pressadmin-2
Адепутатцәа Аҳәынҭқарра Ахада иқәиргылаз апрокурор Хада икандидатура иахәаԥшит.
Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы иааиуа Апарламент асессиа аҿы Аԥсны апрокурор Хада имаҵураҭыԥ ахь Адгәыр Агрба икандидатура ахәаԥшразы рыбжьы арҭеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада икандидатура ықәиргылеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 76, "Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратуразы" Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 12 инарықәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахәаԥшразы иқәиргылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада имаҵураҟны иаҭаразы Агрба Адгәыр Нугзар-иԥа икандидатура.
Бадра Гәынба аветеранцәа рыбжьара ашьапылампыл азы XV Жәларбжьаратәи атурнир даҭааит.
Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Ихраҿа агаразы автеранцәа рыбжьара ашьапылампыл азы XV Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысуеит лаҵарамза 13 – 19 рзы Алаҳаӡы ақыҭан.
Иахьа атурнир даҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.
Атурнир рхы аладырхәуеит Узбекьысҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла, «Чалтырь» (ақ. Ростов-на-Дону), «Сулин» (Ростовтәи аобласт) акомандақәа, Шәачеи Адлери еиду акоманда, иара убас Аԥсны ахьӡала х-командак.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба атурнир асасцәеи алахәылацәеи аветеранцәа рыбжьара ашьапылампыл азы XV Жәларбжьаратәи атурнир аофициалла аартра рыдиныҳәалеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветеранцәа Рассоциациа 10-шықәса ахыҵит.
Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 15 рзы 10-шықәса ахыҵит Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аветеранцәа –1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз Рассоциациа.
400-ҩык инареиҳаны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәын.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәеи ахылаԥшырҭа адәаҿы ишьақәыргылоу 1992-1993шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Ассоциациа аиубилеи иазку аныҳәатә еилатәара ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба.
Аилатәара аартуа, Роберт Киут аветеранцәа, анапхгара аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи ауаажәларреи дрыдныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа, еицеибышьуаз, аҩызцәа! Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра автеранцәа - 1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз Рассоциациа 10-шықәса ахыҵра амш.
Ари баша-маша рыцхәӡам, ари шәара шәфырхаҵара аҵакдура, шәдоуҳамч аӷәӷәара, шәуалԥшьа ламысла анагӡареи Аԥсадгьыл ахь ишәымоу абзиабареи зырҵабыргуа аамҭахәҭа ауп. Ҳажәлар рзы еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аусзуҩцәа Ареспублика Аԥсны асуверенитети ахьыԥшымреи рыхьчаразы рахьа игылаз иреиуоуп.
Шәара абџьар кны аӷа шәиҿагылеит, атыл аҿы арратә хыдҵақәа нашәыгӡон, аибашьра аҭагылазаашьақәа рҿы азинеиҿкаареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара азы аус шәуан. Уи зегьы хьыӡла-ԥшала инашәыгӡон. Ассоциациа иҳаҩсыз 10-шықәса рыла аҿар рпатриоттә, рлеишәатә, рҭоурыхтә ааӡара иузаҟәымҭхо иадҳәалахеит. Шәара иҭахаз ргәалашәара анаунагӡатәра ахьӡала шырратә ҩызцәа шәрыцхраауеит, атәыла ауаажәхларратә ԥсҭазаара активла шәалахуп, абиԥарақәа реимадара арӷәӷәара аҿы хәызмаӡам шәлагала алашәҵоит», – ҳәа иҳәеит иара.
Ҭемыр Кәакәасқьыр Владислав Арӡынба изкны иҭихыз афильм арбара Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысит.
Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иԥсҭазааратә мҩа иазку афильм «Ауаа ирыԥхьагылоу» («За кем идут люди») ддырбеит Аԥсуа драматә театр аҿы.
Афильм арежиссиор – Ҭемыр Кәакәасқьыр, аоператор – Џьано Цурцумиа, акомпозитор – Анри Гәымба. Ароль хадақәа нарыгӡеит Мирон Осиеи Ричард Ҷкадуеи.
Ари акиносахьа еиднакылоит адокументалтәии асахьаркыратәи акино аелементқәа. Арежиссиор Ҭемыр Кәакәасқьыр иажәақәа рыла, анеироҳақәа рхархәарала авторцәа Владислав Арӡынба ишәҟәы «Сара сыԥсҭазаара» аҟынтәи ацитатақәа атәыла Раԥхьатәи ахада ибжьы рхаҵареи афотосахьақәак аԥсы рхаҵареи рылшеит».
Афильм асиужет инақәыршәаны, ҷкәынак Владислав Арӡынба аибашьра ашықәсқәа рзы ииҩыз имшынҵа имԥыхьашәоит. Архивтә кадрқәа рыбзоурала ахәаԥшцәа аполитик дызлахәыз, адунеитә арена аҿы Аԥсны аинтерессқәа ахьыихьчоз аиҿцәажәарақәа дара рхаҭақәа ирылахәызшәа ргәы иабоит. Иара убас идырбахоит Лаҭатәи атрагедиа, Аԥсны ақалақьқәа ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи аҭарцәра, уҳәа иазку акадрқәа. Ахроника иаанарԥшуеит Аԥсуа жәлари урҭ рԥызеи ахьыԥшымразы ақәԥараҿы ирхыргаз амыҟәмабарақәа зегьы.
Аҳәынҭқарра Ахада ААР аусзуҩцәеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи р-Ассоциациа жәашықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ААР аусзуҩцәеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи р-Ассоциациа жәашықәса ахыҵра азгәаҭара иазкыз аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра далахәын Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрра аусзуҩцәеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи р-Ассоциациа жәашықәса ахыҵра азгәаҭара иазкыз аныҳәатә еилатәара.
Аӡахәааӡара ҳаамҭазтәи азнеишьақәа: аԥснытәи аспециалистцәа аԥышәа ҿыцқәа ҭырҵаауеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡхәааӡара азы аҵаратә тренингқәа мҩаԥысит лаҵарамза 13 – 14 рзы Аҟәа ақалақь аҿы. Уи рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа рҟынтәи 40-ҩык инарзынаԥшуа аҩыҟаҵаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи, ҳәа адырра ҟанаҵоит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатәи-жәтәи ақыҭанхамҩатәи еиҿкаара (ФАО) Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу апроекттә офис.
Апрограмма иалагалан атеориатә лекциақәа реиԥш, аӡахәаҭрақәа рҿы апрактикатә ҽазыҟаҵарақәеи. Аҽазыҟаҵарақәа раан аӡахәаҭрақәа авегетациа анымҩаԥысуа аамҭазы ахылаԥшра рыҭара, рааӡара иадҳәалоу ихадоу аспектқәа инарҭбааны иахәаԥшит. Алахәылацәа ахҿарах аилыхра иадҳәалоу ҳаамҭа иақәшәо аметодикақәа дырбан.
Артиом Табариан Владислав Арӡынба игәалашәара иазкны имҩаԥгаз ашахматтә турнир аҿы аиааира игеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80-шықәса аҵра иазкыз ашахматтә турнир мҩаԥысит Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҿы.
Атурнир рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи 57-ҩык ашахматистцәа.
Ихадоу атурнир аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит Артиом Табариан (ақ. Аҟәа), аҩбатәи - Даур Зыхәба (ақ. Аҟәа), ахԥатәи - Алан Ҟаитан (ақ. Аҟәа), аԥшьбатәи - Альберт Карапетиан (ақ. Гәдоуҭа), ахәбатәи - Ҭемыр Шанаа (ақ. Очамчыра).
Аԥсни Урыстәылеи аҵара аминистрцәа аусеицура аперспективақәа ирылацәажәеит. Министры просвещения Абхазии и России обсудили перспективы сотрудничества.
Аҟәа. Рашәарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аонлаин-режим ала имҩаԥысыз аиԥылара аҿы аусеицура аперспективақәа ирылацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи аҵара аминистрцәа Хана Гәынбеи Сергеи Кравцови, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵара Аминистрра а-Телеграмм-канал.
Урыстәылатәи лколлега Хана Гәынба Аԥсны аҵара аминистрс лыҟаҵара лыдиныҳәалеит, уи лнапхгарала ареспублика аҵарадырратә усхкы қәҿиарала аҿиара шаиуо азы агәра ганы дшыҟоу иҳәеит.
Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г. Арӡынба – наунагӡа Аԥсны аҭоурых аҟны даанхоит зхы иақәиҭу Аԥсуа Аҳәынҭқарра дасимволны.
Аҟәа. Лаҵарамза 14,2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г. Арӡынба ииубилеи иазку аныҳәатә еилатәараҟны «Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г. Арӡынба – наунагӡа ихьыԥшым Аԥсуа ҳәынҭқарра дасимволны даанхоит» ҳәа ажәахә ҟаҵо дықәгылеит. Ажәахә аҿы ианыԥшит Владислав Арӡынба– аҵарауаҩ, аполитик, Аҳәынҭқарра Ахада, Аԥсны Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хада, уҳәа иусура аетапқәа.
*** Владислав Арӡынба – наунагӡа Аԥсны аҭоурых аҟны даанхоит зхы иақәиҭу Аԥсуа Аҳәынҭқарра дасимволны.
«Иахьа Аԥсны жәлар иазгәарҭоит рҵеи лаша, рԥыза ду, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ауасхыр азышьҭазҵаз, уи Раԥхьатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, Ахьӡ-Аԥша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра. Ари амш аҵак ду амоуп зыԥсадгьыл згәы азыбылуа, уи аҭоурых пату ззақәу, уаҵәтәи аԥеиԥш иазхәыцуа зегь рзы. Изныкымкәан ирҳәахьеит ауаҩы ихаҭара аҭоурых аҿы иааннакыло аҭыԥ атәы.
Владислав Арӡынба ихаҭара, уи ихьӡ, ихыԥша Аԥсны аҭоурых аҿы иааннакыло аҭыԥ ахә ашьара уадаҩуп. Владислав Григори-иԥа наунагӡа Аԥсны аҭоурых аҟны даанхоит зхы иақәиҭу Аԥсуа Аҳәынҭқарра дасимволны.
Аԥыза ду ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп иара инапхгарала Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҳажәлар иргаз Аиааира.
Машәыршақә иҟамлазар ҟалап Асовет Еидгыла ахыбгалара иадҳәалаз аамҭа цәгьақәа рзы ҳажәлар рзы дыԥсҿыхыҩны дахьрызцәырҵыз аҟәыҕареи аҵара дуи змаз, хара ихәыцуаз, згәы еиҭамԥоз, агәаӷьра злаз Аҧхьагылаҩ.
Аррамаҵура рацәак иазааигәам иацәыхароу азанааҭ змаз аҵарауаҩ, ижәлар ашәарҭара ианҭагыла зеиӷьыҟам /адҵаҟаҵаҩ иҟазшьақәа ааирԥшит. Аԥсуа жәлар ибзианы еилыркаауан уи ижәлари иԥсадгьыли рзы ихы дшамеигӡоз. Игәра ргон, иажәа иацныҟәон. Аибашьраҿы ишдыру еиԥш, еснагь зегь маншәалан изцом, иҟоуп ахьаҵрақәагьы. Убыс еиԥш имариамыз аамҭақәа рзы зегь раасҭа амч аман ажәлар рԥыза иахь ирымаз агәрагара. Уи иалнаршеит Аԥсадгьыл ахақәиҭтәра. Аиааира агара!
Афотосахьақәа ирынхалаз Владислав Арӡынба иԥсҭазаара.
Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80-шықәса аҵра иазкыз афотоцәыргақәҵа аатит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аԥсуа-драматә театр афоие аҿы.
Афотосахьақәа рҿы иаарԥшуп Владислав Арӡынба еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иԥсҭазаареи иусуреи аетапқәа – ихәыҷра, истудентра ашықәсқәа, Аҳәынҭқарра данахагыла ашықәсқәа. Ирацәоуп аԥсуа-қырҭуатә еиҿцәажәарақәа, мамзаргьы аҳәаанырцәтәи адипломатцәа рԥылара ртәы зҳәо аинтерес зҵоу афотосахьақәа. Афотосахьақәа рӷьырак равтор - Владимир Попов.








