pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ацитрустә сезон алагара инаркны Аԥсны иалганы експорт ҳасабла Урыстәылаҟа идәықәҵахеит 23 553 тонна амандарина. Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иалагӡаны атәыла иалганы идәықәҵан 29 109 тонна амандарина.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аенергетикцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамчтә усхк аусзуҩцәеи аветеранцәеи!

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц ихантәаҩрала, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҟны имҩаԥысит 2025 шықәсазтәи адәныҟаполитикатә усбарҭа аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкыз аилацәажәара. Аилацәажәара иалахәын аминистр ихаҭыԥуаа Одиссеи Бигәааи Иракли Ҭыжәбеи, аусбарҭа адепартаментқәа реиҳабацәеи.

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аконтрабандеи аҳазалхратә зинеилагарақәеи рҿагыларазы Аусбарҭа аусзуҩцәа  аҟәатәи аџьармыкьа Хада аҿы агәаҭара мҩаԥыргеит.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзуреи еицымҩаԥыргаз аунагӡатәқәа ирылҵшәаны Аҟәа иҟаны аимадарақәа шьақәзыргылоз, аинформациа еизызгоз, анаҩс асоциалтә ҳақәеи амессенџьерқәеи рхархәарала уи зегьы украинатәи иҷыдоу амаҵзурақәа рахь изышьҭуаз ҩыџьа Урыстәыла атәылауаа ааныркылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза  16,  2025 шықәса рзы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Кәарҷиа И.Г. ихантәаҩрала Урыстәылатәи Афедерациа  атәылауаҩ, Лугансктәи аобласт Краснодон ақалақь аҿы 2000 шықәса рзы ииз, Севастополь ақалақь аҿы инхо Рева Иван Евгени-иԥа иганахьала административтә зинеилагаразы аматериал иахәаԥшит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аиҳабы Саид Ҵнариа иԥылара мҩаԥысит Ауаажларратә Палата аҿы ԥхынҷкәынмза 16 рзы, ҳә адырра ҟанаҵоит Апалата аофициалтә саит.

Аиԥылара аԥшьигеит Апалата алахәыла, аекономикатә ҿиареи аусдкылара адгылара аҭареи рзы акомиссиа аханәаҩы Дауҭ Агрба.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусеилыргаратә усбарҭа анапхыцәгьарала атәым мазара – Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» аԥаратә хархәагақәа рытәтәра азы игәҩароу Агрба Мирон Лавренти- иԥеи Коӷониа Даур Ҷыҷыкәа-иԥеи рганахьала ашьаусеилыргара хацнаркит.

Иарбоу ацәгьоура ҟаҵан Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «СП Путь-А» Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩақәеи» цәыббрамза  17, 2019 шықәса рзы ирыбжьарҵаз аргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра ала аусурақәа рынагӡараан.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә академиа ала еиҿкаахаз X Ацҳаражәҳәаратә астол гьежь ихы алаирхәуеит.  

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Софиа Ҭарба Урыстәыла апкьаҭмпылтә тур аҳәаақәа ирҭагӡаны Шәача имҩаԥысыз атурнир аҿы аџьазтә аԥхьахә лгеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.