pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса 10 мыз рыла Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәытә хәҭа 16 млрд. 235,5  млн.  мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 2 млрд 958,5 млн. мааҭ рыла еиҳауп, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақьтә Еизара VIII ааԥхьара актәи аилатәара мҩаԥысит абҵарамза  12 рзы.

Аҟәатәи ақалақьтә алхратә комиссиа ахантәаҩы Алмас Џьапуа аҳҭнықалақьтә Еизара ахь алхрақәа реихшьаалақәа ҟаиҵеит.

Уи иазгәеиҭеит алхрақәа бзианы, иҭышәынтәаланы ишымҩаԥысыз. Алхрақәа рахь иааз алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 39,6% рҟынӡа инаӡеит. Хазы игоу алхырҭатә ҭыԥхадақәа рҿы уи  60-70% рҟынӡагьы инаӡеит.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз аиҿахысра азы ихацыркыз ашьаусеилыргара амҩаԥысшьа изкын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аоперативтәи аексперттәи амаҵзурақәа рнапхгаҩцәа алархәны  имҩаԥигаз аусуратә еилатәара.

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭоу  2025 шықәса 9 мыз рыла Аԥсны иҟоу акредиттә еиҿкаарақәа еизаку рыкредиттә портфель 6,4% рыла еизҳаит, уи  7,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра   ҟанаҵоит Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә банк аофициалтә саит.

Аҟәа. Абҵарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз аиҿахысраан ахәрақәа зауз ахәцәа дырҭааит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Дамениа Олег директорс дызмоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аҵарауаа алархәны аиԥылара мҩаԥигеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы 2026 шықәсазы Аарыхратә мзар шьақәдырӷәӷәеит.  

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аҟәа ақалақь ВИЭМ аҳабла иахьаҵанакуа иҟалаз аиҿахысраан ахәрақәа зауз рҭагылазаашьазы адырра ҟаиҵеит.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа жәларбжьаратәи аконференциа «Ҳаидгыланы ахәыҷқәа рзы. Ӷәӷәала ичмазаҩуи ахәра змоуи ахәыҷқәа змоу атерритриа ҿыцқәеи аибашьра ахьцо аҭыԥқәеи рҟынтәи аҭаацәа ианаамҭоу аструктуратә цхыраара рыҭара» аҿы дықәгылеит. Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу агрантқәа Рфонд адгыларала Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара «Адоктор Лиза ииашоу лыцхыраара» («Справедливая помощь Доктора Лизы») ала еиҿкаахаз аусмҩаԥгатә абҵарамза 11 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит.

Аҟәа. Абҵарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иахьа Аҟәа ақалақь аҟны иҟалаз аиҿахысразы адырра ирҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.