pressadmin-2
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гагра араион ахь аусуратә ҭаара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гагра араион ахь аусуратә ҭаара мҩаԥигеит.
Аҳәынҭқарра Ахада иусуратә ныҟәара хацыркын Бзыԥ аҳабла абжьаратәи ашкол №1 аҭаарала, араҟа имҩаԥысит аспорттә зал ҿыц аартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә. Аспорттә зал ҿыц дыргылеит Гагра араион Ахадара ахарџь ала. Уажәы ашкол аҿы аҵара рҵоит 518-ҩык ахәыҷқәа.
Аҟәа араион аҿы қыҭақәак фымцалашарада иаанхеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны Аҟәа араион ақыҭақәак рҿы афымцамч ала аиқәыршәара еиԥҟьеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит араион Ахадара апресс-маҵзура.
Ақәыршҩы иахҟьаны Аҟәа ақалақь аҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит.
Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит, ҳәа адырра ҟаиҵеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба.
Апроектқәа «Аԥсны амедиа ҿыцқәа», «Зысасгәашә аарту Аԥсны» рӡыргара мҩаԥысит Ҭҟәарчали Гали ақалақьқәа рҿы.
Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апроектқәа «Аԥсны амедиа ҿыцқәа», «Зысасгәашә аарту Аԥсны» рӡыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны апроектқәа ркоординаторцәеи атуризм аминистри Ҭҟәарчали Гали ақалақьқәа рҿы инхо аҿар ирыҿцәажәеит.
Апроектқәа «Зысасгәашә аарту Аԥсны», «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» рӡыргара мҩаԥысит Очамчыра ақалақь аҿы.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра ақалақь аҿы, цәыббрамза 5 рзы апроектқәа «Зысасгәашә аарту Аԥсны», «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» рӡыргара мҩаԥысит.
Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа акреативтә идеиақәа змоу очамчыраа аконкурс аҽалархәра, иара убри ала «рыдгьыл гәакьа аԥшӡара иҿыцу аганахьала аарԥшра» рыдигалеит.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Шьамтәыла Ахада Аҳмад аль-Шарааи ацҳаражәҳәаҩцәеи реиԥылара ихы алаирхәит.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликаҿы иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Сириа Аԥсны аџьынџьуааи ааԥхьарала, Шьамтәыла ахада Аҳмад аль-Шара имҩаԥигаз гәыԥҩык аҩызара-ҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәеи иареи реиԥылара ихы алаирхәит. Аиԥылара ихы алаирхәит Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзы аминистр Асад аль-Шаибани.
Аԥсны Ахада Ҟарачы-Черқьестәи ажәлар Черқьеск ақалақь 200 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Ьигәаа Беслан зхадараҿы дыҟоу Аԥсны аделегациа Черқьеск ақалақь 200 шықәса ахыҵра взгәвҭвв иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммазы аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи иазоужьуп 3 млн. мааҭ.
Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ахықәкытә программа «2025 шықәсазы Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма» шықәсырацәа изызҳауа абаҳчатә ҵиаақәа реиҭаҳара азԥхьагәанаҭоит. Аҟәа араион Ахадара апрограмма анагӡара иазоунажьит 3 млн. мааҭ.
Аҳаирплан "Ан-2"аиҭашьақәыргылара ашьҭахь аԥышәаратә ԥырра нанагӡеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза, 2025 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ԥсҳәы ақыҭеи «адгьыл дууи» рыбжьара аҳаиртә еимадара аиҭашьақәыргыларазы анапынҵа ҟаҵеит. Абар, иахьа, ахырхарҭарацәатә иласу аҳаирплан «Ан-2» аиҭашьақәыргылара ашьҭахь аԥышәаратә ԥырра нанагӡеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит АУН «В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа»» адиректор Заур Ешба.
Саид Гобечиа афестиваль Vicenza in Lirica ихы алаирхәит.
Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 6 рзы ижәытәӡоу европатәи атеатрқәа иреиуоу— Olimpico in Vicenza (Италиа) аҿы афестиваль — Vicenza in Lirica аартра мҩаԥысит. Аоператә шәаҳәаҩы Саид Гобечиа Виченца Олимпико атеатр аҿы афестиваль "Vicenza in Lirica" аартра далахәын. Иара Брамс Иреквием аҿы абаритон апартиа наигӡеит.








