pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Женева ихыркәшахеит  Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд. Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц напхгара зиҭоз аделегациа аилазаараҿы иҟан адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аерманцәа Рхеидкыла есышықәса еиҿнакаауа афестиваль «Амшен» сынтәа Очамчыра араион Аракьыҽы ақыҭан имҩаԥысит.

Афестиваль иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа.  

Астендқәа рҟны ицәырган досу рқыҭақәа рҟынтәи сынтәатәи рҽаҩра, рмилаҭтә чысхкқәа, иара убас абзазаратә маҭәахәқәеи анапкымҭақәеи. Афестиваль аҿы ицәырган Аҟәа ақалақьи, Аҟәатәи, Гагратәи, Гәдоуҭатәи, Очамчыратәи, Гәылрыԥшьтәи араионқәа рҟынтәи адиаспорақәа рстендқәа, иара убас Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аделегациа астендгьы. Хазы игоу астенд цәырыргеит Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аиџьынџьуаа реиҿкаарақәа Ркоординациатә Хеилак.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аусдкылаҩцәа льгота ҳасабла акредитқәа рыҭара ихадоу теманы иҟалеит ахәаша, аминистрцәа Реилазаара аҿы имҩаԥысыз аилатәара аҿы. Аинвестициатә усеицура аперспективақәа ирызкыз аиԥылара рхы аладырхәит аԥыза-министр Владимир Делба, Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Назаров, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа, аекономика аминистр Ҭемраз Амқәаб, Аԥсны Амилаҭтә Банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.     

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы абҵарамза 11 рзы иҟалаз аиҿахысразы зыгәҩара ыҟоу аанкылоуп. Абри азы Аԥсны Ахада Гәынба Бадра адырра ирҭеит ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа аусуратә еилацәажәараҟны. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.   

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә Усбарҭеи Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәшеи русзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи еицымҩаԥыргоз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, абҵарамза 14 рзы даанкылан 1995 шықәса рзы ииз Шьынқәба Асҭамыр Амеран-иԥа, абҵарамза 15 рзы  - 1984 шықәса рзы ииз Џьыкырба Шараҭ Иродион-иԥа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи адокументалтә кинофестиваль «RТ.Док: Ҳфырхацәа раамҭа» Аҟәа, абҵарамза  18 рзы ихыркәшахеит.

Афестиваль аҩбатәи, ахыркәшаратә мшы аҽны идырбан адокументалтә фильмқәа: "Ҳашҭа аҟынтәи арԥыс: Журавлиов" (автор, арежиссиор Инна Танашева), "Агәрахаҵара адгьылбжьаха" (автор Ольга Кири, арежиссиор Артиом Сомов), "Аӡәы. Адәы. Аибашьҩы" (автор Руслан Гусаров, арежиссиор Артиом Сомов).

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥысит Италиа иҟоу, анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани иԥылара.

2025 шықәса абҵара 14 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, Италиа иҟоу, анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани 2016 шықәса раахыс имҩаԥиго иусура, Аԥсни егьырҭ атәылақәеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара, аҳәаанырцә, ҷыдала Италиатәи ареспубликаҿы ахьӡ ашьҭыхреи аларҵәареи рҿы илшамҭақәа рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра амедал «Алшамҭақәа рзы» ианеишьеит.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса Аҟәа ақалақь аҿы иазгәарҭоит ахьа Амш. Аусмҩаԥгатә Аԥсны аекосистема хадақәа иреиуоу, аԥсабаратә, аекономикатәи акультуратәи аҵакы змоу ахьатә бнақәа реиқәырхара апроблема ахшыҩзышьҭра аҭара иазырхоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь аҿы ацәгьоура аиҿкаареи анагӡареи рҿы игәҩароу Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахь днаргеит.

Уи Урыстәыла иахьаҵанакуа даанкылан, аԥснытәии урыстәылатәии азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгарабжьаратә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа ган ахь дыиаган, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Аҟәа. Абҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Арбџьармчқәа аруаа ҿыц аҭоуба рыдкылара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.