pressadmin-2
Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра иахьа Москва днеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра иахьа Москва днеит. Урыстәылатәи АФедерациа Ахада Владимир Путин иҟаиҵаз ааԥхьарала Гәынба Бадра иԥшәмаԥҳәыс Ҳашыг Ирма дицны Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәхоит, урҭ рахьтә ихадараны иҟалоит Ашҭа Ҟаԥшь аҟны имҩаԥысуа апарад.
Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны жәлар Аиааира 80 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсны жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Акыр иаԥсоу аветеранцәа!
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра амш.
Иахьатәи аныҳәа – хьааи гәырҩеи шацугьы, гәалаҟара ҷыдак ацуп, ныҳәа дуӡӡоуп Асовет Еидгыла ажәларқәа зегьы рзеиԥш, аԥсуа жәлар ҳазгьы.
Абри аибашьраан анемец мпыҵахалаҩцәа ирҿагыланы Аԥсадгьыл ду ахьчаразы игылаз ажәларқәа хацәнмырха инарывагылеит 55-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аҵеицәа. Усҟан, абри ашықәс еиқәаҵәақәа раан Аԥсадгьыл ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит 17 нызқьҩык инареиҳаны ишәыдгылаз шәҩызцәа, шәыуацәа, шәҭынхацәа аӡәырҩы. Урҭ хашҭра рықәӡамкәа ҳгәалашәараҿы иҟазаауеит есқьынгьы.
Владимир Путин Гәынба Бадра Аиааира 80 шықәса ахыҵра амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Владимир Путин Гәынба Бадреи Аԥсны жәлари Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит
Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра ихьӡала Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит. Адныҳәалараҟны ҷыдала иазгәаҭоуп Урыстәылеи Аԥсни ажәларқәа анацизм иаҿагыланы ақәԥараҟны инарыгӡаз аҭоурыхтә роль.
Дмитри Медведев Гәынба Бадра Аиааира 80 шықәса ахыҵра амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Ланҵарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра ихьӡала Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Адныҳәалара атекст аҟны ҷыдала иазгәаҭоуп Урыстәылеи Аԥсни ажәларқәа рфырхаҵара иамоу аҭоурыхтә роль.
Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоеви Бадра Гәынбеи Аԥсны жәлари Аиааира Амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Алада Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра ихьӡала Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит. Адныҳәалара атекст аҟны алада-уаԥстәылатәи атәыла анапхгаҩы ҷыдала иаҵшьны иҳәеит аҭоурых аиқәырхареи абиԥарақәа реимадареи иамоу аҵакы атәы.
Гәынба Бадра Дмитри Медведев Аиааира Дуӡӡа Амш 80 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2025шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Дмитри Медведев Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира Дуӡӡа Амш 80 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу Дмитри Анатоли-иҧа!
Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала Урыстәыла ажәларгьы Шәаргьы ишәыдысныҳәалоит Аиааира Ду 80 ш. ахыҵра!
Иԥшьоу ари аныҳәа ҳажәлар иуадаҩыз аҧышәара аамҭа ианҭагылаз еиднакылаз рдоуҳа, ргәамч аицамкра иасимволуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду афронтқәа рыҟны еибашьуаз рфырхаҵара наунагӡа аҭоурых аҟны инхоит агәымшәареи Аԥсадгьыл абзиабареи рзы ҿырԥшыганы.
Ҷыдала иҭабуп ҳәа раҳҳәоит аиааира аагара зылшаз абиҧара. Ҳхырхәоит ахақәиҭра иазықәԥоз, аҭынчра ҳзаазгаз автеранцәеи атыл аҟнытә ацхыраара ҟазҵози рыхьӡала. Урҭ рфырхаҵара акзаара жәҩахыр еибыҭарала аидгылара иамоу аҵакы ҳазнархәыцуеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Алықьса Гогәуа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы гәалсра дула иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылоит.
«Ари цәыӡ дууп иааизакны ҳмилаҭ культуреиԥш, ҳаамҭазтәи амилаҭтә литература азгьы. Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа ԥсра зқәым иҩымҭақәа рыла амилаҭтә литература адунеитә ҩаӡара аҟынӡа ашьҭыхра зылшаз ашәҟәыҩҩцәа дреиуоуп. Абаҩхатәра ду, аҟазара ду иарҿиаз ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа Аԥсны анҭыҵгьы инарҭбааны ирылаҵәахьеит, урҭ иага аамҭа царгьы ҳажәлар ирҿахәҳәаганы инхоит.
Сааԥсеит издырӡом: еибашьҩык, тәылауҩык иҭоурых.
Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс./ Асмаҭ Ҭаркьылԥҳа. Ари аочерк аҿы сара маҷк иадамзаргьы сабду сихцәажәар сҭахуп, сынӡа дышқәыԥшӡаз еибашьра ицаз, Берлин аҟынӡа инаӡаз аибашьҩы гәымшәа Владимир Гәыџьыџь-иԥа Тураа. Исгәалашәоит, ҳаныхәыҷыз ҳара иара лассы-лассы ҳиҳәон аибашьра атәы, дшеибашьуаз атәы, уҳәа ҳзеиҭеиҳәерц. Аха иара уи есымша иҽахигон, зегьы алаф ахь ииаигон, «адумпеи сакәтәан сеибашьукан» ҳәа ҳаиҳәон. Усҟан иабаҳдыруаз ҳара иара изы шаҟа иуадаҩыз урҭ амш еиқәаҵәақәа ргәалашәареи рылацәажәареи, иаҳзеилкаауамызт аибашьра иазку афильмқәа дзырмыхәаԥшуаз, ашәарыцага шәақь шимазгьы, амԥан дзымнеиуаз. Ҳаныҩеидас, ҳәарада, еилаҳкааит зегьы. Иара агәалашәарақәа рылагьы ицәыуадаҩын уи аамҭа хлымӡаах ахь аиасра.
Сара сабду ақәра ду ниимҵаӡеит. Исгәалашәоит, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аналага, иара даҽа еибашьрак сахаанхоит ҳәа сыҟамызт ҳәа иҳәоз ажәақәа. Сара сабду иԥсҭазаара даналҵуаз 75 шықәсагьы ихымҵӡацызт. Ҳара ҳгәалашәараҿы иара даанхеит згәы разыз, аха убри аан зажәа иахымԥоз, ианаҭахха азы злеишәагьы цәгьаз, аха ианакәызаалакгьы аиаша иадгылоз уаҩны. Иара дыздыруаз зегьы даара пату иқәырҵон, иажәа иазыӡырҩуан. Аха иара ахаангьы ахӡыргара иашьҭамыз уаҩын, аибашьраҿы иааирԥшыз афырхаҵареи уи азы иоуз аџьшьарақәеи рылацәажәара ицәымӷын, иԥсы ҭанаҵы аветеран иаҳасабала ихәҭаз џьара зинҷыдак ихы иаимырхәаӡеит. Ихатә џьабаала дынхон-дынҵон.
Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аусзуҩцәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Марииа Ломакина илыдныҳәалеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар инапынҵала Амаҵзура аусзуҩцәа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран 97-шықәса зхыҵуа Марииа Ломакина Аиааира Амш лыдырныҳәалеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура апресс-маҵзура.
«Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура ахатәы еилазаара зегьы ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра!
Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа.
Аҟәа. Лаҵарамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 94-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩ, Асовет Еидгыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, Аԥсни Урыстәылеи ашәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Адыгатәи (Черкесстәи) Анаукақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу академик, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу адоктор, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша I аҩаӡара аорден занашьаз Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа.
Алықьса Гогәа иналукааша ашәҟәыҩҩи ауаажәларратә усзуҩыки раҳасабала ихьӡ Аԥсны анҭыҵгьы еицырдыруан. Ашәҟәыҩҩы есымша аԥсуа жәлар зыргәымҵуаз, ргәы иҵхоз ауаажәларра-политикатә проблемақәа рыӡбара дазхиан, ижәлар рыгәҭа дгылан, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла ихы алаирхәан.
Алықьса Гогәа аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аҿы акыр зҵазкуа ароль назыгӡаз Аԥсны Жәлар Рфорум «Аидгылара» раԥхьатәи ахантәаҩыс дыҟан.








