pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамҳа 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Пекин имҩаԥысраны иҟоу асахьаркыратә гимнастиказы жәларбжьаратәи атурнир далахәхоит.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҩҵарамза 4, 2025 шықәса рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезидиум апрокурор Хада Адгәыр Агрба  Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апрезидиум «Аԥсныбылтәы» ԥыхьатәи аиҳабы Беслан Аҩӡба иганахьала  акассациатә лкаа азы иҟаиҵаз ахылаԥшратә азԥхьанагаара иахәаԥшит иагьақәшаҳаҭхеит. Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа ала Беслан Аҩӡба имаҵура ихы иархәаны 144 миллион мааҭ инареиҳаны аимҵәаразы  ахара идуп ҳәа ишьақәрӷәӷәан.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. /Алеқсеи Шамба/. Ахаша, абҵарамза 5 рзы «Апаҭырқалтә мҩаду» (Џьанашьиа имҩа) аиқәыршәазаара аконцепциа азы аконкурс аихшьаалақәа ртәы иҳәеит аҳҭнықалақь архитектор хада Беслан Багаҭелиа.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Апарламент ахьӡала Ареспублика Аԥсны Аконтрольтә Палата аколлектив Апалата аԥҵара 15-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аҿы Сталини Бериеи ртеррор аамҭақәа раан массала изеихсны иршьуаз, анаҩс анышә иахьамардоз аҭыԥқәа роуп ҳәа гәҩарас иахьрымоу археологиа-ексгумациатә жрақәа рымҩаԥгара иалагеит.  Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Амԥар.

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥтекатә ҳа «Ракета Маркети» Агәыҳалалратә фонд «Ашанеи» абҵарамза 1 инаркны еицаԥшьыргаз агәыҳалалратә акциа «Ақьиара амза» нарыгӡалоит.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба Баграт Шьынқәба (12.05.1917 – 25.02.2004 шш.) илитературатәи инаукатәи аҭынха анаунагӡатәразы аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 6 - 9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Евгени Вахтангов ихьӡ зху атеатр агастрольқәа мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Аусеилыргаратә ҟәша абҵарамза 1 ауха, асааҭ 23:35 инарзынаԥшуа Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз амҩа-транспорттә машәыр инамаданы, 1997 шықәса рзы ииз Бармышаа Баграт Беслан-иԥа иганахьала ашьаусеилыргара хацнаркит.

Аҟәа. Абҵарамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа дааныркылеит 1986 шықәса рзы ииз Ермантәыла атәылауаҩ Гора Рафаил-иԥа Асатриан.

Гора Асатриан Ермантәыла азинхьчаратә усбарҭақәа рҟынтәи Аԥсны иҽиӡон.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.