pressadmin-2
Урыстәыла атәылауаҩ, аполиттехнолог Иван Рева иганахьала административтә зинеилагаразы аматериалқәа аӡбарҭахь идәықәҵоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь апрокуратура Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа Рева И.Е., Тимофеев П.И., Будыкин Д.А. иаларҵаз арзаҳал, иара убас ЖӘЛАР Реизара - Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа иалеиҵаз арзаҳали рыла апроцессуалтә гәаҭара амҩаԥгараан адмиинистративтә зинеилагарақәа аҭыԥ шамаз аанарԥшит, ҳәаадырра ҟаҵоуп Аԥсны апрокуратура Хада асаит аҟны. Убри инамаданы, ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура Урыстәыла атәылауаҩ Рева И.Е. административтә зинеилагаразы аус хацнаркит:
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Пирогов ихьӡ зху аорден ианашьахеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Пирогор ихьӡ зху аорден ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Абри азы адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны ахаҭарнакцәа асоциалтә ӡырга жәларбжьаратәи аконкурс “Еицны акоррупциа аҿагыларат” рхы аладырхәит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 9 рзы жәларбжьаратәи аилазаара жьҭаарамза 31, 2003 шықәсазы акоррупциа аҿагылара азы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Аконвенциа адкылара аҳаҭыраз иаԥҵаз акоррупциа аҿагылара Амш азгәарҭоит. Ари амш акоррупциа апроблема аилкаара арҭбаареи ари аглобалтә зҩа аҿагылареи аԥхьырҟәҟәаареи рҿы Аконвенциа иннанагӡо ароль азгәаҭареи иазкуп.
«Аԥснымедиа» ажурналистцәа Г.Ш. Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс 50- шықәса ахыҵра иазкны Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла имҩаԥнагаз аконкурс алауреатра рҽаԥсартәит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» ажурналистцәа Гиви Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс аартра 50 - шықәса ахыҵра иазкны Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла имҩаԥнагаз аконкурс алауреатра рҽаԥсартәит.
Аконкурс алауреат адиплом ланашьахеит Аинформациатә агентра «Аԥсныпресс» акорреспондент Аманда Касланӡиаԥҳа. Лара аҳамҭа лоуит аинтернет-ҭыжьымҭа аҿы икьыԥхьыз астатиа «Величественно красиво» азы.
Абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаза ахысраан ахәра зауз лаҽаӡәгьы иԥсҭазаара далҵит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Москватәи ахәышәтәырҭа аҿы иԥсҭазаара далҵит абҵарамза 11 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз ахысраан ааха зауз даҽа хаҵакгьы. Алмас Кәыҵниа ихы ахәра ӷәӷәа аман. Уи ихәышәтәразы Урыстәылаҟа дыргеит.
Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы" азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
Еиҭамҵуа амазара акадастр азы азакәан азинмчы аиура арыцхә 2027 шықәса ԥхынгәымза 1 ахь ииаргеит.
Бадра Гәынба Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс аусзуҩцәа обиект аиубилеи рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Бадра Гәынба Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы иаартуижьҭеи 50 шықәса аҵра иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥсны атуристтә обиект хадақәа ируаку аиубилеи уи аусзуҩцәа ирыдныҳәало, Бадра Гәынба иазгәаиҭеит:
Еиҭамҵуа амазара акадастр азы азакәан азинмчы аиура арыцхә 2027 шықәса ԥхынгәымза 1 ахь ииаргеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы» Ареспублика Аԥсны азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект рыдыркылеит.
«Ахәҭаҷ 78 иалагалоу аиҭакрақәа инарықәыршәаны, «Еиҭамҵуа амазара акадастр азы» азакәан азинмчы аиуеит ԥхынгәымза 1, 2027 шықәса рзы, ахы 10 (ахәҭаҷқәа 63 - 69) уахь иналамҵакәа, уи азинмчы аиуеит рашәарамза 1, 2025 шықәса рзы. Аминистрцәа Реилазаара иадҵоуп:
Ааҩык аӡхәыҵалацәа алахуп Аҟәа аӡымҽхак аҿы хабарда ибжьаӡыз ахаҵа иԥшаара.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2025 шықәса. Апсныпресс. Иахьа ашьыжь Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәа Аҟәатәи абаӷәаза иахьаҵанакуа аԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ҩаԥхьа ихацдыркит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.
Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан 10 кВ амчхара змоу афымцацәаҳәа ҿыц ахархәарахь ирырҭеит.
Новую линию электропередачи ввели в эксплуатацию в селе Ачандара Гудаутского района. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 10 кВ амчхара змоу иҿыцу аҳауатә афымцацәаҳәа ахархәарахь ирырҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аенергетика Аминистрра.
Уаанӡа афымцацәаҳәа зынаӡара уадаҩу аҭыԥ аҿы иҟан, аҭагылазаашьагьы акыр иуадаҩын.








