pressadmin-2
32 шықәса раԥхьа иалагеит Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 15 рзы 32 шықәса ҵит Аҟәа Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа амҩаԥгара ашьҭахь.
1993 шықәса хәажәкыра 15 рзы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа ахақәиҭтәразы идәықәлеит, рнапаҿы иааргеит ихадаз астратегиатә ҳаракырақәа, аха ажәылара еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы март 17-18 рзы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит.
Аҟәа ақалақь аҿы аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ажәылара аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Марттәи ажәылараан иҭахаз Аԥсны аҵеицәа ргәаладыршәеит .
Гәымсҭа аӡиас ацҳаҿы Марттәи ажәылараан иҭахаз хҩык аибашьцәа рмемориалтә ӷәқәа аадыртит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкыра 14 рзы Гәымсҭа аӡиас ацҳаҿы иаадыртит Марттәи ажәылараан иҭахаз Едуард Касланӡиа, Руслан Лагәлаа, Борис Инаԥшьба рмемориалтә ӷәқәа.
1993 шықәсзы Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз Марттәи ажәылараан иҭахаз аԥсуа ар аибашьцәа Едуард Касланӡиа, Руслан Лагәлааи Борис Инаԥшьбеи рбаҟа аадыртит Гәымсҭа аӡиас хыхьтәи ацҳа азааигәара иаадыртит. Арҭ ахҩык, Аҟәатәи аҩбатәи ажәыларатә баталион «Ветерок» аҿы еибашьуан. Абаталион акомандаҟаҵаҩыс дыҟан Тариел Тапаӷәуа. Агәалашәаратә ӷәқәа шьақәыргылахеит Марттәи ажәылара иалахәызи иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи раԥшьгарала.
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра урыстәылауаа Аԥсны раҭаара аанкыларазы иҟанаҵахьаз абжьгарақәа аԥнахит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра урыстәылауаа Аԥсны раҭаара аанкыларазы иҟанаҵахьаз абжьгарақәа аԥнахит.
2024 шықәса абҵарамза 15 рзы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра абжьгара ҟанаҵеит аҩнуҵҟатәи аполитикатә кризис инамаданы, урыстәылауаа Аԥсныҟа аныҟәарақәа рҽырцәырхьчаларц, атуристтә ныҟәарақәагьы уахь иналаҵаны.
Инал Габлиа Урыстәылатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә Центр анапхгара дырԥылеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара Аминистрраҿы аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиеи Урыстәылатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә Центр анапхгаҩцәеи реиԥылара мҩаԥысит.
Ацентр адиректор Алеқсандр Кудриашиов зхадараҿы дыҟоу аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Ацентр аусзуҩцәа Геннади Кириченков, Анна Сергутина, Анна Зассеева, Дариа Фоменко.
Аиԥылара иалахәыз Москва Ахәыҷтәы-қәыԥштә Центр Урыстәыла ашколқәеи аколлежьқәеи рҿы иаланагало еиуеиԥшым ааӡаратә практикақәа, аҭаацәаратә еилазаареи ахәыҷытә еидгыларақәеи рымадара аметодқәа, ирылацәажәеит.
Аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиа асасцәа дырԥыло аҭыԥантәи арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рзы хра злоу аҟазара-классқәа мҩаԥызгз «Движение первых» ахаҭарнакцәа ааигәа Аԥсныҟа иааны ишыҟаз иҳәеит.
«Сара гәахәарыла исыдыскылоит шәара ҩаԥхьа шәбара. Агәра ганы сыҟоуп ҳусеицура аҳәаақәа есымша аҽшарҭбало. Ҳара иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҵара. Урыстәылатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә Центр ҳара ҳзы ааӡаратә усураҿы иҿырԥшыганы иҟоуп».
Апрограмма «Анхарҭа» аҽҳәара даҽа хышықәса рҟынӡа иацҵахар алшоит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭқарратә хықәкытә программа «Анхарҭа 2023-2025шш.» анагӡара азы апрограмма шьақәнарӷәӷәеит.
Апрограмма «Анхарҭа» аҽҳәара даҽа хышықәса рҟынӡа иацҵахар алшоит.
Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба иажәақәа рыла, атәыла аиҳабыра ари аԥшьгамҭа аҳәынҭқарра ахада идыргалоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Ахықәкытә программа «Анхарҭа 2023-2025» анагӡаразы зынӡа 180 миллион мааҭ азоужьуп, есышықәса 60-60 миллион.
Апрограмма ала иалкаауп афинанстә цхыраара еиҳауи еиҵоуи анаӡаратә ҩаӡарақәа. Еиҳау анаӡаратә ҩаӡара – 1,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, еиҵоу анаӡаратә ҩаӡара – 700 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
2024 шықәсазы ирыхәаԥшит 88 арзаҳал, урҭ рахьынтә 32-ҩык алахәылацәа рарзаҳалқәа рыдыркылеит, 32-ҩык иахьазы анхарҭақәа аархәахьеит. Уи иақәхарџьыз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 30 млн. 400 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аминистрцәа Реилазаара 2024 шықәсазы ареспубликатә биуџьет анагӡара азы аҳасабырба шьақәнарӷәӷәеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара 2024 шықәсазы ареспубликатә биуџьет анагӡара азы аҳасабырба шьақәнарӷәӷәеит.
Аҳасабырба адгалара мҩаԥигеит афинансқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Саид Гәыбаз.
Ареспубликатә биуџьет анагӡара ахашәалахәқәа рыла 15,7 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтәқәа рыла – 16,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Имаҷууи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭаразы апрограмма афинансыркразы 2025 шықәсазы 200 млн. мааҭ азоужьхоит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара ахылаԥшратә аамҭакьаҿ иҭагӡоу ахықәкытә программа «2025 шықәсазы имаҷууи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭара» шьақәнарӷәӷәеит.
«Имаҷууи ибжьаратәуи аусдкылара адгылара аҭара иазԥхьагәаҭоу афинансыркра алимит 100 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рхашәала ҳазҭоу афинанстә аамҭахәҭа азы 20 млн. мааҭ иреиҳахароуп. Уи Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны ашәҟәы иҭагалоу, абиуџьет аҿаԥхьа еиԥш акоммуналтә маҵзурақәеи рзы ауал зқәым, аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи ракәхар ауеит, - ҳәа илҳәеит аекономика аминистр инапынҵақәа назыгӡо Кристина Озган.
2025 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара програамма анагӡаразы 150 млн. мааҭ азоужьхоит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара ақыҭанхамҩа Аминистрра ахылаԥшратә аамҭакьаҿ иҭагӡоу ахықәкытә программа «2025 шықәсазы Ақыҭанхамҩа аҿиара» шьақәнарӷәӷәеит.
Ақыҭанхамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, апрограмма иазԥхьагәанаҭоит 150 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡо афинансыркра. Апрограмма ахықәкы хадақәа иреиуоуп — аҭыԥантәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аконкурентлшара ашьҭыхреи аҭыжьреи аарыхреи рымҽхак аизырҳареи афермертә нхамҩақәа рыҿиареи, ақыҭауаа усурала реиқәыршәареи ақыҭа аҵакырақәа рыҿиареи.
Тамбов ақалақь аделегациа усуратә визитла Аҟәаҟа иааит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳҭнықалақь усуратә визитла иаҭааны иҟоуп Тамбов ақалақь аделегациа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара апресс-маҵзура.
Аҟәеи Тамбови 2012 шықәса раахыс аиашьаратә қалақьқәаны иҟоуп. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба абар шьҭа акыр шықәса инеиԥынкыланы еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы арҭ аҩ-қалақьк хра злоу аусеицура рыбжьоуп ҳәа иазгәеиҭеит.








