pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә хәмаррақәа рышкол аҿы ихыркәшахеит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩцәа Станислав Сушьенкои Валери Барцыци ргәалашәара иазкыз аспорт аветеранцәа аҳәсеи ахацәеи ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы атурнир, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Афымцадәыӷба «Диоскуриа» хәымз рыла 130 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа ныҟәнагеит.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Лыхнашҭаҟны аҽаҩра ныҳәа иалахәыз ақыҭақәа рпавилионқәа дырҭааит.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит амилаҭтә традициақәа реиқәырхара иамоу аҵакы, иаҵшьынгьы иҳәеит ари аныҳәа ахаангьы ажәлар реидкыларагьы ишазҳәаз. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба аԥсуа спорт ааӡамҭа Никита Павел-иԥа Симониан 99-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭеилакы аофициалтә саит.

Таращ Хагба иналукааша аспортсмен, азыҟаҵаҩ нага иахь имоу аҳаҭырқәҵара аарԥшуа уи ашьапылампыл арҿиараҿы илагала ду азгәеиҭеит, Никата Павел-иԥа ихьӡ апрофессионализми зус ламысцқьала азнеиреи ирҿырԥшны наунагӡа аспорт аҭоурых ианылеит ҳәа иҳәеит.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ахада идикылаз азыӡбала ахылаԥшратә хәықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара» абиуџьет 500 млн. мааҭ аҟынӡа ишьҭыхуп. Абри азы Аҳәынҭқарра Ахада аҳәамҭа ҟаиҵеит «Лыхнашҭа» аныҳәаҟны иқәгылараан.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак изаамҭанытәиим аилатәара мҩаԥигеит. АраҟаАҳәынҭқарра Ахадеи  алахәылацәеи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иалацәажәеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа.  Жьҭаарамза 13,  2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иаатит IX Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәхәқәа-2025». Уи рхы аладырхәуеит Аԥсны, Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи 30-ҩык инареиҳаны асахьаҭыхыҩцәа.

Сынтәа аусмҩаԥгатә иазкуп Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба диижьҭеит 80-шықәса аҵра.

ААУ аректор, Урыстәылатәи Иԥсабаратәу анаукақәа Ракадемиа академик, апрофессор Алеко Гәарамиа еизаз аусмҩаԥгатә аартра рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Иусԥҟала Руслан Аџьба асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы аҳазалхратә гәаҭаразы иааныркылеит Аԥснынтәи иааз  аш зхарԥоу ацраҳәабжа зцу аидарамҩангагатә автохага.   

Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аҳазалхратә гәаҭараан фактла иарбоу атранспорттә хархәагеи (ацраҳәабжа) аусшәҟәқәа иарбаз уи азы адыррақәеи реишьашәаламра аарԥшхеит. Аҳазалхратә ҳәаа ахысраан тауарк ала егьырҭ атауарқәа рыԥшра аҭара афакт ала Урыстәылатәи Афедерациа Административтә Зинеилагарақәа Рзакәанԥҵара ахәҭаҷ  16.1 ахәҭа  2 ала административтә усеилыргара хацыркхеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 6 рзы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәеи Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭа аусзуҩцәеи аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы дааныркылеит 1995 шықәса рзы ииз Аԥсны атәылауаҩ, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан инхо Саманџьиа Руслан Нурбеи-иԥа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.