pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра аҟны иҟоу ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчаразы Амилаҭтә медицинатә ҭҵаара-дырратә Центр адгыларала Аԥсны раԥхьаӡа акәны, Аҟәатәи 10-тәи Ашьхарыуаа рышкол ала ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа мҽхакы ҭбаала амҩаԥгара иалагеит. Аԥсны агәабзиарахьчареи аҵареи рминистрцәа рнапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәбеи Инал Габлиеи адиспансеризациа шымҩаԥысуа рыблала ирбарц азы Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол №10 иаҭааит.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апеспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аҳәынҭқарратә абылтәытә еилазаара» аусура азы аинформациа аларҵәара инамаданы Аԥсны аекономика Аминистрра адырра ҟанаҵоит:

«2020 шықәса инаркны  2023 шықәса анҵәамҭанӡа Аминистрра ахаҭарнакцәа Аԥсны аԥыза-министр 27.07.2020ш. иҭижьыз  Аҳәынҭқарратә Еилазаара «Аԥсныбылтәы» анефтҵәахырҭа аҿы анефт аалыҵқәа зинда рыиагара алмыршара азы ауснагӡатәқәа реиҿкаара азы» Ақәҵара № 70-р анагӡаразы  Ешыра ақыҭан иҟоу анефтҵәахырҭа аҿы инеиԥынкыланы аинвертаризациақәа ирылахәхон, адебитортә уал аларҟәра аганахьала аус  анагӡара мҩаԥысуан.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганбеи атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанбеи Арбитражтә ӡбарҭа Аҟәа араион аҿы Аҟәатәи Аӡфымцатә Станциа аҟынтәи астанцеиҵа «Аҟәа – 1» («Сухум-1») аҟынӡа зхаҳәатәала иргылаз, 19,6 км. рҟынӡа инаӡо, зымчхара 110 кВт рҟынӡа инаӡо афымцамҩангага ацәаҳәа аҳәынҭқарратә мазараны азхаҵара азы иаднакылаз аӡбамҭа иадҳәалоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит. Валери Бганба иазгәеиҭеит иара Аԥсны афымцамчи атранспорти Рминистрра ала Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» шьаҭанкылатәи аинвентаризациа амҩаԥгаразы  Ақәҵара инапы шаҵаиҩыз.  

«Хымԥада еилкааны ишьақәыргылатәуп «Амшынеиқәафымцамч» абаланс аҿы иҟоу зегьы, уи астатус зеиԥшроу. Рыцҳарас иҟалаз, ҳара иахьа иаабоит иарбоу аусбарҭа апозициақәак ацәыӡра ишаҿу. Араҟа зыӡбахә ҳамоу атәыла аенергетикатә шәарҭадара ауп. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аҿы аусқәа реиҿкаареи рҭышәынтәалареи ахәҭаны иҟоуп», –  ҳәа иҳәеит  Валери Бганба.

Џьансыхә Нанба Аминистрра ала аусмҩаԥгатәқәак мҩаԥгоуп, урҭ рылҵшәақәа рзы аофициалтә ҳасабырба адгалара жәабранмза  10 рзы имҩаԥган ҳәа адырра ҟаиҵеит.

«Ҳара шәҟәыла Шәара адырра шәаҳҭеит имҩаԥаагаз ауснагӡатәқәа рзы, уи зегьы аусшәҟәқәа рыхкьыԥхьқәа рыла ишьақәҳарӷәӷәеит. Аҟәатәи Аӡфымцатә Станциа аҟынтәи астанеиҵа Аҟәа-1 («Сухум-1) аҟынӡа инагоу афымцамҩангагатә цәаҳәа (ЛЭП 110 кВт)  ахатә мазарахь аиагара азы Арбитражтә ӡбарҭа аӡбамҭа аҟазаара инамаданы акәзар, иазгәаҭатәуп афымцамчи атранспорти Рминистрра аҿы уи азы адырра ҳәа акагьы шыҟамыз. АУН «Амшынеиқәафымцамч» ахаҭарнакцәа роума Аҟәа араион Ахадара аума, аӡәгьы имҩаԥысуаз аӡбаратә усеилыргара азы ҳара адырра ҳаимҭаӡеит», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба. 

Арбитражтә ӡбарҭа аӡбамҭа атәы анеилаҳкаа афымцамчи атранспорти Рминистрра аофициалтә усшәҟәы – аӡбарҭа азыӡба зну атекст, иара убас иарбоу аӡбаратә усеилыргара иадҳәалоу егьырҭ аофициалтә усшәҟәқәа раиуразы аӡбарҭа ахь азыҳәамҭа дәықәнаҵеит.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә  Еилаки Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи» аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Адокумент рнапы аҵарҩит Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Қарчааи «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» адиректор хада, анаԥхгараҭаратә ҟазарҭа «Сенеж» аректор Андреи Бетини.

Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ртәылауаа еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны асоциалла реизҳара ацхраара, апроектқәеи аԥшьгамҭақәеи рыдгылара, иара убас аусмҩаԥгатәқәеи, аицлабрақәеи, апроектқәеи реиҿкаареи рымҩаԥгареи, урҭ рлахәылацәа рымҩақәҵареи рзы.

«Ҳара хықәкыс иҳамоуп ҳҿар ҿиаларц – анаука, арҿиара, аҟазара, аҵарадырра, аспорт, уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы рбаҩхатәра аадырԥшларц, рхы иадырхәаларц, уи азы иреиӷьу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара ҳазхиоуп.  Уи ҳхықәкы хадақәа иреиуоуп. Агәра ганы сыҟоуп, Ареспублика Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә  Еилаки Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи» аусеицуразы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иАԥсны аҟыбаҩ злоу аҿар алархәны иҿыцу апроект шьахәқәа рынагӡара азы иҿыцу алшарақәа шцәырнаго», – ҳәа аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра дахцәажәо иазгәеиҭеит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 12 рзы аусуратә визит ала Аҟәаҟа дааит Нижни Новгород ахада Иури  Шалабаев. Нижни Новгороди Аҟәеи аиашьаратә қалақьқәоуп. Нижни Новгородтәи аделегациа Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы иҟоуп жәабранмза 11 инаркны.  

Иури Шабалин зхадараҿы дыҟоу аделегациа алахәылацәа Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

Аҟәа ақалақь Ахадара ахаҭарнакцәа рыцны аделегациа аҳҭнықалақь аҿы иҟоу С. Пушкин ихьӡ зху ашкол №2 иаҭааит. Асасцәа иара убас иаҭааит «Нижни Новгород ақалақь ала авиртуалтә гид» ҳәа хыс измоу аҵара-рккаратә проект аурок-аӡыргара. Аҟәа ақалақь атәы еиҭазҳәо аиԥш зеиԥшу VR-гид Урыстәылагьы аӡыргара мҩаԥгахоит.

Нижни Новгород ахада иара убас даҭааит ахәыҷбаҳча «Алиас», урыстәылатәи рколлегацәа ашколнӡатәи аҵаратә усбарҭа цхыраарас иарҭарц рылшо аҭыԥаҿы аилкааразы.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба далархәны звольҳараку афымцамҩангагацәаҳәа «Кавкасиони» азҵаара азы аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.

Звольҳараку афымцамҩангага «Кавкасиони» анаӡара  зынӡа 405 км. ыҟоуп, уахьынтәи 38 км. Аԥсны аҵакыра иалсны ицоит.   Иарбоу ацәаҳәа ала Қырҭтәыла иаиуо афымцамч ахархәара ахыхь иазаанхо ацәынха експорт ҳасабла Урыстәылаҟа идәықәнаҵоит. Иарбоу афымцамҩангагатә цәаҳәа афымцамч Ҭырқәтәылаҟа адәықәҵаразгьы ахархәара аиуоит.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы инарҭбаау аусуратә еилатәара мҩаԥысит жәабранмза 12 рзы ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.

Аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь имҩаԥигоз аилатәара рхы аладырхәит Аизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Апарламент адепутатцәа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо  Владимир Делба, аминистр ихаҭыԥуаҩ Ирма Амҷба, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр инапынҵақәа назыгӡо Михаил Габелиа, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Оҭар Хьециа,  Аконтрольтә Палата ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Оҭырба.

Аилатәара иалахәыз иахәаԥшит «2025 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет азы» азакәан апроект, ареспубликатә биуџьет апараметрқәа инарҭбааны иалацәажәеит. Азакәан апроект актәи аԥхьараҿы  ирыдыркылеит ԥхынҷкәынмза 30, 2024 шықәса рзы.

Анаҩс иахәаԥшит ««Аинвестициатә усура азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Авторцәа ргәаанагарала, азакәан апроект ахықәкы хаданы иҟоуп Очамчыратәи, Ҭҟәарчалтәи, Гал араионқәа рҿы ашәахтә льготақәеи урҭ раиуразы алшарақәеи раԥҵара аҳасабала аинвестициатә процессқәа рымҩаԥгара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рышьақәыргылара ауп.  

Адепутатцәа иара убас ««Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа агәаларшәагатәи аинвестициатә аԥараҿырпқәеи агәаларшәагатә қьаад ԥарақәеи ралагалареи рхархәареи рзы» Ареспублика Аԥсны Азакәан  аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект иахәаԥшит. Аусшәҟәы ареспублика иахьаҵанакуа агәаларшәагатәи аинвестициатә аԥараҿырпқәеи агәаларшәагатә қьаад ԥарақәеи ралагалареи рхархәареи аҭышәынтәалара иазырхоуп.  

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Москва ақалақь, Шаболовка амҩа, аҩны № 36 ала иҟоу  абиблиотека №164 аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы алхырҭатә ҭыԥхада аартра иадҳәалоу аусмҩаԥгатә мҩаԥысит.  

Жәабранмза 15 рзы имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рзы иазхиоу алхырҭатә ҭыԥ аӡыргара мҩаԥыргеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи аекстерриториалтә аҭыԥтә алхратә комиссиа  ахантәаҩы Беслан Кобахьиеи.

Алхас Кәыҵниеи Беслан Кобахьиеи москаватәи амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәеи аусмҩаԥгатә иаҭааз асасцәеи  иддырбеит иахәҭоу анормақәа зегьы ирықәшәо  абжьыҭара амҩаԥгара азы азал.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. В. Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҿы ианылашьцоу аамҭазы, мамзаргьы иуадаҩу амшцәгьа аҭагылазаашьа аан аҳаирпланқәа рыдкыларазы ашәарҭадара еиқәзыршәо алашарардыргатә система аԥышәара қәҿиарала имҩаԥысит.

«Аҳаирбаӷәаза аҿы ишьақәыргылоу алашарардыргатә маругақәа жәларбжьаратәи астандартқәа зегьы ирықәшәоит, актәи акатегориа ICAO анормақәа нанагӡоит.  Иарбоу аиқәыршәагақәа ахархәарахь рыдкылара аҳаирбаӷәаза ҽынла еиԥш уахынлагьы, иара убас амшцәгьақәа раан аҳаирпланқәа рыдкыларазы  алшара анаҭоит», — ҳәа иазгәеиҭеит аҳаиртә ныҟәара аиҿкааразы адиректор Хада ихаҭыԥуаҩ Валери Чаплыгин.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Бадра Гәынба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телеканал аҿы ателедебадқәа  раан атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

«Ҳаҭыр зқәу сџьынџуаа, ҳаҭыр зқәу Аԥсны ауаажәлар! Ҳәара аҭахума, ҳара иахьа ҳҳәынҭқарра ашьақәгыла иҿыцу аетап аҿы ҳгылоуп. Шәара ишәыдышәкыло аӡбамҭа, шәара шәалхра иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ҳҳәынҭқарра аҿиара ахырхарҭа.

Шәара ижәдыруеит, иарбоу алхратә кампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара ҳауаажәлар рҟынӡа аизҳазыӷьара, аԥсҭазаашьа аиӷьтәра, ҳҳәынҭқарратә шьақәгылашьа арӷәӷәара, ҳбызшәеи ҳетноси реиқәырхара  азы ҳагәҭакқәа ртәы рызнагара ҳҽазаҳшәеит.  Арҭ азҵаарақәа, жәаҳәарада зегьы раасҭа ихадоу зҵаарақәаны иҟоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.