pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ахәылбыҽха абҵарамза  3 рзы кәапеишәа иҭәын. Асцена аҿы – аекран, азал аҿы — еиуеиԥшым абиԥарақәа ирыҵанакуа ауаа: аветеранцәа, астудентцәа, аԥсшьаҩцәа, иара баша акино абзиабаҩцәа.  Аҳауа иалоуп — агәырӷьара азыԥшра. Араҟа иахьа иддырбараны иҟоуп Владимир Богомолов ироман «В августе сорок четвёртого» амотивқәа рыла иҭыху урыстәылатәи афильм «Август». Акино арбара Жәлар ракзаара Амшныҳәа иазкхеит — ари аныҳәа Аԥсны формалла мацара акәымкәа, атәылақәеи ауааи еидызкыло агәаларшәара аҳасабала иазнеиуеит.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров амилаҭтә ныҳәа, жәлар ракзаара Амш инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Гәынба Бадра Атәылахьчара аминистрра даҭааит. Атәылахьчара аминистрраҟны иахьа Арбџьар мчқәа рыҟны ихыркәшахаз аҵарашықәс аихшьалақәа мҩаԥгахеит.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Жәлар ракзаара амш инамаданы Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны имҩаԥысыз аныҳәатә дкылара далахәын.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысит Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә Маҵзуреи Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилаки рхаҭарнакцәа реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Гәынба Бадра мҽхакыҭбаалатәи азыҟаҵарақәа реихшьала ҟаиҵеит, Арбџьар мчқәа 2026-тәи арҵаратә шықәсазы разыҟаҵаразы адҵақәа риҭеит

Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, ииасыз аҵарашықәс хыркәшахеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟала мҽхакыҭбаала иеиҿкааз ҩ-ганктәи аоперативтә-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгарала.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит азыҟаҵарақәа ирылахәыз — аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа инадыркны архәҭақәа рҟынӡа зегьы атәыла аибашьратә шәарҭадара  алыршара иазку ауснагӡатәқәа рынагӡаразы хәы змоу аԥышәа шроуыз.

Иалыршан атәылаҟны арра-политикатә ҭагылазаашьа аҿиараан зыҩаӡара ҳараку аусбарҭабжьаратә усеицура.

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит «атәыла ахьчара Арбџьар мчқәа инарыгӡо уснагӡатәқәа мацараны ишыҟам, уи аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә, азинтә уснагӡатәқәа еидызкыло системаны ишыҟоу», аҩаӡарақәа зегьы ирыҵаркуа  аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рнапы ианиҵеит атәылахьчара комплексла разыҟаҵара алыршара.  

Адҵаҟаҵаҩ хада иалкааны иазгәеиҭеит 2026-тәи арҵаратә шықәса ауснагӡатә хада   — Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахьала агрессиа аҿагыларазы Арбџьар мчқәа еснагьтәи разхиара, уи аҵакырадгьыл акзаареи акьымсреи рыхьчара, иара убас Аԥсны жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аидгыларатә хыдҵақәа рынагӡара.

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит атәылахьчаралшара аҳәынҭқарратә политикаҟны ԥыжәара змоу хырхарҭаны ишаанхо, ашәарҭадареи иҭышәынтәаланы аҿиареи алзыршо акәны ишыҟоу ҳаамҭазтәи, лыҵшәа змоу Арбџьар мчқәа рыҟазаара.

Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рнапхгара иалкаау адҵақәа риҭеит.   --Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба  ихыркәшахаз арҵаратә шықәс аихшьаалақәеи  2026-тәи арҵаратә шықәсазы адҵақәеи ҟаиҵеит.

Иҳаҩсыз ашықәс хыркәшахеит аҩганктәи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рыла. Урҭ аҵыхәтәантәи ашықәс азы зегьы реиҳа мҽхакы ҭбаала имҩаԥгахаз иреиуоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәыда Ахада Владимир Путин Жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит. Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы иаҳәоит: 

«Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала, Шәара аԥхьа шәнаргыланы, милаҭрацәала иеилоу Урыстәыла ажәлар зегьы гәык-ԥсык ала ирыдысныҳәалоит Жәлар ракзаара амш!

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Ихыркәшахеит Урыстәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аспециалистцәа Аԥсны рыҟазаара.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҳазалхратә ҵакыра аҟынтәи Урыстәылатәи Афелерациаҟа 5 кьылак рҟынӡа ацитрустә шәырқәа (амандаринақәа, апатыркалқәа, алимон, уҳәа) рыиагара абаџь ахшәаарада имҩаԥысуеит. 5 кьылак еиҳаны, аха убри аан 25 кьыла иреиҳамкәа ацитрустә шәырқәа рыиагараан афитосанитартә (акарантинтә) сертификат аҟазаара аҭаххоит, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахьа Амш азгәарҭоит абҵарамза 15 рзы Аҟәа ақалақь, акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.