pressadmin-2
Жәлар Реизара-Апарламент аҿы 2024 шықәсазы абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа фба рбиуџьетқәа рынагӡаразы азакәан апроектқәа рыдыркылеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы 2024 шықәсазы абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа фба рбиуџьетқәа рынагӡаразы азакәан апроектқәа рыдыркылеит. Убас:
Ихымԥадатәиу амедицинатә аԥгаԥсаҟаҵара Афонд:
– Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәсазы Афонд аԥаратә хархәагақәа рцәынха – 8 млн. 336,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон;
– Ахашәалахәқәа рыла Афонд абиуџьет анагӡара – 82 млн. 40,3 нызықь мааҭ, аныхтәқәа рыла – 80 млн. 876 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит;
– Ажьырныҳәамза 1, 2025 шықәсазы Афонд аԥаратә хархәагақәа рцәынха – 9 млн. 500,8 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара аиқәыршәара иазҿлымҳауп.
Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 19 рзы Москва ақалақь аҿы Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 64-рраунд аламҭалазы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәааи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара.
Аганқәа инарҭбааны иалацәажәеит имҩаԥысраны иҟоу аиҿцәажәарақәа рымшхәаԥштә иалагалоу азҵаара хадақәа.
Аҳәынҭқарра Ахада акадрқәа амаҵурақәа рыҟны раҭаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра иахьа акадрқәа амаҵурақәа рыҟны раҭаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.
Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала амаҵурақәа рыҟны иаҭоуп:
Кәыҵниа Лев Константин-иԥа – Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистрс;
Логәуа Асҭамыр Омар-иԥа – Аԥсны Аҳәынҭқарра атуризм аминистрс;
Боџьгәуа Баграт Фазлыбеи-иԥа – Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩыс;
Берулаа Роланд Фиодор-иԥа – Аимадареи, амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩыс;
Аҳәба Адамыр Мирон-иԥа – Адгьылхархәареи акадастри рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә Еилакы аиҳабыс;
Ӷәынџьиа Роман Ҳақыбеи-иԥа – Аԥсны Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа аиҳабыс.
Апарламенттә Еилакы 2024 шықәсазы ареспубликатә биуџьет анагӡаразы азакәан апроект адкыларазы абжьгара ҟанаҵеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәараҿы азакәан апроектқәа хԥа ирыхәаԥшит:
– «2024 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет анагӡаразы»;
– «Аҳәынҭқарратә баџь азы»;
– «Ацәгьоурала ирҳаз ахашәалахәқәа рлегализациеи атерроризм афинансыркреи рыԥхьырҟәҟәаара азы».
Аиалатәара мҩаԥигон иарбоу Аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.
Аилатәарахь ааԥхьара рыҭан Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Баҭал Аиба, афинансқәа рминистр Саид Гәыбаз, аекономика аминистр Ҭеимураз Миквабиа, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Едгар Бениа, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабхәуа, иара убас Аԥсны Аконтрольтә Палата ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Оҭырба.
Афинансқәа рминистр Саид Гәыбаз 2024 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет анагӡара ихадоу апараметрқәа ааигеит.
Иара аҳасабырбатә финанстә ашықәс азы имҩаԥысуаз ахҭысқәаки процессқәаки абиуџьет анагӡара хра злам анырра анаҭеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Уи аполитикатә усхкы аҿы еиԥш аекономика, ахәҭакахьала – аенергетикатә усхкы аҿы иҟаз апроцессқәа роуп. Ҳәарада, урҭ абиуџьеттә ҭагылазаашьа ианыԥшит», – ҳәа иҳәеит аминистр, аха убри аан уи иазгәеиҭеит хра злоу алҵшәақәагьы шыҟаз.
2024 шықәсазы Ареспублика аҳәынҭқарратә биуџьет анагӡара ихадоу арбагақәа абасала ишьақәгылеит: ахашәалахәқәа рыла – 15 млрд. 742 млн. 600,6 нызықь мааҭ, аныхтәқәа рыла – 16 млрд. 272 млн. 842,7 нызықь мааҭ.
Иаарту адәы аҿы афестиваль «Лӡаа Fest» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт мҩаԥысит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Амузыкатә експедициа» – афестиваль «Лӡаа Fest» аҳәаақәа ирҭагӡаны Лӡаа ақыҭан амзара агәаҿы имҩаԥысуа аконцертқәа рсериа ауп.
Иахьа араҟа, адәаҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт.
Ареликтә бнара иуникалу аԥсабаратә акустика аҿы ахәаԥшцәеи азыӡырҩцәеи ахортә шәаҳәара аԥшӡареи алшареи аҟынтәи агәахәара ду роуит. Ари иаарту ажәҩан аҵаҟа имҩаԥысуаз аконцерт аԥсабара агармониа ауаҩытәыҩса ибжьы абеиара ишацааиуа, убри аан аиашазы иухамышҭуа ацәаныррақәа шузцәырнаго арҵабыргит.
УА Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи ртәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩрахь ирмарианы рыдкыларазы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи ртәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩрахь ирмарианы рыдкыларазы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
2025 шықәса лаҵара 17 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи ртәылауаа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра ирмарианы риуразы» ҳәа хьӡыс измоу Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Аусшәҟәы Урыстәылатәи Афедерациа азиншәҟәқәа рпортал аҿы икьыԥхьуп
Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩи Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоуи XIII Петербургтәи Жәларбжьаратәи аиуристтә форум рхы аладырхәуеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиаԥҳаи Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариаԥҳаи лаҵарамза 19 инаркны 21 аҟынӡа Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысуа Петербургтәи Жәларбжьаратәи аиуристтә форум рхы аладырхәуеит.
«Азин: адунеи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы иҳаҩсхьоу аамҭа аԥышәа» («Право: уроки прошлого для мира будущего») – ХІІI Петербургтәи аиуристтә форум - 2025 атема хада ауп. Уи иаанарԥшуеит Афорум аидеиа хада – аҭоурыхтә ԥышәа инарҵауланы аҭҵаара ахымԥадатәрала аиашара иадгыло азинеиҟаратә дунеи азинтә шьаҭақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи алзыршо аӡбамҭақәа рыдкылара.
Петербургтәи Жәларбжьаратәи аиуристтә Форум – атәылауаа ринтересқәа рыхьчара, азакәанхархәаратә практика аиӷьтәра, ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы асоциал-економикатә усхкы аҭышәынтәалареи азинтә культура аҿиареи рзы азакәанԥҵаратә аԥшьгарақәа рӡыргара азҵаарақәа рзы аиуристтә, аусдкыларатә, аполитикатә, азинхьчаратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа еидызкыло иреиҳау азинтә плошьадкақәа иреиуоуп.
Аԥсны аиустициа Аминистрра аделегациа XIII Петербургтәи жәларбжьаратәи аиуристтә форум ахы аланархәуеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц зхадараҿы дыҟоу аиустициа Аминистрра аделегациа XIII Петербургтәи жәларбжьаратәи аиуристтә форум ахы аланархәеит.
Лаҵарамза 19 рзы Санкт-Петербург ақалақь аҿы аусура иалагеит ХІІI Петербургтәи аиуристтә форум – аиуристтә, аусдкыларатә, аполитикатә, азинхьчаратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа еидызкыло иреиҳау азинтә плошьадкақәа иреиуоуп.
ХІІI Петербургтәи Жәларбжьаратәи аиуристтә форум -2025 атема хада – «Азин: адунеи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы иҳаҩсхьоу аамҭа аԥышәа» («Право: уроки прошлого для мира будущего»). Уи иаанарԥшуеит Афорум аидеиа хада – аҭоурыхтә ԥышәа инарҵауланы аҭҵаара ахымԥадатәрала аиашара иадгыло азинеиҟаратә дунеи азинтә шьаҭақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи алзыршо аӡбамҭақәа рыдкылара.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан ақыҭанхамҩа Аминистрра аппарат аусуратә еилатәара ихы алаирхәит.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа Аминистрра аусура ахылаԥшра азҭо Вараздан Миносиан, есымчыбжьа имҩаԥысуа Аминистрра аппарат аусуратә еилатәара ихы алаирхәит.
Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи анаԥхгаратә хықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара - 2025» анагӡаразы акомиссиа алахәылацәеи имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟарҵеит.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра амцабџьар аныҟәгареи аҵәахреи рзы аԥҟарақәа рықәныҟәара ахылаԥшра арӷәӷәоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә шәарҭадареи абџьар ахархәара иахылҿиар зылшо аинцидентқәа рыԥхьырҟәҟәаареи рзы, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра амцабџьар аныҟәгареи аҵәахреи рзы аԥҟарақәа рықәныҟәара ахылаԥшра арӷәӷәоит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит абџьар ауаажәларра ахьеизо аҭыԥқәа рзы аныҟәгара ақәиҭымзаара алагалара, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа ирабжьнагоит аресторанқәа, акаҳуажәырҭақәа, акрыфарҭақәа, ачараиурҭатә залқәа, уҳәа егьырҭ ауаажәларратә усмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа ахыбрақәа рышәқәа рҿы абџьар рыцны анеира шыҟамло азы адырра зну адыргақәа аддырҷаблаларц. Иарбоу аҭыԥқәа рахь амцабжьар рыцны анеира ҟалаӡом, ҳәа аҳәамҭа аланарҵәоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра.








