pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы  еицҿакны «2025 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет азы» азакәан апроект рыдыркылеит.  Абиуџьет апроект адгалара ҟаиҵеит афинансқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Саид Гәыбаз.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат ахада Анас Кьышьмариа Апарламент аҿы 2024 шықәсазы имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟалҵеит.  

Анас Кьышьмариа лажәақәа рыла, Аппарат аусура 2023 шықәсазы иҟаҵаз аҳасабырба аҿы иазԥхьагәаҭаз ихадоу абарҭ ахырхарҭақәа рыла имҩаԥысуан:

  • Аинформациа-рккаратә усура;
  • атәылауаа апсихиатриатә цхыраара рыҭара;
  • Ахақәиҭра алхәдаара аҭыԥқәа рмониторинг амҩаԥгара;
  • анаука-ԥышәатә усура.

Аинформациа-рккаратә хырхарҭала аусура анагӡараан аомбудсмен ареспублика араионқәа зегьы рҿы аиԥыларақәа мҩаԥылгеит.   Урҭ рхы аладырхәит араионқәа рхадацәа, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәеи абикунреи ахылаԥшреи  русбарҭақәеи рнапхгаҩцәа, араионқәа рактивқәа. Аиԥыларақәа рцикл хацырхеит лаҵарамза 2024 шықәса рзы Гагра араион Ахадара ала, аха заа еибырҳәахьаз аиԥылара ахь араион ахада дымнеиӡеит.  Аамҭа кьаҿ иалагӡаны Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал араионқәа рҿы аиԥыларақәа еиҿкаан. Аиԥыларақәа рхықәкы хаданы иҟан араион анапхгаҩцәа аҭыԥ аҿы рабадырра, ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу иусура аилыркаара, араион азы актуалра злоу азҵаарақәеи ауснагӡатәқәеи рылацәажәара.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥымза 2, 2025 рзы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Анас Кьышьмариа Аппарат 2024 шықәсазы аусура азы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аҳасабырба ҟалҵеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы Башкиртәи атеатралтә музеи Урыстәыла акультура Аминистрреи рыцхыраарала иаԥҵахоит атеатр амузеи.

«Ҳара иалаҳхит атеатр азы ауада, араҟа ишьақәыргылахоит ҳаамҭа иақәшәо атехнологиатә музеитә експозициа, уи ҳтеатр аҭааҩцәа, ҳасасцәа рзы иаартхоит. Амузеи аҿы ицәыргақәҵахоит Аҟәатәи ахәаԥшыҩ қәыԥш итеатр (ТЮЗ) аҟынтәи Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр – аобиективтә рбагақәа зегьы рыла атәыла аҿы атеатралтә процесс аҿы иԥхьагылоу атеатр аҟынӡа ҳтеатр изнысхьоу аамҭеи амҩеи ҳаамҭазтәи аусуреи ртәы зҳәо аекспозициа», – ҳәа адырра ҟанаҵоит Аурыс драматә театр апресс-маҵзура.

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа аинтернет-ҵакыреи асоциалтә ҳақәеи рҿы ахәыҷқәа рзы аҭыԥ змоу ашәарҭаразы азы азҵаара изныкымкәа ишьҭылххьан. Ҳазҭоу аамҭазы адунеи аҿы аинтернети асоциалтә ҳақәеи изызҳауа абиԥара рыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалахеит. Аха убри аамҭазгьы ицәырҵуа иалагеит ахатә дыррақәа рыхьчара иадҳәалоу ашәарҭара ҿыцқәа.

Аомбудсмен Иаппарат зықәра наӡам рганахьала  агәымхара асхема ҿыц азы аинформациа аиуит, убри аҟнытә иҟоу ашәарҭаразы агәҽанызаара ҟанаҵоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, 101-ҩык аԥснытәи ашколхәыҷқәа Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр «Артек» ахь амҩа иқәлеит.  

Ас еиԥш хыԥхьаӡара рацәала Аԥснынтәи ахәыҷқәа Артекҟа рцара алыршахеит Аԥсни Урыстәылеи рҵара Аминистррақәа хра злоу русеицуреи аԥснытәи ашколхәыҷқәа рзы аквотақәа хынтә ацҵареи иабзоураны.

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Адгьылаҵантәи ааԥынра асимфониа» – абри ахьӡ аман хәажәкырамза 8 рзы Афонҿыцтәи аҳаԥы аконцерттә зал аҿы имҩаԥысыз аконцерт.

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла ареспублика аҿы аԥсабаратә амцакрақәа рхыԥхьаӡара иацлеит.  Аԥсшьарамшқәа раан Очамчыра араион аҿы 30 гектар инареиҳаны аҵҩаақәа блит, амца анхарҭатә ҭыԥқәа рҟынӡагь инаӡеит, Аҽгәара ақыҭан ҩнык блит. Амца арцәара аларшахеит ашьыжь, хәажәкыра 10 рзы.

Аҟәа. Хәажәкырамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны аҵара Аминистрреи «Урыстәылатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә центри» аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Аԥсуа ган аҟынтәи ашәҟәы инапы аҵаиҩит аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо – Инал Габлиа, Урыстәыла аган аҟынтәи  – «Росдетцентр» адиректор Алеқсандр Кудриашов.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.