pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳаиреилазаара «РусЛайн» ашықәсҿыцтәи аԥсшьарамшқәа раан Пермьнтәи Аҟәаҟа ареисқәа мҩаԥнагалоит.

Аҩганк рахь аԥыррақәа азԥхьагәаҭоуп ажьырныҳәамза 3, 4, 10, 11 рзы.  Апассаџьырцәа рыиагара мҩаԥыслоит иманшәалоу  50-ҭыԥ змоу канадатәи аҳаирпланқәа Bombardier CRJ100/200 рыла.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа аминистрра аусура зегьы реиҳа ихадоу ахырхарҭақәа иреиуны иаанхоит, уи аиҳарак изыхҟьо амашьынарныҟәцара акультура алаҟәра ауп, ҳәа Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо иазгәеиҭеит Роберт Кьиут.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшразы Аусбарҭа аусзуҩцәеи  Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәеи Приморское ақыҭан дааныркылеит Аҟәа ақалақь аҿы инхо,  1975 шықәса рзы ииз Быҭәба Нарсоу Мирон-иԥа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2026 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Ахада Атәылахьчара аминистрра Актәи хаз игоу амотошьаҟартә баталион даҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада амаҵзура ахысразы иҟоу аҭагылазаашьа, аибашьратә зыҟаҵара амҩаԥысшьа даҭааны ибеит, аррамаҵзурахь иааԥхьоу асолдаҭцәа драцәажәеит, архәҭақәа руадақәа дрыҩналаны ибеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 80-шықәса аҵра иазкыз аныҳәатә еилатәара Ауаажәларратә Палата аԥшьгарала арепатриациа азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аилатәарақәа рзал аҿы имҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза  26 – 31 аҟынӡа  Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр аҿы имҩаԥыслоит есышықәсатәи арежиссиортә лабораториа «Сандро», ҳәа адырра ҟанаҵоит Аурыс драматә театр ателеграмм-канал.

Аусура ашықәсқәа рыла алабораториа аспектакльқәа «Электра», «Рассказ мула старого Хабуга», «Пастух Махаз», «Земляника» аԥсҭазаара рынаҭеит. Алабораториа алахәылацәа – арежиссиорцәа атеатр аус ацура иацырҵоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  2026 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы реиҭаҳара азԥхьагәаҭоуп 500 шьапы инарзынаԥшуа  аҵла ҿыцқәа, ҳәа апресс-конферециа аҿы иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы атәыла аԥсаӡ Хада гәырӷьарала иаадыртит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусеилыргаратә усбарҭа ЗҲәА «СП Путь-А»  ԥыхьатәи анапхгаҩы Алик Руслан-иԥа Агрба иганахьала егьи аиҿкаара – АУН «Аԥснытәи аихамҩа» ӷәӷәала иаԥырхагахаз ахҟьаԥҟьақәа зцыз азинмчы амыцхә ахархәара аҟазшьақәа азԥхьагәазҭо,  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 196 ахәҭа 2 ала аусеилыргара хацнаркит.  Абри азы адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц 2026 шықәса ажьырныҳәа 12 рзы аусура иалаго, Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак (МККК) Амиссиа ахада ҿыц Валерии Џьемелло дидикылеит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц дидикылеит 2026 шықәса ажьырныҳәа 12 рзы аусура иалаго, Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак (МККК) Амиссиа ахада ҿыц Валериа Џьемелло.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.