pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныресс. Аҟәатәи акаҳуажәырҭа «Бисквит» аҟны хҩык ауаа иреихсны изшьыз Аслан Дочиа аӡбарҭа аҭакра иқәнаҵеит.

Апрокуратура Хада иҟанаҵо адыррақәа рыла, ажьырныҳәамза 11, 2025 шықәса,  13 сааҭи 50 минуҭи инарзынаԥшуа, Дочиа Аслан Виачеслав-иԥа Кәыҵниа Лашарела Заур-иԥеи Жьиба Ешсоу Даҭикәа-иԥеи дрыцны акаҳуажәырҭа «Бисквит» хазы ауадаҿы дшыҟаз, ирыбжьалаз аимак-аиҿак иахҟьаны, изакәанымкәа иныҟәигоз абџьар «Glock» ала бжьынтә иреиҵамкәа дреихсит. Куҵниа Лашарелеи Жьиба Ешсоуи ироуз ахәрақәа ирыхҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәа, мамзаргьы Адунеи ацәырҵра Амш – аԥсуаа рҿы традициала жәытә-натә аахыс ишьақәгылахьоу аныҳәақәа иреиуоуп.  Уи ажьырныҳамза 13- 14 ауха ауп ианазгәарҭо. 

Зқьышықәса уажәаԥхьа аԥсуаа зыгәра ргоз рынцәахәқәа дыруаӡәкуп Шьашәы. Аԥсуаа ажәытәан ишхарҵоз ала, Шьашәы ажьирақәеи ажьицәеи рынцәахәы иакәын. Убри аҟнытә дара

ажьира анцәахәы Шьашәы иҳәон дрыцхраарц азы. Ажьира – жәытә-натә аахыс аԥсуаа рҿы иԥшьоу ҭыԥны иԥхьаӡоуп, ажәытәын уи ҩнаҭацыԥхьаӡа игылан, араҟа аныҳәарақәа ҟарҵон, иара убас ажьаҳәа, аԥсынгьери, арыҭәа уҳәа рнапы ақәҵаны аҭоубагьы шьҭарҵон. Ажәытәӡан аԥсуаа ажьира ажәҩанмца амацәыс иахәҭакны ирыԥхьаӡон. Амацәыси ажьиреи амагиатә еимадара рыман, уи ауааи иреиҳаӡоу амчқәеи рыбжьаҟаза аҳасабала иахәаԥшуан.  

Ажьырныҳәа аҽны аҭаацәа зегьы еизоит, ашьтәа ршьуеит, ажьира иадгыланы иныҳәоит.

Ашьыжь шаанӡа аҭаацәа рҿы еиҳабу ашҭа дықәланы наунагӡа аԥсҭазаара символра азызуа ашәшьи ажәла аизҳазыӷьара иазку араса махәқәеи еизганы аҩны - агәара иахьиигӡоит.  Анаҩс ахәыҷқәа ахьыцәо ауада дааҩналаны аԥараҿырпи аџьықәреи арыцқәеи араса амахәқәеи ҩнеиԥсоит. Уи Зегь Зымчу иахь аҭаацәа реизҳазыӷьара азы аҳәара символра ауеит. Убри аан иара иҳәоит: «Ахьи араӡны ҷах-ҷах».

Раԥхьатәи ажәақәа ҩба иаанагоит «ахьы», «араӡны»,  «ҷах-ҷах»- иаанаго аиха абжьы ауп. Уи абжьы анго ахәыҷқәа ирдыруеит урҭ аҳамҭақәа рыҭаразы ишааиуа, ахаамыхаақәа шроуа.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа инарымаданы ааԥхьара ҟанаҵеит.

Ареспублика Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг инапы зҵаиҩыз ааԥхьара атекст, ахәҭакахьала иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу ажурналистцәа, амассатә информациа ахархәагақәа рнапхгаҩцәа!

Ҳтәылаҿы ауаажәларратәии аполитикатәи активра цәырызго акыр зҵазкуа аполитикатә процесс мҩаԥысуеит – Ареспублика Аԥсны Ахада иалхратә кампаниа.

Ари акампаниа ихадоу аетапқәа иреиуоуп амассатә информациа ахархәагақәа рҿы алхранӡатәи агитациа. 

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла амассатә информациа ахархәагақәа рредакциақәеи ажурналистцәеи  русураҿы иҟоу алхратә закәанԥҵареи амассатә информациа ахархәагақәа рзы Азакәани ирықәныҟәаларц, апрофессионалтә етика анормақәа нарыгӡаларц, Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа зегьы рзы еиҟароу аинформациатә ҭагылазаашьақәа аԥырҵаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.   

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2025 шықәса.  Аԥсныпресс. 2024 шықәсазы Аԥсны абикуџьет иалагалаз ашәахтә шәатәқәа реицҵалыҵ  6 млрд.  421 млн.  466,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, убри аан планла иазԥхьагәаҭан 5 млрд. 722 млн. 814,9 нызықь мааҭ. Анагӡара  112% рҟынӡа инаӡоит.

Ашәахтә шәатәқәа ралагалара араионқәа рҿы 2024 шықәсазы абас ала ишьақәгылеит:

– Аҟәа ақалақь аҿы – планла иазԥхьагәаҭаз  2 млрд. 730 млн. 027,5 нызықь мааҭ аан, иалагалахеит 3 млрд.  051 млн. 417,9 нызықь мааҭ,  мамзаргьы, даҽакала иуҳәозар - 112%.

– Гагра араион аҿы – планла иазԥхьагәаҭаз 1 млрд. 826 млн. 376,7 нызықь мааҭ аан, иалагалахеит   1 млрд.  893 млн. 602,1 нызықь мааҭ, мамзаргьы, даҽакала иуҳәозар - 104%.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гал ақалақь аҿы ажьырныҳәамза 5 рзы Папанырхәа ақыҭан иҟалаз абылра иахҟьаны иҭахаз хә-ҩык ахәыҷқәа ргәалашәаразы акциа мҩаԥысит.

Акциа рхы аладырхәит Галтәи абжьаратәи ашкол  №1 аҵаҩцәеи урҭ рҭаацәеи рырҵаҩцәеи. 

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, ажьырныҳәамза 16 рзы имҩаԥысит Алхратә комиссиа Хада аилатәара.

Алхратә комиссиа Хада акоммерциатә Банк «Черноморский банк развития» ахантәаҩы Хәырхәмар Адгәыр Владимир-иԥа Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат иаҳасабала ишәҟәҭагалара мҩаԥнагеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә Автоинспекциа аусзуҩцәа амҩаҿы аныҟәара иадҳәалоу 284 административтә зинеилагарақәа аадырԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. Ф-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы ркын. Урҭ шықәсыбжак ҳәа амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа рымхуп.

Ареид ҷыдала аҳҭнықалақь Аҟәа алхны, ареспублика зегьы иахьҵанакуа имҩаԥысуан. Аусмҩаԥгатәқәа раан аҩныҵҟатәи аусқәа араионтә ҟәшақәа ркадртә еилазаара аротациа мҩаԥысуан.

Автоҳәынҭинспекциа аинспекторцәа ауааԥсыра рахь амҩатә ԥҟарақәа еиларымгаларц азы ааԥхьара ҟарҵоит, ирабжьыргоит ашәрҭадара амаҟақәа ныҟәыргаларц. Ари аԥҟара аиҳарак ахәыҷқәа рзы ихымԥадатәины иҟоуп. Ахәыҷқәа рыиагара ҟалоит уи азы ҷыдала иҟаҵоу атәарҭақәа рыла.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  2025 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны Аԥсны афымцамч азы ахәԥҵәақәа ирыцлеит ҳәа ажырра ҟаиҵеит Аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба.

Иҿыцу ахәԥҵәақәа абас ала ишьақәгылеит:

  1. Абзазаратә хықәкқәа рзы афымцамч зхы иазырхәо, х-фазак зызнеиуа хазхаҭалатәи ахаҿқәа шьҭарнахыс иршәалароуп – 2 мааҭки 20 коп.;          
  2. Абзазаратә хықәкқәа рзы афымцамч зхы иазырхәо, фазак зызнеиуа  хазхаҭалатәи ахаҿқәа шьҭарнахыс иршәалароуп – 1 мааҭки 70  коп.;
  3. Агәабзиарахьчареи аҵарадырреи русхкы иадҳәалоу икоммерциатәым аиҿкаарақәа – 2 мааҭки 20 коп.;

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Анас Кьышьмариаԥҳа ажьырныҳәамза  9 рзы Алхратә Комиссиа Хада ахантәаҩы, уаанӡа Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змаз Дмитри Маршьан диԥылеит.

Аиԥылараҿы ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа, акандидатцәа рышәҟәҭагалара апроцедура, иара убас алхыҩцәа рзинқәа рыхьчареи аилагарақәа раԥырҟәҟәаареи рганахь ала Алхратә комиссиа хадеи алхырҭатә ҭыԥхадақәеи араионтә комиссиақәеи русура аспектқәа,  ирылацәажәеит. 

Дмитри Маршьан Анас Кьышьмариа, хаҭала иара, Акомиссиа Хада ахантәаҩы иаҳасабала, иара убас Акомиссиа аилазаареи аппарати русура аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәеи Аконституциа рыла иҳәаақәҵахоит ҳәа агәра лиргеит.

«Шәара шусдырра, шәԥышәа, шәҭакԥхықәра Алхратә Комиссиа Хада имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа иахәҭоу аҩаӡара аҿы, ареспублика азакәанԥҵара инақәыршәаны аиҿкаареи амҩаԥгареи шалнаршо азы аӡәгьы агәыҩбара изцәырнагом», – ҳәа иазгәалҭеит аомбудсмен.   

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 24, 2014 шықәса рзы знапаҵыҩра мҩаԥысыз Ареспублика Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә еидгылареи рзы Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 11, ахәҭа 1 инақәыршәаны,  Аԥсны иарбоу Аиқәшаҳаҭра азакәанмчы аиура инаркны хы-шықәса иахымгакәа аҳазалхратә ус аганахьала азакәанԥҵара Евразиатәи аекономикатә Еидгылара (ЕАЭС) актқәеи Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵареи рышьашәалара алыршаразы аҭакԥхықәра ахахьы иагеит.

Азакәанԥҵарақәа реишьашәалара Апрограмма хацыркын 2021 шықәсазы, уи иара убас аҳазалхратә ус аҿы – Аҳазалхратә Закәанеидкыла аиқәыршәара, аҳазалхра-тарифтә политика аиҭакра, уҳәа реиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәак ахԥхьагәанаҭон. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.