pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи «2026-2030 шықәсқәа рзы ареспублика асоциал-економикатә ҿиаразы аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы аиқәшаҳаҭра» рыбжьарҵеит.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Рхадацәа Бадра Гәынбеи Алан Гаглоеви иааиуа Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи рзы адныҳәаларақәа еимырдеит.

Иҟарҵаз адныҳәаларақәа рҿы ахадацәа азеиԥш ҭоурых, агәреибагареи акзаареи рыла ишьаҭарку ҳажәларқәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыиашьаратә ҟазшьа инаҵшьны иазгәарҭеит.

Бадра Гәынба игәалаиршәеит ааигәа аԥснытәи аделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла ашьақәгылара Амш 35- шықәса ахыҵра инамаданы Цхьынвал аҭаара, аҩганк реиԥылара иаҵаз аԥхарра, агәаартра атәы азгәеиҭеит.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Михаил Мишустин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ашықәс Ҿыци Иаса Қьырса Иира Амши идиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

« Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа,

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи!

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 31, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Бадра Гәынба Урыстәыла Ахада Иусбарҭа ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Ашықәс Ҿыци Қьырса ныҳәеи идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

Аҟәа.  Ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа 2025-тәи ашықәс асезон аихшьаалақәа рыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны, иҳаҩсыз асезон иреиӷьу ашьапылампыласыҩцәа ралкаара мҩаԥнагеит. Ақәгыларақәа рылҵшәақәеи хаҭала доусы ркомандақәа реихьӡарақәа рҿы рлагалақәеи ҳасаб азуны быжь номинациак рыла аиааирагаҩцәа алкаахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. 2026-тәи Ашықәс Ҿыц ауха ииз раԥхьатәи ахәыҷы дыҷкәыноуп.  

Аиба зыжәлоу, зыкапан — 4 100 грамм рҟынӡа инаӡо амаалықь диит ажьырныҳәамза  1, асааҭ 00:25 рзы.

Иара аҭаацәараҿы аԥшьбатәи ҷкәыноуп.  Ани ахшаареи рҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, урҭ ирзааигәоу ауааи аҭынхацәеи амедицинатә усзуҩцәеи рҟынтәи адныҳәаларақәа рыдыркылоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика аҿы Ашықәс Ҿыц ауха аҭагылазаашьа ҭышәынәалан, иҭынчран ҳәа уҳәар алшоит. Иҷыдоу аҭагылазаашьак ауп ишьақәыргылаз, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра аҿы.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса. Аԥсныпресс.  Ареспублика амҩадуқәа рҿы Ашықәс Ҿыц ауха аҭагылазаашьа ҭышәынтәалан ҳәа уҳәаратәы иҟоуп, ҳәа «Аԥсныпресс» акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 2, 2026 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы аныҳәатә гәалаҟазаара аҳра ауеит. Иҷыдоу аҭагылазаашьа аԥнаҵоит амандаринақәа рыла ишьақәгылоу аԥсаӡ. Уи С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿаԥхьа ишьықәыргылоуп. Сынтәа ари аԥсаӡ аура 5 метрак еиҳауп. Ари адунеитә рекордуп, ҳәа  Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо илҳәеит афестиваль «Амандарина» аиҿкааҩцәа ируаӡәку Сариа Аргәын.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.