pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион лаҵарамза 10 рзы иҟалаз амшцәгьа ашьҭахь агәаҭаразы даҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа гәеиҭеит. Аҳәынҭқарра Ахада ицын Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡбеи Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниеи.

***

Раԥхьа Бадра Гәынба лаҵарамза 10 рзы аԥшатлакә иахҟьаны аԥхасҭа зауз Приморское ақыҭа даҭааит. Уи Атавинаа рҭаацәара рхатәыҩны аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.

Уаҟа аҩны аԥшәмаԥҳәыс Ольга Атавина лажәақәа рыла, аԥшатлакә 100 метр ԥшьыркца инареиҳаны ахыб ахнахит, насгьы ааигәа иҟаз асасааирҭа ахыб иақәыз апрофнастил қәҵақәа аанагеит.

«Лаҵарамза 10 рзы ӷәӷәала аԥшасра ҵысит. Ҳара зегьы аҩны ҳаҟан уи аамҭазы, даараӡа ҳшәеит. Нас, маҷк амш анеиқәтәа ҳдәылҵит ҳанхара аҭагылазаашьа зеиԥшроу гәаҳҭарц. Ашҭаҿы ихнахыз ахыб ахәҭақәа ана-ара икажьын», – ҳәа илҳәеит лара.   

Ольга иазгәалҭеит адырҩаҽныҵәҟьа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ишрылагаз. Ԥшьымш рыла аҩны ахыб ҿыц ақәырҵеит, аӡазы абак ҿыц шьақәдыргылеит, инанагаз апрофнастил лассы иқәгахоит. Лара араиони атәыла анапхгареи рҟынтәи лҭаацәа ироуз ацхыраара азы иҭабуп лҳәеит. «Иҭабуп идуӡӡаны ҳзықәшәаз арыцҳара аҿы хшыҩзышьҭрада ҳахьааншәмыжьыз, адгылареи ацхыраареи ахьҳашәҭаз», - ҳәа илҳәеит лара.

***

Анаҩс Аацы ақыҭан Апаа рыҩны днеины ибеит. Уа лаҵарамза 10 рзы иасыз аԥшатлакә зынӡаск иақәнахыз ахыб ԥсаххоит ҳәа Аԥсны ахада адырра ииҭеит Акапиталтә ргылара аиҳабы Демир Гамсаниа. Иааидкыланы ахыб 242 метр ԥшьыркца иҟоуп, аусурақәа ирылагахьеит.

Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз аԥшатлакә иааизакны 28 обиект, 27 ҩни Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟоу школки ааха рнаҭеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 16 , 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани Олег Барцыц адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идиныҳәалеит
Шьамтәылатәи Арабтәи Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа русқәеи рминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

"Гәахәара дула Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр имаҵураҭыԥ аҿы шәыҟазаара инамаданы гәык-ԥсыкалатәи адныҳәалара шәзынаҳашьҭуеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аинвестициатә еиқәшаҳаҭра аинвесторцәа ркапитали рзинқәеи рыхьчара иазкызароуп, аганқәа  урҭ рыхьчаразы иахәҭоу аформақәа рыԥшаауеит.  Абас Казан ақалақь, лаҵарамза 13 ­- 18 рзы имҩаԥысуаз афорум «Урыстәыла-Аԥсылмантә дунеи» («Россия - Исламский мир») аҳәаақәа ирҭагӡаны ТАСС ааинтервиу аҭо адырра ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.  

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Очамчыра араион Мықә ақыҭаҟны Гьаргь Чачба ихьӡ зху ашкол 100 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын. 

Аусмҩаԥгатә иалахәын иара убас Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша, аҵара аминистр Гәынба Хана, Апарламент адепутатцәа, араион анапхгара, ауаажәларра, ашкол аушьҭымҭацәа, ақыҭауаа. 

Аныҳәа аламҭалаз Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит. 

Гәынба Бадра иқәгылараҟны иазгәеиҭеит ашкол 100 шықәса ахыҵра арыцхә иамоу аҵак ду, иара убас иаҵшьны иҳәеит Мықә ақыҭа Аԥсны абжьыуатәи аган азы ҭоурыхтә центрны ишыҟоу. Ара аамҭақәа зегьы раан атәылазы илахьынҵаӡбаганы иқәгылаз азҵаарақәа рыӡбара мҩаԥысуан. 

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит ашкол аушьҭымҭацәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы, иара убас иахьа уаажәраанӡагьы акультура, аҭҵаарадырра, аспорт, амедицина аусхкқәа рыла атәыла аҿиараҟны рлагаламҭа шдуу. 

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭа аҽазыҟаҵара азҵаарақәа ирызкын аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥысыз аилатәара.

Уи рхы аладырхәит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, Аԥсны Аихамҩа ахаҭарнакцәа, араионтәи ақалақьтәи аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рнапхгаҩцәа, араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Аԥсныҟа иаауа атуристцәа ршәарҭадара аиҿкаара иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи комплексла аӡи адгьыли рҿы ареидқәа мҩаԥыргалоит ҳәа ииазгәеиҭеит. «Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭеи, ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла АШәМи рыцхыраарала аӡаҿи адгьыл аҿи еизаку агәаҭарақәа мҩаԥыргалоит ҳәа иҳәеит Роберт Кьиут.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ирацәахаз Урыстәылатәи Афедерациа иаку аԥаратә цхыраагӡа зауа атәылауаа раанкылара ахҭысқәа ирыдҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иалацәажәеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҳәынҭқарра-зинтә политика азы Аилаки асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аветеранцәеи аибашьра аинвалидцәеи русқәа рзы Аилаки инарҭбаау аилатәара аҿы.  

Аилатәара ахь ааԥхьара рыҭан атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц, аиустициа аминистр Анри Барцыц, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада аҷыдалкаатә зинмчы змоу ихаҭарнак Баҭал Аиба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Алхас Чычба, ареспублика аҿы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Анас Кьышьмариа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакцәа.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба (14.05.1945 – 04.03.2010 шш.) диижьҭеит 80-шықәса аҵра иазкхоит лаҵарамза 18 – Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш аҽны имҩаԥгахо акциа «Аҵх амузеи аҟны».

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Арратә Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны асааҭ 17:00 рзы иаатуеит ари аиубилеитә рыцхә иазку ацәыргақәҵа. Иара уаҟа ицәыргахоит ААУ афилологиатә факультет а-3 акурс астудентцәа атема «Владислав сгәаҿы дыҟоуп» ала еиқәдыршәаз аессе. Амузеи уахьыныҩнало ахыбра аҿаԥхьа иубар алшоит аекспонат хада – В.Г.Арӡынба имаҵуратә автомашьына ГАЗ-24-10.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны аҿы мызкы аҩныҵҟа абанк ПСБ адебеттә хсаалагақәа роуит 11 000-ҩык инареиҳаны Аԥсны инхо, Урыстәыла атәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа. Уи Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра зманы ареспублика иқәынхо атәанчаҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟынтәи 50% рҟынӡа инаӡоит.

Абанк ПСБ ахсаалагақәа рыҭара иалагеит мшаԥымза 18 инаркны. Уи иабзоураны Аԥсны инхо атәанчаҩцәа уи анҭыҵ имцакәа аҭыԥаҿы абанктә хсаалақәа раиуразы алшара роуит.  Иарбоу ахсаалагақәа Урыстәыла Асоциалтә фонд аҟынтәи атәанчаҩратәии асоциалтәи ашәатәқәа.

Ахсаалага иаразнактәиуп – аклиент уи 20 минуҭ рыла иоуеит.

Ауаа рырманшәалара азы ахсаалага аиқәыршәара ихәыда-ԥсадоу аҭел цәаҳәа 4444 ала заанаҵтәи аҭаҩрала. Аклиент иара изыманшәалоу аамҭеи Аԥсны Аҵәахырҭатә банк аҟәшеи ихала иалихир ауеит. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк иаку аԥҵаҩи акционери раҳасабала иҟоу Аԥсны Амилаҭтә Банк ауп.

Аҭыԥ аҿы аконсультациақәа рыҭара азы аус руеит абанк ПСБ ахаҭарнакцәа. Аҟәша аҿы аусзуҩцәа идырбатәхоит Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы, мамзаргьы Урыстәылатәи Афедерациа аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы. Атәанчаҩратә қәра иаҵанамкыц ауаа, аха атәанчахәы аиура иалагахьоу – иарбоу ашәатәқәа раиуразы азин зырҵабыргуа ашәҟәқәагьы адырбароуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи абжьаратәи ашкол № 2 аҿы аспортзал шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара цәыббрамза 1 аламҭалазы ихыркәшахоит, ҳәа адырра ҟаиҵеит Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамисониа.

«Аусурақәа хацыркын 2024-тәи ашықәс азы, урҭ рхыркәшара азԥхьагәаҭан 2024-тәи ашықәс анҵәамҭазы, аха афинансыркра аганахьала ицәырҵыз аԥкрқәа  ирыхҟьаны, аусурақәа рыцҵара алыршахеит ҳазҭоу ашықәс азы.

Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба инапынҵала, иарбоу аобиект иааиуа аҵарашықәс ҿыц аламҭалазы ахархәарахь ирыҭахоит», - ҳәа иҳәеит Демир Гамисониа.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада  80 шықәса ихыҵра иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рыҽрылархәразы иааз.

Аиԥылара иара убас далахәын Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа  Беслан.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.