирыдныҳәаларц арахь имҩахыҵит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанбеи Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡеи.
Росавиациа Казань аҟынтәи Аҟәаҟа аԥырразы азин ҟанаҵеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳаиртә еилазаара «Nordwind Airlines» Казань аҟынтәи Аҟәаҟа аԥырразы азин аиуит. Уи азы аусԥҟа Росавиациа аофициалтә саит аҿы икьыԥхьхеит.
Аусбарҭа асаит аҿы икьыԥхьу адокумент инақәыршәаны, «Северный ветер» Ҭаҭарсҭан аҳҭнықалақь Казань аҟынтәи Аҟәаҟа мчыбжьык ахь хәынтә ареисқәа рынагӡара алшоит. Ареисқәа анхацыркхо атәы аусшәҟәы иарбаӡам. Аха, мшаԥымза анҵәамҭазы Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт Аминистрра аҿы иҟарҵоз адыррақәа рыла, Нальчики Аҟәеи аҳаиреимадара рыбжьалараны иҟоуп рашәарамза 4 инаркны.
Аҳәынҭқарра Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рыхшыҩ азишьҭит русеицура арӷәӷәара аҭахны ишыҟоу.
Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра аилацәажәара мҩаԥигеит азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны.
Уи иалахәын Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан, Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Шамба Дмитри, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Лолуа Рауль, Апрокурор Хада Агрба Адгәыр, Аԥыза – аминистр Ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Киут Роберт, Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы Дбар Дмитри, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рхылаԥшразы аусбарҭа анапхгаҩы Ԥачалиа Асҭамыр.
1888-ҩык Аԥснытәи ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы игоит аҵыхәтәантәи аҵәҵәаҩбжьы.
Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, лаҵарамза 22 рзы, Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы игараны иҟоуп аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы. Сынтәа Аԥсны 153 школ рҿы 1888-ҩык аушьҭымҭацәа ыҟоуп.
Аԥсны Ахада ашкол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ашкол аушьҭымҭацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵо, дрыдныҳәалеит.
Автоҳәынҭинспекциа аԥхынтәи аамҭахәҭа азы ирӷәӷәоу арежим ала аус аулоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥхынтәи акурорттә сезон аартра аҽазыҟаҵара иазкын Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Дамеи Аҩӡба Гагра араион Автоҳәынҭиспекциа ахатәы еилазаара алархәны имҩаԥигаз аусуратә еилатәара.
Иара аинспекторцәа зхатәы транспорт ала Аԥсныҟа иаауо амашьынарныҟәцаҩцәа ҳаҭырла рызнеира шхымԥадатәиу ргәалаиршәеит.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Роман Џьениа ишьра инадҳәаланы Ларик Џьениеи Ҭамаз Аџьбеи рганахьала азыӡба рыланаҳәеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Роман Џьениа ишьра инадҳәаланы азыӡба рыланаҳәеит.
Аӡбаҩ Беслан Берулаа ихантәаҩрала лаҵарамза 20 рзы имҩаԥысыз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иаарту аилатәара аҿы Ларик Џьениа иганахьала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа 2, апункт «ж» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (гәыԥҩык ауаа заанҵы рцәыҵеицәажәарала иҟаҵаз ауаҩшьра) азы, Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (закәаншьаҭада абџьар аахәареи, аҵәахреи, аныҟәгареи) азы ихацыркыз ашьаусеилыргареи Ҭамаз Аџьба иганахьала (гәыԥҩык ауаа заанҵы рцәыҵеицәажәарала иҟаҵаз ауаҩшьра) азы ихацыркыз ашьаусеилыргареи иахәаԥшит.
Аенергетика Аминистрра аҿы афымцамч ахәԥса ашәара аганахьала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иалацәажәеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Инагӡоу аҭиратә усура аихшьаалақәеи ахархәара зауз афымцамч азы ашәатәқәа реизгра ашьҭыхреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирызкын аенергетика аминистр Баҭал Мышәба лаҵарамза 20 рзы имҩаԥигаз инарҭбаау аусуратә еилатәара.
Аенергетика Аминистрра а-Телеграм-канал аҿы иҟоу адыррақәа рыла, аилатәара аҿы ҳазҭоу 2025 шықәса ажьырныҳәа-мшаԥныҳәа рыҩныҵҟа аҭиратә усура аихшьаалақәеи оперативла абиллингтә программатә аалыҵ алагалареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.








