pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 3, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз ақәҵарала Ареспублика Аԥсны астратегиатә обиектқәа русуреи рхархәареи арежим азы иҷыдоу аҭагылазаашьақәа шьақәырӷәӷәоуп.  

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рышьақәырӷәӷәара ахықәкы хаданы иҟоуп амилаҭтә шәарҭадара ашәарҭарақәа рыԥхьырҟәҟәаара, иҷыдалкаау иаинфраструктура еиԥҟьарада аусура алыршара, иара убас асоциал-економикатәи атәылахьчаратәи аҵакы змоу амазара ахьчара.

Иарбоу астратегиатә обиектқәа знапхгараҭараҿы (збаланс иаҵанакуа) иҟоу аусбарҭақәа, аусҳәарҭақәа, ахылаԥшырҭақәа, иара убас егьырҭ ахаҿқәа урҭ рыхьчара алыршаразы аҭакԥхықәра рыдуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент актәи аԥхьарала  «Аӡбаратә мчра азы» азакәан аӡбаҩцәа рзы афымцамч ахәԥса ашәаразы уаанӡа иҟаз альгота аԥыхра азԥхьагәазҭо аиҭакрақәа ралагалара иақәшаҳаҭхеит.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсабаратә ресурсқәа ирхылҵуа афымцамч аиуразы аиқәыршәагақәа аҳазалхратә баџь аҟынтәи ахы иақәиҭыртәит.

Адепутатцәа амратә панельқәа, аԥшагенераторқәа, урҭ рыԥсахгахәҭақәа римпорт аан ихымԥадатәиу ашәатәқәа раԥыхрала аенергиа «иаҵәа» азы атехника аагара дырмариеит.

Азакәанԥҵара аиҭакрақәа ралагалара аекологиатә хыҵхырҭақәа рыҿиара адгылара аҭара иазырхоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Адепутатцәа Агәаҭаратә Палата аныҟәгаразы 2026 шықәсазы иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ алыркааит. Уи 67,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент анаплак маҷқәеи абжьаратәи анаплакқәеи ҳәа реихшаразы акритериақәа шьақәнаргылеит.

Уи азы лЖәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аԥхьарала «Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра аҿиаразы» азакәан ариашарақәа аларгалеит.

Аԥсны имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра аҿиаразы азакәан апроект ҳазҭоу ашықәс рашәарамза 30 рзы имҩаԥысыз аилатәара актәи аԥхьарала ирыдыркылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь Аҳәынҭқарра Ахада инашьҭымҭа Аԥсны аҿиара астрадегиа алызкаауа апрограмматә усшәҟәуп ҳәа дахцәажәеит.

Ихадоу аԥшьгарақәа рыбжьара адепутат иаликааит ааигәа ирыдыркылараны иҟоу Абиуџьеттә Закәанеидкылеи инарҭбаау ацифровизациеи – ателемедицина инаркны аҳәынҭқарратә напхгараҭара асистемақәа рҟынӡа.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы аспектакль «Незнайка» арбара мҩаԥысит. Николаи Носов иажәабжьқәа рыла ақәыргыламҭа нанагӡеит Нара Ԥлиа лырҿиаратә ҟазарҭа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа «Аҳәынҭқарратә баџь азы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсны Жәлар Реизара — Апарламент ахь Анашьҭымҭа ҟаиҵоит.

Аминистрцәа реилазаара азал аҟны аизара иалагеит азакәанԥҵаратәии анагӡаратәии мчхара ахаҭарнакцәа, иара убас иналукааша ауаажәларратәи, аполитикатәи усзуҩцәа.

Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны ҳазҭагылоу аамҭазы иҟоу аҭагылазаашьеи ааигәа иазгәаҭоу атәыла ахырхарҭа хадақәеи дрыхцәажәоит.

 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Жәлар Реизарахь иҟаиҵаз инашьҭымҭа дахцәажәо Аҳәынҭқарра Ахада инашьҭымҭаҿы — атәыла аԥсҭазаара аганқәа зегьы азгәаҭан ҳәа иҳәеит.

Азакәанԥҵаратә мчра ахада иажәақәа рыла, аҳәынҭқарра Ахада ихадоу ахырхарҭақәа аликааит: асоциалтә политика ареформа, аҵарадырреи агәабзиарахьчареи рамодернизациа, иара убас ашәарҭадара арӷәӷәареи аенергетикатә инфраструктура арҿиареи.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.