pressadmin-2
Апарламент Аԥсны аӡбарҭақәа рҿы автоматизациа зызуу аӡбарҭа-информациатә система ахархәара алагалара аҽҳәара иацнаҵеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент Аԥсны аӡбарҭақәа рҿы автоматизациа зызуу аӡбарҭа-информациатә система ахархәара алагалара аҽҳәара ацҵаразы аӡбамҭа аднакылеит.
Адепутатцәа аруааи, апрокуратура аусзуҩцәеи, аҳазалхратә усбарҭақәа рмаҵурауааи рзы афымцамч ахә ахшәааразы альготатә коммуналтә маҵзурақәа ркатегориа аԥсахрақәа алагаларазы ажәалагала ҟарҵоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Адепутатцәа аруааи, апрокуратура аусзуҩцәеи, аҳазалхратә усбарҭақәа рмаҵурауааи рзы афымцамч альготатә маҵзурақәа ркатегориа алгара азы ажәалагара ҟарҵоит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа руалафахәы иааиуа ашықәс азы 22% рыла иазҳауеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аԥсуа милициа аматериалтә еиқәыршәара иазкны аицфинансыркразы Урыстәылеи ареспубликеи реиқәшаҳаҭра апкаанҵа шьақәдырӷәӷәеит.
Жәлар Реизара-Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы 2026 шықәсазы Аԥсны абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа фба рбиуџьетқәа шьақәнарӷәӷәеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025ш. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы 2026 шықәсазы Аԥсны абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа фба рбиуџьетқәа рышьақәырӷәӷәаразы аӡбамҭа аднакылеит.
Амилициа аусзуҩцәа хәҩык атәылауаа анаркотикатә маҭәашьарқәа рымырхит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ашьаусԥшаара аусбарҭа аусзуҩцәа хәҩык атәылауаа анаркотикатә маҭәашьарқәа рымырхит.
Аҟәа ақалақь аҿы инхо, 1984 шықәса рзы ииз Горзолиа Рамин Зураб-иԥа Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан даанкылан Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа рыла. Горзолиа Рамин хаҭала игәаҭараан идырбалеит зыкапан дууз, «каннабис» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар.
Санкт-Петербургынтәи Аҟәаҟа иаагоуп раԥхьатәи атроллеибус ҿыцқәа ҩба.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳҭнықалақь ашҟа иааргеит Санкт-Петербург ахадара аҟынтәи Аҟәа ҳамҭас иаҭоу раԥхьатәи атроллеибус ҿыцқәа ҩба. Алогистикатә уадаҩрақәа ирыхҟьаны аагара аҽҳәарақәа маҷк инаскьеит, аха ақалақь анапхгара аусбарҭақәа ас еиԥш згабарит дуу аидара аагара алдыршеит.
Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Иҷыдоу арратә операциа аҿы иҭахаз хатәгәаԥхаралтәи аибашьҩы Павел Бжьаниа иуацәеи-иҭаацәеи дрыдышшылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Иҷыдоу арратә операциа аҿы иҭахаз хатәгәаԥхаралтәи аибашьҩы Павел Бжьаниа иуацәеи-иҭаацәеи дрыдышшылеит.
Абикунцәа рнапаҵаҟа иҟоу ахәыҷқәа иааиуа Ашықәс Ҿыц аныҳәа рыдырныҳәалеит Аҟәа ақалақь Ахадараҿы.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс Ҿыц аныҳәа аламҭалазы Аҟәа ақалақь Ахадарахь ааԥхьара рырҭеит абикунцәа рнапаҵаҟа иҟоу, иара убас аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа уадаҩ иақәшәаз ахәыҷқәа.
Гәдоуҭа араион аҿы раԥхьатәи аинклиузивтә плиаж ҟалоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аинклиузивтә туризм Ассоциациа анапхгаҩы Руслан Гьергьедаа Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба диԥылеит. Аиԥылара аҿы тема хаданы иҟалеит араион аҿы раԥхьатәи аплиажтә-зҩыдатәратә комплекс аартра. Апроект зылшарақәа ԥку ауаа атуристтә ҭыԥқәа рҟны ршәарҭадареи рырманшәалареи алыршара иазырхоуп.
Апрокуратура Хада аҿы изакәанымкәа абџьар аикәыршара азҵаара иалацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза 25 рзы апрокурор Хада Адгәыр Агрба ихантәаҩрала атема «2023-2024 шш. изакәанымкәа абџьар аикәыршара аҿагылара иазку акутуалра злоу азҵаарақәа рылацәажәара» ала ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа ркоординациатә еилатәара мҩаԥысит.
Аилатәара аусура рхы аладырхәит атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа, апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩ Алиас Ҭраԥшь, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахатәаҩы Оҭар Хьециа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алхас Чычба, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭа аиҳабы Лоу Инал-иԥа, Апрокуратура Хада азакәанԥҵара анагӡара Аусбарҭа аиҳабы Алеқсеи Аҩардан.
Ажәахәқәа ҟаҵо иқәгылеит Аԥсны Апрокуратура Хада ахьырхәра ахылаԥшра азы Аусбарҭа аиҳабы Алеқсеи Аҩардани Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭа аиҳабы Лоу Инал-иԥеи.








