pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара Аминистррақәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, ареспублика ахь иааит урыстәылатәи аҳақьымцәа аҩбатәи агәыԥ.

Урыстәылатәи аҳақьымцәа акурорттә аамҭахәҭа нҵәаанӡа аԥснытәи рколлегацәа ирыцхраалоит.

Аҟәа. Цәыббрамха 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи  аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто иахь Боливариантәи Ареспублика Венесуела Аԥсны ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратә суверинитети  азханаҵеижьҭеи 16 шықәса аҵра иазкны ашәҟәы наишьҭит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны адәныҟаполитикатә хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гагра араион ахь аусуратә ҭаара мҩаԥигеит.

Аҳәынҭқарра Ахада  иусуратә ныҟәара хацыркын Бзыԥ аҳабла абжьаратәи ашкол №1 аҭаарала, араҟа имҩаԥысит аспорттә зал ҿыц аартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә. Аспорттә зал ҿыц дыргылеит Гагра араион Ахадара ахарџь ала. Уажәы ашкол аҿы аҵара рҵоит  518-ҩык ахәыҷқәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны Аҟәа араион ақыҭақәак рҿы афымцамч ала аиқәыршәара еиԥҟьеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит араион Ахадара апресс-маҵзура.

Аҟәа. Цәыббрамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит, ҳәа адырра ҟаиҵеит аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба.

Аҟәа. Цәыббрамза  5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апроектқәа «Аԥсны амедиа ҿыцқәа», «Зысасгәашә аарту Аԥсны» рӡыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны апроектқәа ркоординаторцәеи атуризм аминистри Ҭҟәарчали Гали ақалақьқәа рҿы инхо аҿар ирыҿцәажәеит.

Аҟәа. Цәыббрамза  6, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра ақалақь аҿы, цәыббрамза 5 рзы  апроектқәа «Зысасгәашә аарту Аԥсны», «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» рӡыргара мҩаԥысит.

Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа акреативтә идеиақәа змоу очамчыраа  аконкурс аҽалархәра, иара убри ала «рыдгьыл гәакьа аԥшӡара иҿыцу аганахьала аарԥшра» рыдигалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликаҿы иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Сириа Аԥсны аџьынџьуааи ааԥхьарала, Шьамтәыла ахада Аҳмад аль-Шара имҩаԥигаз гәыԥҩык аҩызара-ҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәеи иареи реиԥылара ихы алаирхәит. Аиԥылара ихы алаирхәит Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзы аминистр Асад аль-Шаибани.

Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Ьигәаа Беслан зхадараҿы дыҟоу Аԥсны аделегациа Черқьеск ақалақь 200 шықәса ахыҵра взгәвҭвв иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ахықәкытә программа «2025 шықәсазы Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма»  шықәсырацәа изызҳауа абаҳчатә ҵиаақәа реиҭаҳара азԥхьагәанаҭоит. Аҟәа араион Ахадара апрограмма анагӡара иазоунажьит 3 млн. мааҭ.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.