pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса мшаԥымза 26–27 рзы Аҟәа ақалақь, С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы 2010 шықәса рзы иизи урҭ иреиҵбууи рыбжьара анапылампыл азы Иаарту атурнир мҩаԥысит. Аицлабрақәа 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара амш 80-шықәса ахыҵра иазкын.

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҿы аԥсуа-қырҭуатә еиҿцәажәаратә процесс аҭоурых иазку адокументалтә цикл «Уи шаҟаз атәы» актәи ахәҭа ддырбеит.

«Абаза-ТВ» анапхгаҩы Руслан Ҳашыг ари аусумҭа ателехәаԥшратә команда ду аҭҵааратә усураны иуԥхьаӡар алшоит ҳәа иазгәеиҭеит:

«Иҳаҩсыз ашықәс аҩныҵҟа ҳара аԥсуа-қырҭуатә еиҿцәажәаратә процесс аҭоурых иазку адокументалтә фильмқәа рцикл аҭыжьра ҳнапы алакын. Афильмқәа зегьы сааҭк-сааҭк ирҭагӡоуп. Уаҟа еизгоуп Аԥсны ҳаамҭазтәи адипломатиатә ҭоурых аҿы акыр зҵазкуа ахҭысқәа».

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аспортсменцәа 2010-2017шш. рзы ииз арԥарцәа рыбжьара имҩаԥысуаз зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Иаарту Арегионбжьаратәи атурнир STAV-OPEN аҿы араӡны медалқәа ҩбеи аџьаз медалқәа фбеи ргара рылшеит. Атурнир мҩԥысуан мшаԥымза 26 – 27 рзы Ставрополь ақалақь аҿы.

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.   2025 шықәса I аԥшьбара азы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзуреи Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи  Аҳәаахьчаратә Усбарҭақәа русзуҩцәа рыла Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҿы 110-ҩык  инареиҳаны аҳәааеилагаҩцәа аанкылан. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Иаанкылаз атәылауаа  административтә хьырхәра иақәыршәоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аԥсны амедицинатә цхыраара лас аусзуҩцәа зегьы рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Шәара аус рацәаны ижәуеит, иарбан аамҭазаалакгьы, уахи-ҽни шәазыхиоуп ҳуааԥсыра реиқәырхара. Шәара шәнапы иануп ауааԥсыра рыԥсҭазаара. Амедицинатә цхыраара  лас аҿы аус зуа дарбанызаалакгьы, амҩақәҵаҩ, амашьынарныҟәцаҩ, афелшер, аҳақьым, аҟәша аиҳабы, уҳәа зегьы ахачҳареи, ауаҩы иахь ақьиареи арыцҳашьареи рылоуп, уаҳагьы ари аус узынагӡарым.

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟоу аделегациа, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазку Аидгыларатә  ҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи афорум «Аҭынха ду —еицаҳзеиԥшу аԥеиԥш» алахәхаразы Волгоградҟа инеит.

Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩцәа Фазлыбеи Аҩӡбеи Асҭамыр Аршбеи, Урыстәыла иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниеи.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны амчратә усбарҭақәа Рассоциациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи аҵара Аминистрреи рыцхыраарала Очамчыра ақалақь аҿы ашәарҭадаразы аинтерактивтә урок мҩаԥнагеит.  

Ашколхәыҷқәа лабҿаба ирбеит есыҽны дара ршәарҭадара зыхьчо ауаа аус шыруа атәы.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны амчратә усбарҭақәа Рассоциациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи аҵара Аминистрреи рыцхыраарала Очамчыра ақалақь аҿы ашәарҭадаразы аинтерактивтә урок мҩаԥнагеит.  

Ашколхәыҷқәа лабҿаба ирбеит есыҽны дара ршәарҭадара зыхьчо ауаа аус шыруа атәы.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аҿы хҩык аботулизм рыдырбалеит.

Асанитар-епидемиологиатә Маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла, ичмазаҩхаз ауаа ирфаз амшынаалыҵ рԥырхагахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аботулизм ҳәа адиагноз ззықәыргылаз хҩык ауаа Шәачатәи иҷыдоу амедусбарҭақәа рахь идәықәҵахеит. Урҭ иахәҭаз амедицинатә цхыраара рыҭахеит, уажәазы дара илрҩаахьеит, рҭагылазаашьа шәарҭаӡам. Уаҳа аботулизм иадҳәалоу ахҭысқәа аарԥшӡам.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҟарачы-Черқесстәи Ареспублика Ахада Рашид Темрезов Ареспублика Аԥсны ҳамҭас иаиҭеит ирласу амедицинатә цхыраара амашьына.

Аԥсны анапхгара аӡбамҭа ала агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ари амашьына Гәдоуҭа араион ақыҭақәа руааԥсыра рымаҵ аура азы иазоуижьит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.