
pressadmin-2
Аԥсны иахьаҵанакуа 152 алхратә ҭыԥқәа аԥҵоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Ахада иалхрақәа рҽазыҟаҵареи абжьыҭара актәии аҩбатәии атурқәа реихшьаалақәа рыҟаҵареи иазкыз абрифинг мҩаԥысит Аԥсны Алхратә комиссиа Хада аҿы.
Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит имҩаԥгаз аусура атәы.
«Абжьыҭара аҟынӡа 10-мыш шыбжьоу Ареспублика Аԥснгы иахьаҵанакуа иаатраны иҟоу алхратә ҭыԥқәа зегьы иахьа инаркны аусура иалагоит. Алхыҩцәа рсиақәа акыдҵара иалагеит», – ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны иахьаҵанакуа зынӡа 152 алхратә ҭыԥ ҟалоит.
Жәабранмза 5 рзы иҟоу адыррақәа рыла, ихадоу асиа иалагалоуп 135 – нызықьҩык алхыҩцәа.
«Урҭ Аԥсны иахьаҵанакуа иҭаҩу ауаа роуп», – ҳәа иазгәеиҭеит Дмитри Маршьан.
Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы иажәақәа рыла, алхыҩцәа иахьарнахыс алхратә ҭыԥқәа рҿы инеины асиақәа рбар рылшоит.
«Асиақәа рҿы шәшаным гәашәҭар, шәара уи азы акомиссиа алахәылацәа адырра рышәҭар ауеит, дара анаҩс ихадоу асиа шәаларгалоит. Ҳара иаҳҭахуп иназыцҵоу асиақәа излауа ала имаҷны иҟаларц», - ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан.
Аԥсны анҭыҵ иаԥҵахоит алхратә ҭыԥқәа хԥа: ҩба Урыстәыла (Москвеи Черқьесски ақалақьқәа рҿы), акы Ҭырқәтәыла ақалақь Сақариа (Адаԥазары) аҿы.
«Ҳара иарбоу алхратә ҭыԥқәа рыҿгьы акомиссиақәа реилазаарақәагьы шьақәҳарӷәӷәахьеит. Уаҟагьы аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥысуеит. Иарбоу алхратә ҭыԥқәа рҿы зыбжьы азҭаз иназыцҵоу рсиа ҳара иҳауеит абжьыҭара аҽны. Аиҳарак Аԥсны анҭыҵ инхо Аԥсны атәылауаа араҟа ашәҟәы иҭаҩӡам, убри аҟнытә урҭ ихадоу асиа иҭагалаӡам», – ҳәа иазгәеиҭеит Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы.
Иахьа инаркны Алхратә комиссиа Хада аԥснытәи аҭаҩра змам ареспублика атәылауаа абжьыҭаразы азин аршаҳаҭгақәа рыҭара иалагоит.
Дмитри Маршьан Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы азакәан инақәыршәаны аҽамхратә (аҽҭыҩраатә) бӷьыц аҭара азԥхьагәаҭаӡам ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Урҭ акыр ҵуеит иаԥыхижьҭеи.
«Даҽа зныкгьы еиҭасҳәоит: абжьыҭаразы аршаҳаҭгақәа Алхратә комиссиа Хада аҿы аиура зылшо Аԥсны иҭаҩым ареспублика атәылауаа мацара роуп», – ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәылатәи Афедерациа Алхратә комиссиа Хада аҿы Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражҳәаҩ Алхас Кәыҵниа иԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раламҭалазы Урыстәылатәи Афедерациа Алхратә комиссиа Хада аҿы Урыстәыла алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Елла Памфиловеи Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылараҿы Алхас Кәыҵниеи Елла Памфиловеи Урыстәыла иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы ареспублика Ахада иалхрақәа раан абжьыҭара аиҿкаара азҵаарақәа ирылацәажәеит. Урыстәыла инхо Аԥсны атәылауаа рзы алхратә ҭыԥқәа ҩба аартхоит – Москвеи Черқьесски ақалақьқәа рҿы.
Бадра Гәынба алхрақәа рылҵшәақәа разхаҵара азы аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Бадра Гәынба жәабранмза 2025 шықәсазы имҩаԥысуа иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә маҵурахьы акандидатцәа рыбжьара алхрақәа рылҵшәақәа алхратә процесс алахәылацәа зегьы ишеицазхарҵо азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩразы аԥшьгара ҟаиҵеит.
Аиқәшаҳаҭра атекст аҿы иазгәаҭоуп:
«Ҳара, Ареспублика Аԥсны Ахадарахь акандидатцәа ари аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҩуа иарбоу аҭоурыхтә етап аҿы зегьы реиҳа ирыцку, ҳтәылауаа зегьы рзы акырӡа ихымԥадатәиу аҭышәынтәалара, аҭынчра ашьақәгылара, убри аан уи алзыршо ҳара-ҳара ҳабжьара Аԥсны аҿиареи аизҳазыӷьареи рзы аҭынчреи аилибакаареи аҳра ауа аҟалара шаку еилаҳкаауеит.
Ҳара зегьы бзиа иаабоит ҳаԥсадгьыл, ҳауаажәлар, алхратә кампаниа алҵшәақәа ирыдҳәаламкәа иҳалшо зегьы аҟаҵара ҳазхиоуп аиҿагыларақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы. Ҳара ҳтәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы ҭынч мҩала имҩаԥысуа аполитикатә конкуренциа ауп иазхаҳҵо. Ҳара ҳадгылаҩцәа рахь аҭынчреи аилибакаареи раарԥшреи атәылауаҩратә еиҿагылара алмыршареи рзы ааԥхьара аҟаҵаразы аҭакԥхықәра ҳхахьы иаагоит.
Азинхьчаратә усбарҭақәа алхрақәа рымҩаԥгара амш аҽны алхырҭатә ҭыԥқәа рыхьчара еиҿыркаауеит.
Аҟәа. Жәабранмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Алхратә комиссиа Хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи апрокуратура Хадеи рахь «Ареспублика Аԥсны Ахада иалхра азы» Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 15 инақәыршәаны, алхратә кампаниа амҩаԥгара аамҭа зегьы иалагӡаны, иара убас жәабранмза 15, 2025 шықәсазы имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раан Ареспублика Аԥсны аӡбарҭақәеи апрокуратура аусбарҭақәеи русура аиҿкааразы аҳәара ҟанаҵеит.
Валери Бганба амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Жәабранмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аилатәара иалахәыз ирылацәажәеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы» Азакәан ақәныҟәара ахылаԥшра.
Амимоза раԥхьатәи апартиақәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргеит.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы амимоза асезон алагеит. 2025 шықәсазы раԥхьатәи «ашәҭқәа рпартиақәа» рзы адекларациақәа аларгалеит ҳазҭалаз ашықәс, ажьырныҳәамза анҵәамҭазы 600 кьыла инарзынаԥшуа амимоза, мамзаргьы араӡнытә қәыҵла (акациа) ҳәа изышьҭоу аҵиаа ахкы азы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университети Москватәи Аҳәынҭқарратә Университети анаукатә експедициа еицымҩаԥыргоит.
Аҟәа. Жәабранмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ламоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет анаукеи аҵарадырреи Рцентр аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥысуеит ҳаамҭазтәи аԥсабаратә процессқәа рыҭҵаара, аклимат аҽаԥсахра ахҟьаԥҟьақәа ахәшьара рыҭара, арекреациатә инфраструктура аҽарҭбаара апотенциал анализ азура, уҳәа иазку анаукатә конференциа, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААУ а-телеграмм канал.
ААУ агеографиеи атуризми рфакультет Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет хә-факультет арҵаҩцәеи аҵарауааи рыцырхырааны амшынтәии аӡиастәи аҟәарақәа рықәыӡәӡәаара, аӡхыҵрақәа, адгьылҳәазарақәа, аӡымҭҟьар алеира, уҳәа аԥсабаратә цәырҵрақәа рыҭҵаара мҩаԥнагоит.
Ауаажәларратә Палата аҩынтәраан абжьыҭиразы абиуллетень аҟынтәи «Акандидатцәа зегьы рҿагылара» иазку ацәаҳәа алгаразы ажәалагала ҟанаҵоит.
Аҟәа. Жәабранмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Ареспублика Аԥсны Ауааажәларратә Палата атәыла аҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа инарымаданы ишьақәгылаз имариам, аибарххара зныԥшуа ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа инамаданы агәҭынчымра аарԥшуа, Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы аҩынтәраан абжьыҭира алҵшәақәа рыҟаҵара ҳәаақәызҵо «Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы» Ареспублика Аԥсны Аконституциатә Закәан ахәҭаҷ 19 аилкаара аҵакызаҵәрадара, анаҩс ауаажәларра рыбжьара еиҳагьы аибарххара цәырнагар алшоит ҳәа агәаанагара аанарԥшуеит». Абри атәы аҳәоит Ауаажәларратә Палата алахәылацәа Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы иахь иҟарҵаз ааԥхьара аҿы.
Уаанӡа имҩаԥгаз алхрақәа рҟынтәи, аиҭабжьыҭира аан «Акандидатцәа зегьы рҿагылара» атәы зҳәоз ацәаҳәа зныз абиуллитеньқәа рхархәара инамаданы хра злам аԥышәа аиҭаҟалара алмыршара азы, Ареспублика Аԥсны Ауаажәларратә Палата Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы аконституциатә закәан ахәҭаҷқәа 16, 19 абарҭ аиҭакрақәа ралагалара азы ажәалагала ҟанаҵоит:
- аҩынтәраан абжьыҭиразы абиуллетень аҟынтәи «Акандидатцәа зегьы рҿагылара» иазку ацәаҳәа алгара.
Аҟәа ақалақь аҿы афымцатә ҳақәа закәаншьаҭада аҽрыԥшьра аҿагыларзы аоперативтә штаб аԥҵоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Алхас Лагәлаа «Аҟәа ақалақь аҿы Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» иаҵанакуа афымцатә ҳақәа закәаншьаҭада аҽрыԥшьра аҿагыларзы аоперативтә штаб аԥҵаразы ақәҵара» инапы аҵаиҩит.
Аоперативтә штаб анапхгаҩыс дҟаҵоуп – Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.
Лаша Ашәба Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатцәа жәабран 15 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу атәыла Ахада иалхрақәа рҿы анаԥшыҩцәас иҟаларц азы ааԥхьара риҭеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 14 рзы Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Ахеилак аҿы аусуратә еиԥыдара мҩаԥысит. Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Александр Коршунов Приднестровие иҟоу азинмчы змоу Аԥсны ахаҭарнак Александр Ватаман дидикылеит.
Аиԥылара атема хаданы иҟалеит жәабранмза 15, 2025 шықәса рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа. Александр Ватаман Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ихьӡала Александр Коршунов ааԥхьара ииҭеит жәабран 15 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу атәыла Ахада иалхрақәа рҿы анаԥшҩыс дҟаларцаз.